Алавердиан афранцыз шансонье Азнавур изы: ихықәкы хада ауаа рыцхраара акәын

© Sputnik / Томас ТхайцукАлик Алавердян
Алик Алавердян - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Афранцыз шансонье Шарль Азнавур иԥсҭазаара далҵит жьҭаара 1 азы.

АҞӘА, жьҭаара 3 – Sputnik. Шарль Азнавур дреиуан ауаа рыцхыраара зыԥсҭазааратә хықәкы хаданы изыԥхьаӡақәоз иҳәеит радио Sputnik аинтервиу азҭаз, ансамбль "Каданс" анапхгаҩы Алик Алавердиан.

Акция Час Земли-2018 за рубежом - Sputnik Аҧсны
Шарль Азнавур игәалашәара иазкны Еифель ибаа хьыԥшшәыланы идырлашеит

"Аџьынџьтәылатә еибашьра аангьы аурым хәыҷқәеи абыргцәеи иҵәахуан Гитлер ируаа ирымшьырц азы. Иара дмузыкант дуун. 600 инареиҳаны ашәақәа иҩхьан, дуаажәларратә усзуҩын. Дарбанызаалак аӡәы ирыцҳара иаҩиршәомызт. Адунеи лаша дазықәԥаҩын", — иҳәоит иара.

Алавердиан иажәақәа рыла ашәаҳәаҩ аерман жәлар рзы иҟаиҵаз акыр ишьардоуп. 1988 шықәсазы Ермантәыла иҟалаз адгьылҵысра ашьҭахь Азнавур дреиуан ацхыраара ҟазҵаз раԥхьатәиқәа.

"Сашьеи иареи еибадыруан. Сашьа Ереван аинвалидцәа рзы аманшәалара апроблема аиҿкаара аус адиулон. Дара алацәажәон адгьылҵысра ашьҭахь ахымхәацәа шырацәаҩхаз, урҭ аԥсҭазаара иаламӡыртә рыҟаҵара шалшо атәы. Усҟан иара ицхыраарала сашьа иҟаиҵаз рацәоуп. Убас, Ереван ицәырҵит аинвалид калиаскақәа шьҭызхуаз автобусқәа, аҩнеихагылақәа рыҩналарҭақәа апандусқәа рыла еиқәдыршәеит. Аусурҭаҭыԥқәа ахьуоуша ацентрқәа аартын. Абарҭ зегьы шамахамзар Шарль Азнавур ибзоуран", — ҳәа еиҭеиҳәоит иара.

Ишықәсқәа акыр ишнеихьазгьы аконцертқәа мҩаԥигон.

"Азнавур знызаҵәыкгьы афонограмма ицимырхырааит. Ииҳәарц ииҭахыз аартны зҿаԥхьа дықәгылоз ауаа иреиҳәон", — иҳәоит Алавердиан.

Шарль Азнавур — Франциа ииз, милаҭла иерманыз ашансонье, зқьы инареиҳаны ашәақәа дравторуп, акино аҟны 80 инареиҳаны арольқәа неигӡеит, аконцертқәа мҩаԥигеит 94 рҟынӡа тәыла рҿы.

Азнавур ианаршьахьан "Ахьтәы лым" (Венециа, 1971), "Сезар" (1997), "Аҳаҭыртә ԥхьахә" (Канн, 2006). 93 шықәса зхыҵуаз Азнавур Голливуд, "Ахьӡ-аԥша аллеиаҿы" аеҵәа ихьӡ ахҵан.

2009 шықәса раахыс Азнавур Ермантәыла ацҳаражәҳәаҩыс Швеицариа дыҟан.

95 шықәса ирҭагылаз афранцыз шансонье Шарль Азнавур иԥсҭазаара далҵит жьҭаара 1 азы.

Ажәабжьқәа зегьы
0