Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Аблоҭиа изанааҭ иазкны: сгәалаҟара шьҭызхуа ак акәны иҟоуп афильмқәа рҭыхра

© Sputnik / Томас ТхайцукРежиссер Вячеслав Аблотия
Режиссер Вячеслав Аблотия - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Жьҭаара 19 рзы 76 шықәса ихыҵит акинорежиссиор, асценарист, акиностудиа "Аԥсуа фильм" адиректор, Аԥсны Жәлар рартист, "Ахьӡ-аԥша" ахԥатәи аҩаӡара занашьоу Виачеслав Аблоҭиа. Зфильмқәа зегьы бзиа еицырбо Виачеслав Андреи-иԥа имшира аҽны арадио Sputnik аинтервиу аиҭеит.

Аблоҭиа изанааҭ иазкны: сгәалаҟара шьҭызхуа ак акәны иҟоуп афильмқәа рҭыхра
"Сгәалаҟазаара шьҭызхуа акәны иҟоуп афильмқәа рҭыхра. Афильм ҭыхны саналгалак, сҭыԥшшаӡа саанхоит, еиҭа исҭаххоит, уи ачымазара бааԥс иаҩызоуп. Сара уахынлагьы аус зуеит, аҭыхра саҿызаргьы, адублиаж ҟасҵозаргьы, уахынлагьы убри сазхәыцуеит, схаҿы иаазгоит акадрқәа. Абыржәы ианҭысхуаз, афильм зегьы схаҿы еиқәыршәаны исыман. Абри абра иаҭыԥуп, абри абара иҟазароуп, абри абас иcҳәароуп ҳәа… Зегьы еиқәыршәаны, еихышәшәо ицарац иҟасҵахьан, ус ауп ишысдырҵаз. Ус иҟаумҵар, нас аҭыхра уаналагалак иуцәеилагоит, аамҭа рацәа агоит, уи анаҩс ахарџьгьы ианыԥшуеит",  — ҳәа азгәеиҭеит Аблоҭиа. 

Ажәабжьқәа зегьы
0