Урыстәыла абџьар аҭыжьреи аҭиреи рзы адунеи аҟны аҩбатәи аҭыԥ ннакылоит

© Sputnik / Рамиль Ситдиков / Амедиаҵәахырҭахь аиасраАвтомат Калашникова АК-308
Автомат Калашникова АК-308 - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Урыстәыла абџьар аҭыжьреи аҭиреи рзы Британиа иаԥыганы, адунеи аҟны аҩбатәи аҭыԥ ааннакылоит. 2017 шықәса рзы абџьарҭира иацлеит 9, 5% рыла. Иахьазы абџьар аҭыжьреи аҭиреи рзы актәи аҭыԥ амоуп ЕАШ (57%).

АҞӘА, ԥхынҷкәын 10 – Sputnik. Аҭынчра апроблемақәа рзы Стокгольмтәи жәларбжьаратәи аҭҵааратә институт алкаақәа иҟанаҵаз рыла, Урыстәыла 2000 шықәса раахыс раԥхьаӡа акәны абџьар аҭиразы аҩбатәи аҭыԥ ннакылеит ҳәа аанацҳауеит РИА Новости.

Аинститут аҭҵаарадырратә усзуҩ еиҳабы Симон Веземан ишиҳәаз ала,  Урыстәыла 2011 шықәса раахыс акыр иацнаҵеит абџьар аҭыжьреи аҭиреи.

2002 шықәса рзы аҩбатәи аҭыԥ ннакылон Британиа ду. Уажәы иара иркьыԥхьыз ареитинг аҿы ахԥатәи аҭыԥ ахь ииасит.

Президент США Дональд Трапм - Sputnik Аҧсны
Трамп игәаԥхом Саудтәи Аравиа Иемен аҿы ЕАШ абџьар ахы ишанархәо

Ареитинг аҿы раԥхьаӡа акәны аӡбахә ҳәан урыстәылатәи анаплакы "Алмаз-Антей". Ари акорпорациа 13-тәи аҭыԥ аҟынтәи (2016ш.) ажәабатәи аҭыԥ ахь ииасит (2017ш.)

Ареитингтә сиаҿ ҷыдала иалкаан рыӡбахә ҳәан: Еидҵоу акорпорациа (40-тәи аҭыԥ ареитинг аҿы), "Высокоточные комплексы" (34-тәи аҭыԥ), "Тактическое ракетное вооружение" (23-тәи аҭыԥ).

"Уралвагонзавод" заҵәык аҳәамҭа ҟанаҵеит аҭирақәа рхыԥхьаӡара ишагнархаз азы. Иара уажәы 66-тәи аҭыԥ 100 рҟынтәи иааннакылоит.

Аинститут ажәахәнҵаҿ иҳәоуп адунеи зегь аҟны абџьартә наплакы иаҿу ааглыхрақәа 2017 шықәса рзы 2,5% 2016 шықәса иадкыланы аҭира ишаздырҳаз; 44% 2002 шықәса иадкыланы ишаздырҳаз, аҭирақәа ишдыртәо: 398,2 миллиард доллар.

Уаанӡеиԥш ЕАШи Европа атәылақәеи асиаҿ аԥхьатәи аҭыԥқәа ныркылоит. 

Аҭынчра апроблемақәа рзы Стокгольмтәи жәларбжьаратә ҭҵааратә институт шьаҭаркын 1966 шықәса рзы. Иара ихьыԥшым аналитикатә центруп.

Ажәабжьқәа зегьы
0