Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Чхьынџьериаԥҳа: анаплыхқәа аныҟасҵо сыԥсы сшьоит

© Sputnik Лана Чхенджерия
Лана Чхенджерия  - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аҟәа имҩаԥгахо аӡынтәи Арт-маркет зхы алазырхәо архитектор-арестовратор Лана Чхьынџьериаԥҳа ацәыргақәҵа иазлырхиаз лнапусумҭақәа арадио Sputnik аҟны дрылацәажәеит.
"Ҳазлацәажәаша ҳамоуп": Чхьынџьериаԥҳа лнаплыхқәа рзы

"Раԥхьаӡа акәны схы аласырхәуеит Арт-маркет. Исырхиеит аԥсаӡ азы ахәмаргақәа, аныҳәазы арҩычагақәа, урҭ аҵла амахәқәа ԥаны ирылсхуеит, насгьы афото зҭаургыло амаҭәарқәа ҟасҵоит. Зегь раасҭа аамҭа рацәа зго аныҳәазы арҩычагақәа роуп, аҵла уԥшаароуп амахәқәа еизганы иуԥароуп, урҭ мышкы-ҩымш срыдхалоит. Схәыҷаахыс анапҟазара сазҿлымҳан, асахьаҭыхрагьы бзиа избон. Анаплыхқәа аныҟасҵо сгәалаҟазаара шьҭыҵуеит, сыԥсы сдыршьоит. Уажәраанӡагьы ахәмаргақәа ҟасҵон Ашықәс  Ҿыц азы, аха урҭ зегьы аҩны азы акәын", - лҳәеит Чхьынџьериаԥҳа.

Ԥхынҷкәынымза 22 -23-рзы Аҟәа имҩаԥгахоит Арт-маркет.

Инеиҵыху аицәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы.

Ажәабжьқәа зегьы
0