Урыстәыла аҳәаахьчаҩцәа ирхарарҵо ахара аҿаԥнаҽит

© Sputnik / Алексей Мальгавко / Амедиаҵәахырҭахь аиасраГорода России. Керчь
Города России. Керчь - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Урыстәылатәи аҳәаахьчаҩцәа жәларбжьаратәи азин анормақәа еиларымгеит ҳәа иҳәоит Урыстәыла адәныҟатәи аусқәа рминистр ихаҭыԥуаҩ Григори Карасин.

АҞӘА, ԥхынҷкәын 19 — Sputnik. Керчтәи аӡыбжьахалаҿы украинатәи аӷбақәа раанкылараанУрыстәыла аҳәаахьчаҩцәа рхымҩаԥгашьаз ирхарарҵо ахара аҿаԥнаҽит ҳәа иҳәоит РИА Новости аинтервиу азҭаз Урыстәыла адәныҟатәи аусқәа рминистр ихаҭыԥуаҩ Григори Карасин.

Урыстәылатәи аҳәаахьчаҩцәа жәларбжьаратәи азин анормақәа еиларымгеит ҳәа инаҵшьны иазгәеиҭеит иара.

"Урыстәыла иарбанызаалак иадырҵо ахара мап ацәнакуеит. Амшынеиқәаҿи Азов-Керчтәи акваториаҿи аҳәаахьчаҩцәа иарбанызаалак жәларбжьаратәи азин анормақәа еиларымгеит. Абри аганахь ала ҳаар ҳпозициа еиҭаҳкраны ҳаҟам", - ҳәа иҳәеит иара.

2018 шықәса абҵара 25 рзы Украина арра-мшынтә флот аӷбақәа "Бердянск", "Никополь", "Яна Капу" Урыстәыла аҳәынҭқарратә ҳәаа еиларгеит, Аӷбақәа Амшынеиқәаҟынтәи Керчтәи аӡыбжьахалахь рхы рханы инеиуан. Убри аан дара мҩаԥызгоз Урыстәыла амшынеиқәатә флоти Афедералтә шәарҭадаратә маҵзуреи аҳәаахьчаратә маҵзуреи рыӷбақәеи рышхәақәеи иаангыларц азы иҟарҵоз адҵа иазхәыцуамызт.

Абри ашьҭахь аӷбақәа ааныркылеит абџьар ахархәарала. Аӷбақәа рҿы 24-ҩык амшынуаа ыҟан, урҭ рҟынтәи ҩыџьа ашәарҭадаратә маҵзура иаусзуҩцәан.

Пиотр Порошенко иҟалаз азы Киев ООН жәларбжьаратәи Аӡбарҭахь ҳашшуеит ҳәа аҳәамҭа ҟаиҵеит.

Ажәабжьқәа зегьы
0