Акаҳуарыцқəа аҧсы рхазҵо Мадина Сангəлиаҧҳа лҟазара

Мадина Сангəлиаҧҳа
Мадина Сангəлиаҧҳа - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Анапҟаза Мадина Сангəлиаҧҳа длыҿцәажәеит Sputnik акорреспондент Сырма Ашəҧҳа.

Сырма Ашәԥҳа, Sputnik

Мадина Сангəлиаҧҳа, Аҟəатəи иаарту аинститут акурорти атуризми рзы аекономикатə хырхарҭала аҵара лҵон. Уи даналга ашьҭахь, аусура далагеит аҳəынҭқарратə усбарҭаҿы. Инеиҧынкыланы аашықəса аус луан, аха нас илыӡбеит лыҧсҭазааратə мҩаҿы даҽа хырхарҭак алылхырц.

Мариетта Матосиан - Sputnik Аҧсны
Анапҟаза: сыԥсы сзыршьо аус сыԥшааит

"Сара уажəы бзиа ибаны сызҿу анаплыхқəа роуп. Ҳара ҭаацəаныла зегьы бзиа иаҳбоит анапҟазара. Уи зҿаҳҵаазгьы санду лоуп. Лара даара бзиа илбон арашьиаҵəы, аҧагаҵəаҳə ала аҧара. Сабгьы, саб иаҳəшьагьы аишəа иқəдыршəуа, иара убас аҟəардə иқəдыршəқəо рҧоит. Абас, иҟоуп саб аҳамҭақəа сан ианылзыҟаиҵало", — лҳəеит Мадина ҳанлыҿцəажəоз.

Мадина Сангəлиаҧҳа даара гəыблыла дылгəалалыршəоит аибашьра анцоз аамҭазы аснариад иашьыз ланду Лашəриаҧҳа Циала. Мадина дшыхəыҷыз инаркны ақалҧадқəа рҧара далагеит, ус-ус амаҭəақəа рышҟагьы диасит.

"Сызлагалакгьы снапы азыманшəалоушəа збоит, иарбан усзаалак нап зсыркуа амҩабжара иаансыжьӡом, аҵыхəтəанӡа инасыгӡар сҭахуп. Насгьы ишабалак, наҟ исҧырызгандаз ҳəа акəымкəа, сгəы-сыҧсы зегьы ахҭынҵаны иҟасҵарц сҭахуп", — лҳəеит Мадина лҟазшьа аҷыдарақəа ҳзаартуа.

Ашықəс ҿыц аламҭалазы Мадина илыӡбеит иҿыцу усхкык аҧшьылгарц.

"Акаҳуа рыцқəа ирылхны аҧсаӡқəа ҟасҵоит, аҧсаӡқəа зладырхио ахəмаргақəа, иара убас хкыла еиуеиҧшым анапкымҭақəа. Сҟазара иахьынӡалшо, сфантазиа аҳəаақəа ахьынӡаҭбаау сыҽҭасыгӡоит. Ҳамҭас изауа гəахəала ирыдыркылап ҳəа сгəы иаанагоит", — лҳəеит анапҟаза.

Сабрина Гунба - Sputnik Аҧсны
Анапҟаза: раԥхьатәи алаԥш аҽацәыхьчагатә напхаҵақәа схәыҷқәа рзы исԥеит

Уажəааигəоуп Мадина ас еиҧш иҟоу аус лнапы аналалкыз, жьҭаарамза инаркны. Уи ус баша илызцəырымҵит, лаҧшьгара ҿыц иамоуп амзыз бзиа.

"Ҽнак, Аурыс драматə театр афоие аҿы сылаҧш иныҵашəеит "кофейный топиарий" ҳəа изышьҭоу анаплых. Сара ас еиҧш иҟоу амаҭəахəқəа анызбо, иаразнак интересс ишьҭысхуеит ишыҟаҵо, иамоу акəама-ҵамарақəа аҵыздыраар сҭаххоит. Иара убасҟан иаразнак азҵаара сызцəырҵит, исзыҟаҵарымашь?" — ҳəа азгəалҭоит Мадина Сангəлиаҧҳа.

Мадина лҿаҧхьа ас еиҧш иҟаз азҵаара ықəлыргылеит шықəсқəак раҧхьа. Ишырҳəо еиҧш, "ухы ззукуа аҽузнакуеит". Инаӡеит аҟаза лыгəҭакы.

"Мышкы акаҳуа аашьҭысхит излагарц. Убасҟан иаасгəалашəеит ақаҳуа рыцқəа ирылхны иҟасҵарц исҭахыз. Гəыҩбарак ҟамҵақəа иаҭахқəаз зегьы аасхəеит, аҷабга, алак, инаркны. Даара амаҭəахə рацəаны иагоит, аамҭагьы рацəаны иаҭахуп. Усумҭак ҟауҵарц азы хҧа-ҧшьба мшы агоит. Раҧхьатəи сусумҭа изласылшоз ала иҟасҵеит, аҩбатəи еиҳагьы еиҕьхеит", — лҳəеит Мадина лусумҭақəа дрызгəыдууны.

© Фото : Instagram/kofeinie_izdeliyaМадина Сангулия
Мадина Сангулия - Sputnik Аҧсны
Мадина Сангулия

Мадина лнапкымҭақəа збаз лҩызцəа даара иргəаҧхеит, иџьаршьеит илылаз аҟазара. Уимоу, аҳамҭақəа рзы иҟалҵаларц лабжьыргеит.

"Аус сыцызуаз аӡҕаб дсыҳəеит х-цырак лзыҟасҵарц. Избанзар, лан бзиа илбозаарын акаҳуа рыцқəа ирылхны иҟаҵоу амаҭəахəқəа, ҳамҭас илылҭарц лҭаххеит. Убас саланахалеит абри аус, аиашазы убри сҩызаӡҕаб лылоуп агəыбылра шыскызгьы. Нас сусура еиҳа аҽарҭбаауа иалагеит", — ҳəа азгəалҭоит анапҟаза.

Мадина Сангəлиаҧҳа лнапкымҭақəа ӡырылгоит аинтернет аҿы иаҧҵаны илымоу лхатə даҟьаҿы: "Кофейные изделия" — "Акаҳуалых" ҳәа хьӡыс измоу. Уантə изҭаху лыҽлымаидоит, игəаҧхаз аусумҭа алихыр илшоит, мамзаргьы иаҿеиҵарц, иара убас, ауаҩы еиҳа илаҿ иааирц, ибарц азы адəқьан "Жанин" аҿы ицəыргақəҵан илымоуп.

"Ҩымз-хымз ирылагӡаны ақаҳуалыхқəа ҩажəаҟа цыра ҟасҵахьеит. Жəацырак дара рыҧшəмацəа рыҧшаахьеит, рыҩнаҭақəа дырҧшӡоит. Аҧсаӡҵлақəа зырҧшӡо ахəмаргақəагьы аамҭа сцəыргоит. Уи саҿымкəа иара амацара саҿызар, еиҳа ирацəаны иҟасҵахьазаарын. Иуадаҩуп цыра-цырала реиқəыршəара, акаҳуарыцқəа реилыхра, еиҧшызароуп, еиҟаразароуп, ишабалак иузҷабӡом, иузеиқəыршəаӡом", — лнапкымҭа амаӡақəа ҳзеиҭалҳəон Мадина.

"Схы зқəыскыз аус саҿуп исгəарҧханы. Аинтернет ала џьара ак збар иҿыцу, уигь аҟаҵара сҽазысшəоит. Ахəмаргақəа рзы амаҭəақəа рҧара интересс исоуит уажəы, хымҧада, зымҩа инсыжьуам. Ҧхынҷкəын 22, 23 рзы "Арт-Маркет" еиҿнакаауа ацəыргақəҵа схы аласырхəырц сҭахуп сусумҭақəа еизганы", — лҳəеит Мадина.

© Foto / предоставлено Мадиной СангулияМадина Сангәлиаԥҳа Арт-маркет аҟны
Мадина Сангәлиаԥҳа Арт-маркет аҟны - Sputnik Аҧсны
Мадина Сангәлиаԥҳа Арт-маркет аҟны

Сара ҳаҭала дсыздыруамызт Мадина. Сҩызаӡҕаб Саида Қəҭелиаҧҳа илыбзоураны ҳаимадара алыршахеит. Саида ислырбеит анапҟаза лнапкымҭақəа, лусумҭақəа. Аиаша шəасҳəап, иаразнак схырхит. Хара имгакəа Мадинагьы саргьы ҳаиқəшəеит, иааигəаны ҳанеибадыр еилкаахеит шьҭрала дшыџьгьардатəыз. Сқыҭа гəакьа Џьгьарда аӡбахə ансаҳа, ҳəарас иаҭахузеи, уи еиҳагьы агəаҧхара сызцəырнагеит.

Ииашаҵəҟьаны, Мадина дхəыҷаахыс илылаз абаҩхатəра аҧсы ҭалҵеит, аҧсҭазаара алҭеит. Аҟазара иара атəы ҟанаҵоит, егьа аамҭа царгьы ахала аҽцəырнагоит, иузыхəаҽуам, аҿиара амҩа ианылоит. Мадина Сангəлиаҧҳа лырҿиартə баҩхатəраҿы илзеиҕьаҳшьоит аихьӡарақəа, еснагь агəалаҟазаара бзиа.

Ажәабжьқәа зегьы
0