Зыдҵа анагӡара иахьымӡаз аԥшыхәҩы: Едуард Ажьиба игәаларшәара аҳаҭыраз

© Фото : предоставлено семьей АжибаГерой Абхазии Эдуард Ажиба
Герой Абхазии Эдуард Ажиба - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны Аџьынџьтәылатәи еибашьра ашықәсқәа рзы Атəылахьчара аминистрра иалкаау аҟəша напхгара азҭоз, арратə ҧшыхəреи аконтрҧшыхəреи рыҟəша еиҳабыс иҟаз, Аԥснытəи арбџьарымчқəа рыштаб хада аиҳабы ихаҭыԥуаҩыс аус зуаз, Аԥсны Афырхаҵа Едуард Ажьиба иԥсы ҭаны дыҟазҭгьы ажьырныҳәамза 12 аҽны 65 шықәса ихыҵуазаарын.

Cырма Ашәԥҳа, Sputnik

Москвантәи Аԥсныҟа еибашьра

Аҧсны Афырхаҵа Едуард Самарди-иҧа Ажьиба диит Гəдоуҭа араион Мгəыӡырхəа ақыҭа, ажьырныҳəамза 12, 1954 шықəсазы. Ростовтəи арадиотехникатə институт даушьҭымҭоуп, Омсктəи иреиҳау амилициа ашкол далгеит "аиурист-зындырҩы" изаанаҭ ала. Германиа арра-маҵзура данахыс, Москва еиуеиҧшым аусбарҭақəа рҿы аус иуан, убри аан еилеигӡон марксизми-ленинзми Москватəи руниверситет аҿы аҵареи аусуреи.

© Фото : предоставлено семьей АжибаАԥсны Афырхаҵа Едуард Ажьиба
Зыдҵа анагӡара иахьымӡаз аԥшыхәҩы: Едуард Ажьиба игәаларшәара аҳаҭыраз - Sputnik Аҧсны
Аԥсны Афырхаҵа Едуард Ажьиба

Анаҩс, дҭалоит СССР аҩныҵҟатəи аусқəа рминистрра Академиа аспирантура, қəҿиаралагьы ихьчоит адиссертациа абри атемала: "Иҕьычу атранспорт аҧшаара". Аиуристə ҭҵаарадыррақəа ркандидат ҳəа аҩаӡара иман, аус иуан СССР Аҩныҵҟатəи аусқəа рминистрра Академиаҿы, анаҩс диаган Урыстəылатəи Афедерациа Аҩныҵҟатəи аусқəа рминистррахь.

© Фото : предоставлено семьей АжибаАԥсны Афырхаҵа Едуард Ажьиба
Зыдҵа анагӡара иахьымӡаз аԥшыхәҩы: Едуард Ажьиба игәаларшәара аҳаҭыраз - Sputnik Аҧсны
Аԥсны Афырхаҵа Едуард Ажьиба

Аҧсны Аџьынџьтəылатə еибашьра ианалага Едуард Ажьиба шьхала, Нхыҵ-Кавказынтəи хатəгəаҧхарала еибашьра иаауаз дрыцны иҧсадгьыл ахьчара дааит. Аҧсны Атəылахьчара аминистрра иалкаау аҟəша напхгара аиҭон, арратə ҧшыхəреи, аконтрҧшыхəреи рыҟəша еиҳабыс дыҟан, Аҧснытəи арбџьарымчқəа рыштаб хада аиҳабы ихаҭыҧуаҩыс аус иуан, иара убас, Аҧсны атəылахьчара аминистрра аҧшыхəратə маҵзура еиҳабыс.

Леон иорден занашьоз Амиран Берзениа - Sputnik Аҧсны
Аҳәынҭқарратә хшыҩи, алидертә ҟазшьақәа змаз аибашьҩы - Амиран Берзениа

Аԥсны атәылахьчара аминистр ихаҭыԥуаҩ Гарри Кәпалба излазгәеиҭаз ала, Едуард Ажьиба ифырхаҵареи, иуаҩреи ихымҩаԥгареи хеибарҭәаауан. Иҟалап, апатриот ҳәа изҳәара иара изы имаҷзаргьы. Ихы мшаҭакәа, иԥшәмаԥҳәыс лнапы ианҵаны хҩык ихәыҷқәа, иусура ааныжьны аибашьра ишалагаз еиԥшҵәҟьа Аԥсныҟа дааит.

"Нанҳәамза 15, 1992 шықәса рзы Едуард Аԥсныҟа даахьан. Гагра ахақәиҭтәразы имҩаԥгаз ажәылараҿы данырхә анаҩс, инагӡаны иҽихәышәтәаанӡа иусуратә напынҵақәа рынагӡара далагеит. Иалиԥшаауан аԥышәа змаз афицарцәа, избанзар ажәыларақәа рымҩаԥгаразы иаҭахын аԥшыхәратә информациа", - ҳәа азгәеиҭоит Кәпалба.

Аԥшыхәра гәыԥ напхгара аҭо

Гарри Кәпалба излеиҳәо ала, Едуард Ажьиба иԥсҭазаара дамеигӡақәа иҳәынҭқаара ахьчара иазикит. Аԥшыхәра инаҷыданы, аконтртә ԥшыхәра мҩаԥнагон иара напхгара зиҭоз аԥшыхәратә маҵзура.

© Фото : предоставлено семьей АжибаАԥсны Афырхаҵа Едуард Ажьиба
Зыдҵа анагӡара иахьымӡаз аԥшыхәҩы: Едуард Ажьиба игәаларшәара аҳаҭыраз - Sputnik Аҧсны
Аԥсны Афырхаҵа Едуард Ажьиба

"Ҳаӷацәа ирҿагыланы иқәԥон, Аԥсныҟа иҭалоз адиверсиатә гәыԥқәа, агентцәа рықәхра иашьҭан. Уахынла дыцәаӡомызт, азакуанқәа рпроектқәа иҩуан, аԥхьаҟа ҳҳәынҭқарра аргылараҿы ицхыраагӡахап ҳәа ԥхьаӡаны. Еиликаауан, аибашьра мышкымзар мышкы ишеилгоз, аҭынчра шыҟалоз", - дҳацәажәон Гарри Кәпалба.

Едуард Ажьиба, иҟалон аибашьра аамҭазы, аԥшыхәратә маҵзура напхгара аҭо иусурҭатә ҭыԥ аҿы дтәазар, аԥшыхәратә гәыԥқәа рнапынҵақәа рынагӡара ишьҭларц, аха ус еиԥш иара иҟазшьамызт иҳәоит ицеибашьуаз иҩыза.

"Едуард Ажьиба, адиверсиатә ԥшыхәратә гәыԥқәа дрыцны ҳаӷацәа ртыл ахь дныҟәон. Исгәалашәоит, агәыԥ хадақәа ашьхатә мҩақәа ранысразы, ԥхынгәымзатәи ажәылара аԥхьа аинформациа рҭахын. Адиверсиатә гәыԥқәа руаки, Едуарди ҳаӷацәа хылаԥшра ззыруаз аҭыԥ аҟынӡа инеит, иаҳҳәозар, Аҟәа амаамынқәа рпитомник аҟынӡа. Уаҟа дара дытҟәаны дыргеит қырҭтәылатәи архәҭа асолдаҭ, анаҩс хра злаз аинформациа рызҭаз. Аиааира агараҿы илша акырӡа ирацәоуп Едуард Ажьиба. Аԥшыхәратә информациа еидыркылоз иабзоураны, Аԥснытәи арбџьарымчқәа аоперациақәа рымҩаԥгаразы алшара рнаҭон, убри алагьы ирацәан ихьчаз ауаатәыҩса рыԥсҭазаарақәа", - Едуард ифырхаҵаратә хҭысқәа игәалаиршәон Гарри Кәпалба.

Гагратəи, ианартəи, хəажəкыратəи, ҧхынгəымзатəи ажəыларақəа дрылахəын. Гагратəи ахырхарҭала имҩаҧгаз ажəылараҿы ахəра ҕəҕəа иоуит. Гагра араион ахы ианақəиҭха анаҩс иаҧҵан Аҧсны атəылахьчара аминистрра иҷыдоу аҟəша, уи еиҳабыс дарҭоит. Анаҩс, аҧшыхəра аҟəша напхгара аиҭон. Ҧхынгəымза аҧхьатəи амшқəа рзы, 1993 шықəса рзы, Аҧснытəи архəҭақəа рыдҵаҟаҵара аҿаҧхьа адҵа ықəыргылан ажəылара мҩаҧыргарц абарҭ ахырхарҭақəа рыла: Сухум ГЕС-Ахалшени, Каман-Шрома, Аҳбҩық-Цугəровка.

Мушни Хварцкия - Sputnik Аҧсны
Ԥсабарала, шьала-дала иеибашьҩыз - Мушьни Хәарцкьиа

Зыдҵа анагӡара иахьымӡаз аԥшыхәҩы

Аҳбҩық ахəыҳаракыра агараан, Едуард Самарди-иҧа Ажьиба иҧсҭазаара ҿахҵəоит. Ари ахҭыс мҩаҧысит Едуард Ажьиба аҧшыхəра ицыз, Аҧсны Афырхаҵа Аполлон Шьынқəба ила ишабоз.

"Аибашьра ианалага цəыбррамзазы ҳаибабеит Едуарди сареи. Даара аҵара ду змаз уаҩын. Москва дызҿыз иусқəа зегьы нкажьны, апатриотцəа ишыҟарҵоз еиҧш, дааны ижəлар дрылагылеит аӡəы ҳəа. Профессионалк иаҳасаб ала, аҧшыхəра аҟəша деиҳабхеит. Иара иҧышəа рыдгалан аҧшыхəра ицоз, аҧышəа змамыз, урҭ раҧхьа дгылан еснагь", - иҳəоит Аполлон Шьынқəба.

Аҧсны Афырхаҵа Едуард Ажьиба аҧсыуа ҵасла иааӡаз, аҧсуа ламыс змаз аҧсыуаҵəҟьан. Аҭаацəара ду далҵит, аҧсадгьыл ахьчара иамаз аҵакы еиликаауан, хаҵаҵасҵəҟьагьы ихы ааирҧшит. Аибашьра аамҭа иалагӡаны Аполлон Шьынқəбеи Едуард Ажьибеи еиҩызцəа гəакьақəаны иҟалеит, изныкымкəа иҩнаҭа даҭаахьан.

Маврик Начҟьебиеи иҷкәыни. - Sputnik Аҧсны
Уи ихы ахтниҵеит ари адгьыл

"Ажəыларақəа зегьы дрылахəын ҧхынгəымзанӡа. Ҧхынгəымза 5 рзы, Цугəровка ҳəа иахьашьҭоу, ҳбатолионк ижəылоз хьамҵыр ҧсыхəа амоуит. Аха, ахəы ааныжьра ҧсрак иаҩызан, шьҭахьҟа ҳар зегьы архынҳəыр ҟалон. Убри аҟынтə ҧшыхəра иареи сареи ҳаицын. Акьыр ахьырӡуа ахаҟынӡа ҳааихьан, абзарбзанқәа идəықəырҵаз ахы ҳаахеит. Иареи сареи хəбаҟа метра ҳабжьан. Ари ҟалеит асааҭ 11 аҟалара хəминуҭк шагыз", - дҳацəажəон Аҧсны Афырхаҵа Аполлон Шьынқəба.

Аибашьра еибашьроуп, уи иацуп хырҧашьа змам аҧсҭбарақəа. Шаҟа ихьааузеи убла ишабоу аибашьра адəаҿы уҩыза данувыршьаауа, акала ацхыраара анузимҭо, аҧсра алакҭа уанеицҭаҧшуа. Усҟан досу иразҟы шицныҟəо ауп. Аполлон Шьынқəба хьаала игəалаиршəоит иҩыза иҭахара, уи хашҭра зқəым хҭысны иҧсҭазаараҿы иаанхоит.

© Фото : предоставлено семьей АжибаАԥсны Афырхаҵа Едуард Ажьиба
Зыдҵа анагӡара иахьымӡаз аԥшыхәҩы: Едуард Ажьиба игәаларшәара аҳаҭыраз - Sputnik Аҧсны
Аԥсны Афырхаҵа Едуард Ажьиба

"Абзарбзан аныҧжəа, ҳааигəа амаҕ ахыиааны абардра ыҟан, аҳаргь еиҧш акы ахагылан, сара убра сықəнажьит. Едуард итҟəацыз аҧҽыхақəа иқəшəан иара уаҵəҟьа аҭыҧан иҧсҭазаара далҵит. Ашьҭахь, Едуард дрыҧшааит, сара сырзымыҧшааит. Иара дыҧшааны данхаргала, усҟан Гена Ҷанба иакəын абригада еиҳабыс иҟаз, еиҭа ирхынҳəны иааишьҭит. Урҭқəа акагь сгəалашəаӡомызт, аха амедицинатə цхыраара анысзыҟарҵа сааҧшит, иара ахьаца амҵан аносилка данҵаны дгылан", - игәалаиршәоит Шьынқəба.

Ҭемыр Ажьиба - Sputnik Аҧсны
Аибашьра иаӡрыжәаз ақәыԥшра

Усҟан, Аполлон Шьынқəба ихахьы изаамгеит иҩыза уаҳа иҧсы ҭам, ҳаҕацəа дҭадырхеит ҳəа. Аха, усҟан Едуард Ажьиба иқəшəахьан дызгашаз ахы.

"Азныказы, иаргьы дхəуп ҳəа агəаанагара соуит. Сара агоспиталь ахь сыргеит. Ҧыҭрак ашьҭахь исаҳаит иҧсҭазаара дшалҵыз. Уи ахаҵара, агəымшəара иааирҧшыз азгəаҭаны, Аҧсны Афырхаҵа ҳəа ахьӡ ҳаракы ихҵоуп", - ҳəа азгəеиҭеит Аполлон Шьынқəба.

Агәымшәара, агәыразра

Аибашьра анаҩсангьы, ауаҩы иҟазшьа, иааӡара, иаамысҭашəара иаразнак улаҧш иҵамшəарц заалшом. Урҭ аҟазшьақəа зегьы илан Едик ҳəа азгəеиҭоит Аполлон Шьынқəба.

"Иаҧсуара, игəымшəара, игəыразра еицакра ақəым. Дуаҩы ҟəымшəышəын, ианаҭахызгьы аџьбарара илан,иҿабызшəа хаан, иччаҧшь разын. Еибашьуаз зегьы иара иашьцəа гəакьақəа реиҧш дырзыҟан. Дыздыруаз зегьы иаргьы убас гəыблыла изыҟан, ргəы дҭынҵəом. Едуард Ажьиба, аҧхьаҟа даара аҧеиҧш бзиа заураны иҟаз иакəын, аха илахьынҵа кьаҿхеит умҳəозар. Иҧсҭазаара ақəиҵеит Аҧсны Аиааира агара. Уи иаанагоит ихьӡ хьтəы нбанла аҭоурых ианхалоит ҳəа", - абас, иҩыза гəакьа дигəалаиршəеит Аҧсны Афырхаҵа Аполлон Шьынқəба.

Едуард Самарди-иԥа Ажьиба ифырхаҵареи иуаҩреи ԥсра-ӡра рықәымкәа наунагӡа Аԥсны аҭоурых иазынхоит. Иара иааигәа иҟаз, амаҵзура ицахызуаз зегьы есышықәса дыргәаладыршәаразы иҳаҭгәын иаҭаауеит, иӡбахә иалацәажәоит, дырхадыршҭуам.

Ишырҳәо еиԥш, Афырхаҵа шаҳаҭ диҭахӡам, Едуард Ажьиба еиԥш иҟаз афырхацәа, дара рфырхаҵара шаҳаҭра рызнауеит, Аԥсадгьыл иагәалашәоит.

© Фото : предоставлено семьей АжибаАԥсны Афырхаҵа Едуард Ажьиба
Зыдҵа анагӡара иахьымӡаз аԥшыхәҩы: Едуард Ажьиба игәаларшәара аҳаҭыраз - Sputnik Аҧсны
Аԥсны Афырхаҵа Едуард Ажьиба

 

Ажәабжьқәа зегьы
0