"Аԥсныбылтәы" агаз аҭира 50 процент иацлеит

CC0 / / Абылтәы
Абылтәы - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аилахәыра "Аԥсныбылтәы" адиректор хада ихаҭыԥуаҩ Валери Антонов Sputnik иазеиҭеиҳәеит иӡыҭуа агаз аҭира ишацлаз.

АҞӘА, жәабран 21 – Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Иӡыҭуа агаз аҭира 50 процент иацлеит ҳәа аилахәыра "Аԥсныбылтәы" адиректор хада ихаҭыԥуаҩ Валери Антонов Sputnik иазеиҭеиҳәеит.

Аԥсныбылтәы афымцалашара арцәаразы: агаз азхара ҳамоупмах  - Sputnik Аҧсны
"Аԥсныбылтәы" афымцалашара арцәаразы: агаз азхара ҳамоуп

"Афымцалашара арцәара иалагаанӡа абылтәы бжьаратәла мышкы аҩныҵҟа ҩ-тоннак ҳҭиуан. Иацы, афымцалашара андырцәа ашьҭахь агаз аҭира х-тоннак ихалеит", - иҳәеит иара.

Валери Антонов иазгәеиҭеит агаз балонк 650 мааҭ ишаԥсоу, агаз аҭира знапы иаку "Абхаз газ плюс" шакәу.

"Анаплакы макьаназ агаз аҭахра анализ ҟанамҵац, избанзар афымцалашара дырцәоижьҭеи макьана мышкоуп иҵуа. Аамҭақәак рышьҭахь еилкаахоит аха ишысҳәаз еиԥш агаз азы еиҵахара ҟалом. Агаз ахархәара аҽарҭбааргьы "Аԥсныбылтәы" "Роснефть" ахь азыҳәа ҟанаҵар алшоит.мышқәак рыҩныҵҟа Аԥсныҟа агаз ааргоит", - ҳәа иҳәахьан уаанӡа Антонов.

Афымцалашара аамҭа-аамҭала идырцәалоит жәабран 20 инаркны

ЕгрыГЕС зынӡа аусура аанкыламхарц азы Аԥсны иахьаҵанакуа жәабран 20 инаркны афымцалашара дырцәалоит ҳәа аанацҳаит "Амшынеиқәафымцамч" апресс-маҵзура.

Жәабран 19, 2019 шықәса рзы иҟоу азыԥхьагәаҭарала ЕгрыГЕС хәажәкыра-мшаԥы амзақәа рзы 310 миллион киловатт-сааҭ афымцамч арҿиара алшоит. Убри аан Аԥсны афымцамч ахархәара 366 миллион киловатт-сааҭ итәоит. Адефицит 56 миллион киловатт-сааҭ шьақәнаргылоит ҳәа аҩуеит аиҿкаара апресс-маҵзура.

Ажәабжьқәа зегьы
0