Автомашьынақәа рсаркьақәа рырлашьцара аԥҟарақәа ԥсыҽыртәуеит

© Sputnik / Григорий Собченко / Амедиаҵәахырҭахь аиасраАвтомашьынақәа рсаркьақәа рырлашьцара
Автомашьынақәа рсаркьақәа рырлашьцара - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны Жәлар Реизара 2012 шықәса рзы автомашьынақәа рсаркьақәа рырлашьцаразы азин ааныркылеит.

АҞӘА, жәабран 22– Sputnik, Бадри Есиава. Ахәаша, жәабран 22 рзы Аԥсны Жәлар Реизара - Апарламент адепутатцәа автомашьынақәа рсаркьақәа рырлашьцара аԥҟарақәа рыԥсахит.

Абри аԥшьгара ҟаиҵеит адепутат Алмас Џьапуа. Иара анорма ҿыцқәа шьақәыргылазарц ажәалагала ҟаиҵеит: ашьҭахьтәи асаркьақәа амашьына зтәу ишиҭаху ирлашьцоит; аганахьтәи асаркьақәа алашара аужьра 30% иреиҵамкәа ирымазароуп, аԥхьатәи асаркьа хыхьтәи ахәҭа арлашьцара 10 сантиметрак ада илаҟәымхароуп.

Заседание парламентской комиссии - Sputnik Аҧсны
Аԥсҟы зку анаркотикқәа рзы шықәсыбжак амашьына аныҟәгара азин рымырхуеит

"Автомашьына шынеибаку арлашьцара атәы ҳҳәаӡом. Изныкымкәа ААИ анапхгара ҳрацәажәахьеит. Егьырҭ атәылақәа рҿы абри аганахьала азакәанԥҵарақәа ҭаҳҵаахьеит", - ҳәа иҳәоит иара.

Абри азҵааразы адепутатцәа ргәаанагарақәа акыр еивыган. Ирацәаҩын, арҭ анормақәа иашам, ареспублика амҩақәа рҿы иара усгьы аҭагылазаашьа уадаҩуп, ҳәа ахызҳәааз. Дара ргәаанагарала, алашьцара амҩабара аруадаҩуеит, аиҳаракгьы амш аныцәгьоу, ма уахынланы.

Егьырҭ ари аметод ААИ асистемаҿ акоррупциа иаҿагыло методны иршьеит – автоинспекциа аусзуҩцәа џьоукы рмашьынақәа рсаркьақәа зегьы неибеиԥшны ишеиқәаҵәоугьы, акгьы анахырымҳәаауа аамҭазы, даҽа џьоукы иара абри азы аштраф ддыршәоит.

Ижәны амашьына аԥсҟы зку ршьа анализ ала рҭагылазаашьа гәарҭалоит

Иахьа аус зуа автомашьынақәа рсаркьақәа рырлашьцаразы аԥҟарақәа Аԥсны Жәлар Реизара 2012 шықәса рзы иаднакылеит.

 

Ажәабжьқәа зегьы
0