Арҷелиаԥҳа адиспансеризациазы: хәыда-ԥсада угәарҭозар, ҳымԥада уҽалаурхәыроуп
"Адиспансеризациа есышықәса иҟаҵалатәуп, избанзар, ҳауаажәлар ргәабзиара уашәшәырахо иалагеит. Ирацәахеит акьыбатә, иара убас еиуеиԥшым аҿкы чымазарақәа. Сынтәа Аԥсныҟа иааит Урыстәыла афедералтә медицина-биологиатә маҵзуреи афедералтә клиникақәеи рҳақьымцәа. Дара еиқәшәоуп амедицинатә мыругақәа рыла, уа ҳауаажәлар рхы гәарҭар рылшоит. Ауааԥсыра ргәабзиара иазҿлымҳазароуп, аҳақьымцәа хәыда-ԥсада угәарҭозар, ҳымԥада уи ухы алаурхәыр ауп. Ҳауаажәлар бзиа ирбаӡом аҽгәаҭара, ахьаа роуаанӡа аҳақьым иахь иааиӡом, аха ачымазара заҟа заа иуԥшаауа аҟара, уԥсҭазаарагьы еиқәурхоит", - ҳәа азгәалҭеит Арҷелиаԥҳа.
Инеиҵыху аиҿцәажәара шәаҳар шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҟны.