Ахьшәашәареи аԥхарреи ианырзеимакырҭоу, ма "Есхьар" амшқәа зыхҟьаз

CC0 / / Ақәоура
Ақәоура - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Абжьыуаа рҟны "Есхьар" ҳәа рыхьӡны мшаԥымзазы иалыркаауа амшқәа ртәы дазааҭгылоит Sputnik аколумнист Сусанна Ҭаниаԥҳа.

Сусанна Ҭаниаԥҳа, Sputnik

Рҽеиҭнырыԥсахлоит ашықәс аамҭақәа, урҭ досу ианраамҭоу иблахкыгоу ацәаҩа рыҟәнуп. Ашықәс аамҭақәа инарылукаауеит ааԥын – шәыгарацәала ихырҷоу, ишәҭышу, игәыҟаҵагоу. Убарҭ аҟазшьақәа рзы ари ашықәс аамҭа бзиа изымбо даараӡа имаҷуп.

Амра агылара - Sputnik Аҧсны
Аҵхи амши реиҟарара – амра агылара иазку аныҳәа

Аха иҟалалоит ааԥын ҟәымшәышә алеишәа џьбара анаанарԥшуагьы, еиҳараӡакгьы уи убарҭоуп хәажәкырамза инаркны мшаԥымза аҽеиҩшамҭанӡа (ахьшәашәареи аԥхарреи ианырзеимакырҭоу). Мшаԥымза ҳанҭалалак шьҭа ааԥынра агәҭылсараҿ ҳаҟоуп ҳгәахәуеит, аха иазгәаҭатәуп, аԥсуаа ржәытә мзар инақәыршәаны ааԥынтәи аԥхарра аҽарӷәӷәоит ҳәа иазырыԥхьаӡоз "Есхьар" анықәҵлак нахыс шакәу. Хаҭала "Есхьар" аӡбахә ахьырҳәо абжьыуаа рҟноуп, абзыԥқәа рҟны шамахамзар иуԥылаӡом. Иагьа ус акәзаргьы, ажәа "Есхьар" ахаҭа иаанаго, цәырҵшьаз иаиуз иахьазы инҭкааны абжьыуаа рҿгьы иуеилзыркаауа уаҩы дуԥылом, еиқәымхаӡеит.

Зимнее озеро Рица - Sputnik Аҧсны
Аӡын шӡыну имҩасыр аԥсабара ахаҭагьы иаҭахуп, ма аԥсуаа асы анауа злардыруа

"Есхьар" ҳәа изышьҭоу иалкаау мшқәоуп. Дара есышықәса мшаԥымза арыцхәқәа жәиԥшь, жәохә, жәаф ирықәшәоит, рҽеиҭаркӡом. "Есхьар амшқәа зыхҟьаз" ҳәа абжьыуаа рҟны иҟоу аҳәамҭақәа руак ҳзеиҭеиҳәеит Ԥақәашь ақыҭантәи анхаҩы, ҩынҩажәи жәаха шықәса ирҭагылоу Сурам Ҭаниа:

"Ажәытәан нхаҩ бзиак дынхон. Арахә-ашәахә рацәаны иман. Аӡынра дӷыҵысит, "ааԥынра ааит" ҳәа дӷәырӷьаҵәа дыҟан. Аха хәажәкырамза аанҵәоны ирахә ириҭаша аҟашәа ицәмаҷхеит. "Абри амза сызнырҵәандаз" ҳәа дгәыӷуан. Аха хәажәкырамза гызмалын, иаӡбеит анхаҩ ирахә зегьы ннарҵәарц. Абас аамҭа цеит, хәажәкырамзагьы жәытәла иқәҵит (азгә. - мшаԥымза 13 рзы ажәытә мзар ала хәажәкырамза нҵәоит, иаашар мшаԥымза акы ҳәа итәоит).

Празднование одного из старейших праздников абхазов Ацуныҳәа в селе Дурипш - Sputnik Аҧсны
Аԥсуа жәлар рамзар

Анхаҩ ирахә рнырҵәара згәы иҭакыз хәажәкырамза ықәланы ицан мшаԥымзаҿы иамнаԥсахит хымш – жәиԥшь, жәохә, жәаф. Арҭ амшқәа бааԥсхеит аԥша цәгьа ҟалеит, ақәа, асы - зегь леит. Анхаҩы ирахә ажәҭра изҭымҵуа иаанхеит.

Анхаҩы днахәыц-аахәыцын, "уажә сырахә ажаҳәара иалагар, амла исцәынҵәоит" иҳәан, ацгәы аҳаҭа иҭартәаны иманы даан, арахә ахьыҟаз инаганы ирылакнаиҳаит. Ацгәы бӷьарҭцыԥхьаӡа арахә мжаҳәаӡакәа, рхы раҳаны аҳаҭахь ишыԥшуаз хымш рхыргеит. Нас амш бзиахан, анхаҩы ирахә-ишәахә еибга-еизҩыда иааизынхеит. Абас анхаҩы ихҭыгәлаз ахьҭа бааԥсы гызмалрыла даиааит".

Убри хәажәкырамза цаны мшаԥымзаҿы ахымшк иаԥсахыз арыцхәқәа – жәиԥшь, жәохә, жәаф рзы "Есхьар" ҳәа иахьӡхалеит. Абарҭ ахымш рынахыс абжьыуаа ахьҭа аҽыԥхьанакуеит, ԥҳаррахоит ҳәа азгәарҭоит.

 

Ажәабжьқәа зегьы
0