Гәылрыԥшь араион аҿы адиспансеризациа аҿҳәарақәа еиҭакуп

© Sputnik / Томас ТхайцукГәылрыԥшь араион аҿы адиспансеризациа аҿҳәарақәа еиҭакуп
Гәылрыԥшь араион аҿы адиспансеризациа аҿҳәарақәа еиҭакуп - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Гәылрыԥшь араион аҿы адиспансеризациа мҩаԥысраны иҟоуп мшаԥы 24 - 27 рзы.

АҞӘА, мшаԥы 23 – Sputnik, Бадри Есиава. Иааиуа аныҳәатә мшқәа инарыдҳәаланы Гәылрыԥшь араион аҿы адиспансеризациа хәымш рцынхәрас хымш рыла имҩаԥгахоит, аха убри аан адкылараз асааҭқәа ирыцырҵоит ҳәа иҳәоит Гәылрыԥшьтәи араионтә хәышәтәырҭа аҳақьым хада Гурам Шьоуа.

Дмитрий Габлия - Sputnik Аҧсны
Арадио
Габлиа Гәылрыԥшь араион аҿы адиспансеризациа азы: иазалху амшқәа маҷуп

"Апациентцәа ааиуанаҵы иҳадаҳкылалоит. Апроцесс арласуеит апациент ичымазара ашьақәыргыларазы аҳақьымцәа зегь рахь акәымкәа хаҭала, иара дызхашшауа знапы иану аӡә иахь ауаа рынашьҭра. Ихымԥадатәины иҟоу афлиурографиа, ашьа азеиԥш анализ, акардиограмма роуп", - иҳәоит Шьоуа.

Ахаша, асааҭ 17:00 рзы адиспансеризациа иахысхьан 420-ҩык рҟынӡа ауааԥсыра. Урҭ рҟынтәи 80-ҩык хәыҷқәоуп иҳәоит Шьоуа.

Аԥсны ауааԥсыра рзеиԥш диспансеризациа хацыркын 2019 шықәса мшаԥы 5 рзы. Гал араион аҿы адиспансеризациа мҩаԥысит мшаԥы 5 - 11 рзы, Тҟәарчал араион аҿы – мшаԥы 11 - 16 рзы. Гәылрыԥшь араион аҿы адиспансеризациа мҩаԥысраны иҟоуп мшаԥы 24 - 27 рзы.

Очамчыра адиспансеризациа: 63-ҩык ҳуааԥсыра Урыстәыла ацхыраара роур алшоит

Урыстәыла Афедералтә медицина-биологиатә маҵзура (ФМБА) аҟазацәа рыбригада, 2018 шықәса ԥхынҷкәын азы Аԥсны агәабзиарахьчара асистема аҿиара ацхрааразы аиқәшаҳаҭрақәеи Урыстәыла агәабзиарахьчара аминистр Вероника Скворцовеи Аԥсны агәабзиарахьчара аминистр Ҭамаз Ҵахнакьиеи реинырреи инарықәыршәаны Аԥсныҟа иааит ареспублика ауааԥсыра адиспансеризациа рахыжьразы.

 

Ажәабжьқәа зегьы
0