Перу аа-баллк иҟаз адгьылҵысра ҟалеит

CC0 / / Перу
Перу - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Амҽыша, лаҵара 26 ашьыжь Перу иҟалаз адгьылҵысра ахы ыҵнахит аокруг лагунас 83 километра инацәхыкны, арегион Сан-Мартин аҿы.

АҞӘА, лаҵара 27— Sputnik. Змагнитуда 8 баллк инаӡоз адгьылҵысра аҭыԥ аман Перу аҩадатәи ахәҭаҿы.

ЕАА Агеологиатә маҵзура (USGS) адыррала лаҵара 26 ашьыжь Перу иҟалаз адгьылҵысра ахы ыҵнахит аокруг лагунас 83 километра инацәхыкны, арегион Сан-Мартин аҿы.

Адгьыл ҵысит 115 километра адгьылаҵаҿ ашьыжь, асааҭ 07:41 (10:41 мск) рзы.

Иҭахаз рыӡбахә ала макьаназ дырра ыҟам.

Ажәабжьқәа зегьы
0