"Раԥхьаӡа акәны Аԥсны еизгоу акоманда салоуп. Иара акоманда иалоу абжеиҳараҩык ҿыцқәоуп, иҟоуп ҷыдала Урыстәылантәи иааз, иҟоуп еиуеиԥшым Аԥсны акомандақәа рҟынтә ашьапалампыласыҩцәа. Зегьы аҽазыҟаҵара ҳаҿуп, амилаҭтә гәыԥ алахәхара еиӷьу абаҟоу? Ҳхықәкы акоуп, Аԥсны ахьыӡ аизырҳара. Ҳқәыԥшқәоуп, аха ҳгәы ԥхьаҟа иҳахоит. Сара ҩажәа шықәса схыҵуеит. Гагратәи акомандазы сыхәмаруеит, агәыбжьанытә ахьчаҩыс сыҟоуп, аха ҳазыҟаҵаҩ ҳҭыԥқәа иԥсахуеит, ҳгәаиҭоит, анаҩс ауп иалкааны ҭыԥк аҿы ҳанаанхо. Ҳазыҟаҵаҩ хада аҽазыҟаҵарақәа х-етапк рыла еишеит. Зны иԥсабаратәым адәаҿы ҳҽазыҟаҳҵон, уажәы аҳаскьын ахь ҳаиасит. Иахьатәи аамҭазы хықәкыла раԥхьатәи ахәмарра, Чамериеи ҳареи ҳаиқәшәара, ҳҽазыҟаҳҵоит" – азгәеиҭеит Дгьебуаӡе.
Инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩы арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы.