АҞӘА, рашәара 14 - Sputnik. "Пари Сен-Жермен" ажәылаҩ Килиан Мбаппе адунеи аҟны реиҳа зхыршәаауа ашьапылампыласыҩ ҳәа дшьоуп (252 миллиона евро) ҳәа аанацҳауеит РИА Новости ашьапылампыл аҟны аспорттә ҭҵаарақәа Жәларбжьаратәи рцентр (CIES Football Observatory) адыррақәа ҵаҵӷәыс иҟаҵаны.
© AFP 2023 / FRANCK FIFEКилиан Мбаппе
![Реиҳа зхыршәаауа ашьапылампыласыҩцәа рреитинг шьақәыргылоуп Реиҳа зхыршәаауа ашьапылампыласыҩцәа рреитинг шьақәыргылоуп - Sputnik Аҧсны](https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/102762/82/1027628254_0:0:3072:2048_600x0_80_0_0_c4f69b44a39f0372535303902c3dffa1.jpg)
Килиан Мбаппе
© AFP 2023 / FRANCK FIFE
Аҩбатәи аҭыԥ никылоит "Ливерпуль" ажәылаҩ Мохаммед Салах (219,6 млн). Ахԥатәи аҭыԥ никылоит "Манчестер Сити" ахәмарыҩ Рахим Стерлинга (207,8 млн).
"Барселона" ажәылаҩ Лионель Месси – аԥшьбатәи аҭыԥ никылоит (167,4 млн). "Ювентус" афорвард Криштиану Роналду (118,1) –20-тәи аҭыԥ.
Урыстәыла ахаҭарнакцәа европатәи алига иаламшәеит.
© AFP 2023 / JEFF ZELEVANSKYМохаммед Салах
![Реиҳа зхыршәаауа ашьапылампыласыҩцәа рреитинг шьақәыргылоуп Реиҳа зхыршәаауа ашьапылампыласыҩцәа рреитинг шьақәыргылоуп - Sputnik Аҧсны](https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/102762/86/1027628683_0:0:2047:3173_600x0_80_0_0_62e4a897cec265a91cf7a6a46443dd3e.jpg)
Мохаммед Салах
© AFP 2023 / JEFF ZELEVANSKY