Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Берзениа: анаркоманиа атемала апроект аус адулара ҳаҿуп

© Sputnik / Томас ТхайцукВалерий Берзения
Валерий Берзения - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аҿартә политиказы аҳәынҭқарратә еилакы аспециалист Валери Берзениа Sputnik арадиостудиаҿы еиҭеиҳәеит анаркоманиа атемала аилак имҩаԥнаго аусура атәы.
Ҳазлацәажәаша ҳамоуп: Берзениа аҿар рзы еиҿкаау аусмҩаԥгатәқәа рзы

Рашәарамза 26 адунеи аҿы иазгәарҭоит анаркотикатә маҭәашьарқәа ирҿагыланы ақәԥаразы амш. 

"Абыржәы аус адулара ҳаҿуп апроектқәа анаркоманиа азҵаатәы ала. Ҳгәы иҭан аԥхынтәи алагерь еиԥш иҟаҳҵарц. 17 шықәса зхыҵуа ахәыҷқәа еизганы, ҩымчыбжь раҟара аԥсшьареи аиԥыларақәеи рзеиҿкаара. Анаркоманиа атема даара ицәгьоу темоуп, иара хшыҩзышьҭрала иазнеитәуп, аҿар ирацәажәалатәуп, ари аус еснагь имҩаԥгалатәуп", - иҳәеит Берзениа.

Аҿартә политиказы аҳәынҭқарратә еилакы аспециалист иажәақәа рыла ааигәа гәыԥҩык аҿар ирзырхо апроект аиқәыршәара азҵаарала аилак ахь инеит.

"Иара ашкол иалго рзы ихәарҭоуп. Рхы ззыркша амҩа алхраҿы ирыцхраауеит.  Ари апроект нанҳәамзазы ихацыркхоит, иҟалоит алекциақәа рацәаны, даара хра аланы ҳахәаԥшуеит, аҿар рнапы зларкшы зынӡа иҟам ҳәа узҳәом", - азгәеиҭеит Берзениа.    

Инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩы арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы.

Ажәабжьқәа зегьы
0