Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Аџьба еиҭеиҳәеит араионқәа рҟны амедицинатә ҭыԥқәа русушьа шеиҿкаау

© Sputnik / Томас ТхайцукАхра Аджба
Ахра Аджба - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Хәшәылеи амедицинатә маҭәашьарқәеи рыла аиқәыршәаразы агәабзиарахьчара аминистрра аусбарҭа аиҳабы Ахра Аџьба арадио Sputnik аҟны иҳәеит араионқәа рҟны амедицинатә ҭыԥқәа русушьа шеиҿкаау.
Хра злоу ахҭысқәа: Аџьба араионқәа рҟны амедицинатә ҭыԥқәа русушьа атәы

"Аԥсны ахы- аҵыхәа амедицинатә пунктқәа 73 ҳамоуп, дара раионцыԥхьаӡа еиҿкаауп. Аҟәа араион аҟны ҩба ҳамоуп, Очамчыра араион -24, Гәдоуҭа араион-21, Гагра араион-8, Гәылрыԥшь- 6, Гал-хәба. Арҭ афершал акушертә ҭыԥқәа рахь иаҵанакуа роуп, егьыс иҟоуп аҳақьымтә амбулаториақәагьы. Арҭ аҩбагьы злеиԥшым амбулаториақәа рҟны аҳақьымцәа ыҟоуп. Гал араион аҟны ус еиԥш аҭыԥқәа хԥа ыҟоуп, Гагра араион 4, Гәылрыԥшь араион аҟны ҩба. Арҭ аҭыԥқәа зегьы ауаҩы ахәшәтәырҭа хадаҟны днаргаанӡа раԥхьатәи ацхыраара иҭара иазкуп. Ас еиԥш апунктқәа араионқәа ирыдуп, уалафахәылагьы хәшәылагьы еиқәзыршәо дара роуп. Ацхыраара анырҭаху агәабзиарахьчара аминистрра аҟынтәи ианроуагьы ыҟоуп. Амедицинатә ҭыԥқәа араионқәа рҟны машьынала еиқәыршәаӡам, избанзар ацхыраара лас амаҵзурақәа ыҟоуп. Очамчыра хазы ацхыраара лас амаҵзура ыҟамзаргьы ахәшәтәырҭа аҟынтәи амашьына рышьҭыртә аҭагылазаашьа рымоуп. Араионқәа рҟны еиҿкаау амедицинатә ҭыԥқәа рҿы ацхыраара лас азы аԥара ахшәаара аҭахӡам", - иҳәеит Аџьба.

Инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы.

Ажәабжьқәа зегьы
0