Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Ԥлиаԥҳа: уеизгьы иҟаӡам ҳәынҭқаррак алхрақәа хьаан иахьымҩаԥымсуа

© Sputnik / Томас ТхайцукДалила Ԥлиаԥҳа
Далила Ԥлиаԥҳа - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аполитолог Далила Ԥлиаԥҳа арадио Sputnik аефир аҟны иазгәалҭеит алхрақәа иарбан тәылазаалакгьы хьаада имҩаԥысуеит ҳәа шузымҳәо.
Ԥлиаԥҳа: уеизгьы иҟаӡам ҳәынҭқаррак алхрақәа хьаан иахьымҩаԥымсуа

"Алхрақәа, иахьатәи аҭагылазаашьа ҳахәаԥшуазар, изныкымкәан-иҩынтәымкәан Аԥсынра имҩаԥысуеит. Аԥсуаа ҳхымҩаԥгашьа, ҳҭагылазаашьа шеиҿкаау ҳрылацәажәозар, уеизгьы-уеизгьы иҟаӡам ҳәынҭқаррак алхрақәа хьаан иахьымҩаԥымсуа. Агәаанагара рацәа еснагь иҟоуп, еиӷьу-еицәоу ахаангьы инҵәаӡом. Аха аполитикатә процессқәа асовет аамҭақәа ран имҩаԥысуази иахьатәи аамҭеи еиҿурԥшуазар, геи–шьхеи рыбжьоуп. Анкьатәи асовет республикақәа, иахьа хазы иҟоу аҳәынҭқаррақәа рҟны алхрақәа даара чмазараны ирхыргоит. Ҳара аԥсуаа ҳзыҳәангьы иҿыцу ҳәа акгьы ыҟаӡам, ҳаргьы чмазараны иаҳхаагоит. Аха уи аԥхьа иаҳхаагахьоу еиҿҳарԥшуазар, хәыҷы-хәыҷла аҭышәныртәаларахь ҳаиасуазшәа убаратәы иҟоуп. Раԥхьаӡа агәылеи-агәылеи рыбжьара ақәымчрақәа цозҭгьы, иахьа алафгьы анахаҳҳәаауа ыҟоуп. Абри сыбжьы исҭоит иҳәоит, уа даннеилак даҽаӡәы ииҭоит. Хымԥада, досу азин имоуп ииҭаху ибжьы ииҭарц, уара абри абжьы зиуҭазеи ҳәа иахырҟьара иашам. Аԥсуаа зегьы уала–ҭахыла ҳаибаркуп, аха абраҟа уала–ҭахыла акәымкәа, досу игәаанагароуп ихадароу. Дҩашьазааит, дҩашьазаргьы, иара изиҭаху ибжьы ииҭозароуп. Аҭагылазаашьа аполитикатә зин аганахьала ҳахәаԥшуазар, досу игәаанагаразы азин имазароуп. Ҳполитикатә культура аҳаракыра ашьҭыхра ҳахәаԥшуазар, аамҭа убриаҟара имаҷны ицахьеит, 10-15 шықәса рыла, иагьа иаҳҭахызаргьы, ишьҭкәыцәаа иҳазнагаӡом, избанзар ари аԥышәа, аԥсҭазаара иагәылҵны иаауа, ахала ушьҭнахроуп", - ҳәа азгәалҭеит аполитолог Далила Ԥлиаԥҳа.  

Аинформациатә агентреи арадиои Sputnik Аԥсны Алхратә комиссиа хадаҟны Жәларбжьаратәи апресс-центр аҿы нанҳәа 25 рзы иаанартит анҭыҵтәи арадиостанциа, иара убас ишиашоу ицо аефирқәеи, атексттәи авидеотранслиациақәеи мҩаԥнагоит асаити асоциалтә ҳақәеи рҟны.

Инарҭбаау аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҟны.

Ажәабжьқәа зегьы
0