Иура Ашәба: сҩызцәа ансывыршьаауаз сыбла ихыҵраны иҟаӡам

© Foto / Сырма АшубаИура Ашәба
Иура Ашәба - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра аветеран, 18 шықәса анихыҵуаз аӷа ихы иаҿагылаз Иура Ашәба иҭоурых.

Сырма Ашәԥҳа, Sputnik

Аҭынч ԥсҭазаара еиԥзырҟьаз ахысбыжьқәа, аибашьра иахылҿиааз игәыҭшьаагоу ахҭысқәа, урҭ зегьы ҳаргәылганы Аиааира амҩахь ҳназгаз ҳаибашьцәа, ахәыҷы инаиркны аду иҟынӡа.

Нанҳәамза 13, 1993 шықәса рзы имшира азгәеиҭеит Аҟәа ақалақь инхоз, хылҵшьҭрала Џьгьарда ақыҭа еиуаз саб иашьа гәакьа Сосо иԥа Иура Ашәба. Уи аҽны иара ихыҵит 18 шықәса. Уи амш иацын даҽа гәырӷьаратә хҭыскгьы, Аԥснытәи аҳәынтқарратә университет афилологиатә факультет аҭаларазы ԥышәарак қәҿиарала иҭиит, иаанхаз аԥышәарақәа  рҽазыҟаҵара даҿын... Адырҩаҽны, нанҳәамза 14 рзы аибашьра ҟалеит ҳәа ажәабжь хлымӡаах Аԥсынтәыла иналаҩит.

ОВНА - Sputnik Аҧсны
Аԥсреи абзареи рлакҭа иҭаԥшыз Алеқсандр Какачиа еибашьратə хҭысқəа

"Уи аҽны сара аҩны сыҟан, саԥхьа ишьҭаз аԥышәарақәа рҽазыҟаҵара саҿын. Избанзар, иаашар, амза 15 рзы аҩбатәи аԥышәара сҭиир акәын. Аха, аҽынтәи амш даҽакы иеиԥшмызт, ахысбыжьқәа рацәаны иго иалагеит, ҭаацәала гәҭынчымрак ҳазцәырҵит. Ус, ҳгәыла ажәабжь ҳзааигеит аибашьра ишалагаз, - иагьа ицәыуадаҩзаргьы, ахҭыс аиҭаҳәара дналагеит Иура.

Анцәа иџьшьаны, аибашьра еилгеижьҭеи акрааҵуеит, уи иадҳәалоу агәалашәарақәа, хаҭала иара дызлахәыз ахҭысқәа рылацәажәара шамахамзар мап ацәикуеит. Аха аҭоурых иазныжьзароуп аиаша, аибашьцәа рхаҭақәа еиҭарҳәо ажәабжьқәа ҵаҵгәыс измоу.

"Гәдоуҭа еиҿкааз Гиви Смыр напхгара зиҭоз аԥшьбатәи абаталион салалеит раԥхьа, авзвод адҵаҟаҵаҩыс даман Зураб Ҷкотуа. Еиҳарак уи еиднакылоз Аҟәатәи арԥарцәа ракәын, иара убас Гәдоуҭатәи аҷкәынцәа, иаҳҳәозар: Мирон Кәарацхьелиа, Асҭамыр Кәарацхьелиа, Артур Аиба, Артур Анқәаб, Ларик Базба, Саша Чычба, Манча Ашәба, Асҭамыр Мықәба, Геннади Қардаа, Асҭамыр Ҭраԥшь, Руслан Ажьиба, Рома Чхьетиа, Бгьеу Витали, Алмасхан (Қамс) Гыцба уҳәа аӡәырҩы", - ҳәа азгәеиҭоит Иура Ашәба.

Агәыԥ аҿы зегьы дреиҵбын Қамс Гыцба, 16 шықәса ракәын ихыҵуаз. Аибашьра ашьҭахь Гал араион аҟны ақырҭқәа иҳәынҷахьан. Рыцҳарас иҟалаз, аибашьра деибганы далҵит, аха аҭынч ԥсҭазаараҿы машәырла дҭахеит. Абарҭқәа зегьы даара ихьааганы дрылацәажәон Иура Ашәба.

Макьана иқәыԥшыз, аибашьра аԥышәа змамыз Иура Сосо-иԥа Ашәба, аибашьра адәаҿы егьырҭ иҩызцәа аӡәырҩы реиԥш, акырынтә аԥсра дацәынхеит. Иахьа, урҭ амшқәа анигәалаиршәо ԥхыӡк иаҩызаны изааиуеит.

Аԥсны Афырхацәа Асҭамыр Агрбеи Руслан Харабуеи - Sputnik Аҧсны
"Шьҭа станкиступ, сеибашьлоит": Аԥсны Афырхаҵа Асҭамыр Агрба игәаларшәаразы

"Рашәарамза 4 рзы акәын. Гәымсҭа аӡиас ҳарсыр акәын, Ҳабҩықә ҳцар акәын уи аҽны. Саԥхьа дгылан Мирон Кәарацхьелиа, сара ишьҭахь сгыланы анеира саҿын. Аӡиас бааԥсыла ицәқәырԥон, ушьапқәа уҵнаҟьон, ус снапы иакыз ашаха азнымкыло иалагеит, снапы дысит. Абар, исымпыҵҟьоит, егьсыгым, нас Мирон сыбжьы иқәсыргеит. Мирон аӡы сагозшәа аниба, сымаҭәа аанкыланы, ииулак аӡы сыригеит. Иахьа сыԥсы ҭаны сыҟазар, Мирон иԥсы схоуп", - игәалаиршәоит аибашьра аветеран.

"Аҳҭнықалақь ахақәиҭтәра аламҭалазы сара сиасит Ҭемыр Жанаа напхгара зиҭоз, ачеченцәа, аҟабардақәа, адыгақәа, ҭырқәтәылатәи аԥсуаа уҳәа еидызклоз аинтернационалтә баталион ахь. Сара сыбла ахааназы ихыҵуам, абар-абар Аҟәа ҳагәылаԥшуа ҳшыҟаз, Ҭырқәтәылантәи Ҟабарда аҵара зҵоз, аурысшәагьы бзианы издыруаз, зынӡа иқәыԥшыз аҟабарда ҷкәын сааигәараҵәҟьа дшыршьыз ақырҭқәа", - акырӡа ицәыуадаҩны уи ахҭыс еиҭеиҳәон Иура.

Аԥсны Афырхаҵа, аинрал-леитенант, аорден Ахьӡ-аԥша II аҩаӡара занашьоу Гиви Агрба - Sputnik Аҧсны
Арратә комендант иҭоурых: Гиви Агрба игәаларшәара

Иара убас Иура Ашәба игәалаиршәоит ҩыџьа адыга ҷкәынцәа, макьана ашколқәра иҭагылаз аиҩызцәа рахьтә руаӡәк иҭҟьаз ҳаӷацәа рхымҭа дшацәымцаз, аснаипер дшишьыз. Ари ахҭыс ҟалеит Иашҭхәа. Ус шаҟа хҭыс, ус шаҟа гәыҭшьаага жәабжь…

"Аибашьра анеилга акыраамҭагьы иҵәахны иҳаман исшәыз аӡынмаҭәа иаҿаз аҳәынҵәра иақәшәаз, иҭҟьаз аснариад аԥҽыха. Нас, сан рыцҳа, "уаҳа сыла иабар сҭахым сыҷкәын дызшьуаз", - лҳәан аҩны иҩнылгеит. Аҟәа ҳшалалазҵәҟьа еиԥш, Турбаза ҳанхон ҳара, иаразнак аҩныҟа сааит, аибашьра иалахан иҟаз саб дызбозар ҳәа, ихабар ҳаздыруамызт, иԥсы ҭазу иҭамзу. Аҩны авара игылаз ҳгәыла ауаԥс ԥҳәыс азныказы сылзымдырӡеит, ашьҭахь исалҳәеит сабгьы ааигәа дшыҟаз. Дахьыҟаз аҭыԥ ахь сыҩны саннеи, азныказы сизымдырӡеит, нас "сыҷкәын Иура уоума?" - иҳәан, сааигәыдиҳәҳәалеит", - ари ахҭыс уаҳа ацҵара илымшакәа Иура илаӷырӡқәа рҿаархеит.

Аибашьра ашьҭахь, Иура дназлоу арҭ арԥарцәа рабџьар шьҭарымҵаӡеит, Аԥсадгьыл ахьчараз ишгылаз игылан, Лаҭа имҩаԥысуаз ахҭысқәа ирылахәын, иара убас Гал араион ахырӷәӷәарҭақәа рҿы игылан.

Сзызҵаашаз, исзеиҭеиҳәашаз рацәан Иура уи аҽны, уи нас азы иаанҳажьып...  Избон уаҳа шилымшоз, уажәы-уажәы ибжьы шеицакуаз. Акызаҵәык, аҵыхәтәаны ииҳәаз: "Ҳиааира нагӡахааит, уаҳа аибашьра ҟамлааит, смаҭа хәыҷы Миреиа лҩызцәеи лареи аҭынч жәҩан аҵаҟа ирызҳалааит!" - ҳәа.

Аибашьра лыԥхала иалҵыз Иура Соса-иԥа Ашәба, 1994 шықәса рзы аҭаацәара далалеит. Инасыԥ ицеиҩылшеит  Кәтолтәи аҭыԥҳа Ельвира Сақаниаԥҳа.

© Foto / Сырма АшубаИура Ашәбеи Ельвира Сақаниаԥҳаи 1994 шықәсазы аҭаацәара аԥырҵеит
Иура Ашәба: сҩызцәа ансывыршьаауаз сыбла ихыҵраны иҟаӡам - Sputnik Аҧсны
Иура Ашәбеи Ельвира Сақаниаԥҳаи 1994 шықәсазы аҭаацәара аԥырҵеит

Иахьа ирызҳауеит рыԥҳацәа хҩык: Милана, Елана, Амина, иара убас рмаҭа хәыҷы рыԥсы зыҿхәароу, аҭаацәара иалалахьоу иԥҳаиҳаб Милана лыӡӷаб Миреиа.

Аҵыхәтәаны иазгәасҭарц сҭахуп, Иура Ашәбеи агәыԥ аҟны ицеибашьқәоз аӡәырҩи аҳәынҭқарратә ҳамҭа аиуразы адокументқәа ралаҵара мап шацәыркыз, уи азы акәым ҳзеибашьуаз ҳәа иԥхьаӡаны. Урҭ реиԥш иҟоу аҵеицәа, аҳәынҭқарратә хьӡы рхымзаргьы, ишфырхацәоу иҟазаауеит ҳагәқәа рҿы.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0