Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Мархолиа: адунеи аҟны Аԥсны рдыруа иҟазҵаз аԥхьа иргыланы ахақәиҭразы иҭахаз роуп

© SputnikҶыҷыкәа Мархолиа
Ҷыҷыкәа Мархолиа - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Гәымсҭатәи афронт аҟны актәи абригада ахԥатәи абаталион актәи арота адҵаҟаҵаҩыс иҟаз, Аԥсны Афырхаҵа Ҷыҷыкәа Мархолиа игәалаиршәеит 1993 шықәсазы Аиааира амш дшаԥылоз. 1993 шықәса ԥхынгәымзазы иара афронт аҟны дхәын.

Иахьа цәыббра 30 рзы Аԥсны иазгәарҭоит Аиааиреи Ахьыԥшымреи рымшныҳәа. 26 шықәса раԥхьа ақырҭуа мпыҵахалаҩцәа Аԥсны иалцаны, Егры аӡиас ала ахәынҭқарратә ҳәааҟны аԥсуа бираҟ шьҭыхын.

Афырхацәа рымҩала: Мархолиа Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьраҟны Аиааира агара иазкны

"Аҵыхәтәантәи ажәылараан абџьар скыртә иҟамызт, лабак кны снеиааиуан. Ешыра афронт ацәаҳәаҟны ҳахьеибашьуаз, ажәыларақәа ианар, март, ииуль иахьынтәимҩаԥаагоз снеит. Ахықә аҟны аԥшырҭатә пункт аҟынтәи аҷкәынцәа жәылара иахьцоз сыԥшуан, избон ишыуадаҩыз, аџьабаа шырбоз. Сыла иабеит зегьы, ихәны, ишьны иааргоз, даара иӷәӷәан ажәылара. Ҳгәы иҵхоз аиааира лабҿабаны иаҳбеит. Уԥсадгьыл агәаны иҟоу аҳҭнықалақь анухьчалак, уи акырӡа аҵанакуеит, нас зегь шманшәалахоз агәра згон. Ателехәаԥшралагьы иаҳбеит аҳәааҟны ҳ-БМП-қәа шахаҵәиуаз. Усҟан сгәырӷьаны сылаӷырӡгьы ааит. Есымша сҩызцәа срызхәыцуеит, дара рыбла иахьамбаз сгәы снархьуеит, аха аҿар ирԥылеит, ирбеит рабацәа, рашьцәа рџьабаа. Иахьа адунеи аҟны зегьы ҳардырыртә иҟазҵаз аԥхьа иргыланы Аԥсны ахақәиҭразы иҭахаз роуп. Ҳара аԥсуаа ҳадгьыл аҟны ҳаҟан, царҭа ҳамамызт, аха нхыҵ-аахыҵ рҟынтә иааны иҳадгылаз, ҳара ҳаршьраны иахьыҟаз ҳҭыԥ аҟны шаҟаҩы гәышԥыла иаҿагыланы аԥсуаа рыхьчада. Урҭ зегьы фырхацәоуп", - иҳәеит Мархолиа.

Шәазыӡырҩы аудио. Иаҳа инеиҵыху анҵамҭа шәаҳар шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҟны.

Ажәабжьқәа зегьы
0