АҞӘА, жьҭаара 2 - Sputnik. Аԥсны Аҳәынҭқарратә шәарҭадаратә маҵзура Қырҭтәыла аҳәаа ахысразы ишьақәнаргылахьаз аԥкрақәа ааннакылеит, абри атәы аанацҳауеит амаҵзура аофициалтә саит.
Аԥкарақәа амч рыман ҳазҭоу ашықәс рашәарамза инаркны, урҭ ирыҵаркуан Аԥсныҟа иаауа аҳәаанырцәтә тәылауааи Қырҭтәылаҟа ицо Аԥсны атәылауааи рганахьала.
Аԥсны Аҳәынҭқарратә шәарҭадаратә маҵзура аԥкрақәа аланагалеит рашәара 27 рзы, Қарҭи Аԥсны аҳәаа иаԥну Жәыргьыҭ араиони рҟны имҩаԥысуаз апротесттә акциақәа инрымаданы. Урҭ аԥкрақәа ирыҵаркуамызт амедицинатә цхырааразы аҳәаа иахысуаз ахаҿқәа.
Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:
-
Қырҭтәыла аилаҩеиласрақәа мҩаԥысуеит
-
Аԥсны Ашәарҭадаратә маҵзура аамҭала аԥсуа-ақырҭуа ҳәаа анаркит
- Ашәарҭадаратә маҵзура: Қырҭтәылеи ҳареи ҳҳәаа аилагарақәа хынтә еиҵахеит