Аҭәаҵла ашьапаҟны – Габниаа аижәлантәқәа рныҳәара

© Sputnik / Томас ТхайцукГабниаа рныҳәара
Габниаа рныҳәара - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Октиабр 28 рзы, ашәахьаҽны Џьырхәа ақыҭа Габниаа аижәлантә рныҳәара мҩаԥыргеит. Уи амҩаԥгашьеи Габниаа рныҳәара аҭоурыхи дазааҭгылоит аныҳәара зҽалазырхәыз Нарҭыдырреи адәынтәи афольклорҭҵаареи аҭҵаарадырратә усзуҩы Есма Ҭодуа.

Есма Ҭодуа, Sputnik

Аныҳәара зыхҟьаз

Габниаа Џьырхәа ақыҭа иҭыҵыз роуп, убарҭ роуп ари аныҳәара иалахәыугьы. Иҟоуп ажәла Габуниа, урҭгьы Габниаауп рҳәоит, аха еиуеиԥшым амзызқәа ирхырҟьаны (амҳаџьырра аан, иара убас ақырҭцәа аԥсуа жәлақәа дара ртәала ианырыԥсахыз) рыжәла ԥсаххеит. Ас еиԥш егьырҭ аԥсуа жәлақәак рҟынгьы иуԥылоит. Аныҳәара ахаҭа мҩаԥызго ахацәа роуп, аҳәса уахь ааигәа инеир ҟалом, дтәым жәлазаргьы, убри аҟнытә сара ахацәа еиҳабацәа сзырмыҿцәажәеит, аҳәса ахьеидтәалаз аҟынтәи исарҳәаз аазгоит.

© Sputnik / Томас ТхайцукАҭәаҵла ашьапаҟны аныҳәара – Габниаа рныҳәара
Аҭәаҵла ашьапаҟны – Габниаа аижәлантәқәа рныҳәара - Sputnik Аҧсны
Аҭәаҵла ашьапаҟны аныҳәара – Габниаа рныҳәара

"Абыржәааны, абыӷьқәа анкаԥсо, аха зегьы анкамԥсацгьы, ҭагалан аамҭазы, есышықәса абри аныҳәара мҩаԥаҳгоит. Убри аҭоурых дуӡӡа амоуп. Убри шыҟалаз ҳәа ирҳәо: ӡӷабк дышцоз аԥша ӷәӷәа ааҟалан, хыхь дханагалеит, акы дагеит. Лҭынхацәа акыр еимдеит, аха дырзымԥшааит. Усҟан аҵааҩцәа ҳәа иҟан, аҵааҩцәа рахь иахьцаз, убас рарҳәеит: ари Анцәа иоуп дызгаз, убри аҩыза уаҳа иҟамларазы ашьтәа шәшьлароуп ҳәа. Ашьтәа иҟарҵо идууп, 30 кьыла рҟынӡа иҟоуп. Уи иацуп ача" – ҳәа аныҳәара зыхҟьаз атәы ҳзеиҭалҳәеит Габниаа рҭаца Гәында Еныкь – Габниа.

Габниаа аижәлантәқәа рныҳәара аазырԥшуа афотоҭыхымҭақәа шәахәаԥшыр ҟалоит абра>>

Габниаа аижәлантәқәа рныҳәара иазку анҵамҭа шәахәаԥш абра>>

Иара аныҳәара ахьымҩаԥырго аҭыԥгьы уамакала иԥшӡоуп, лара аҭыԥҳа дахьагаз ҳәа ирҳәо аҭыԥ аҟноуп иахьныҳәогьы, зымахәқәа еиужь игылоу аҭәаҵла амҵан.

© Sputnik / Томас ТхайцукАҭәаҵла ашьапаҟны аныҳәара – Габниаа рныҳәара
Аҭәаҵла ашьапаҟны – Габниаа аижәлантәқәа рныҳәара - Sputnik Аҧсны
Аҭәаҵла ашьапаҟны аныҳәара – Габниаа рныҳәара

Аныҳәара амҩаԥгашьа

Габниаа рныҳәара ашәахьала имҩаԥыргоит. Абар хышықәса раахыс аныҳәаҩс ирымоу Лиосик Григолиа иоуп. Иара ашьыжь шаанӡа аԥшәмацәа данаарга, аныҳәа сынтәа изду ргәашә даннылагылоз инаркны ибжьы роуны Анцәа иахь инапқәа еиҵых аныҳәара дналагеит, ибжьы Џьырхәа ақыҭа иалыҩуама уҳәо. Иубон гәыцқьарыла дышныҳәоз. Ашьҭахь ҳзыҿцәажәозгьы иазгәарҭон, абри данныҳәо Анцәа иҽимаимдома уҳәо аҟынӡа угәы шыҟало, убри инапқәа реиҵыхшьа, илахь, иџьымшь, иҭеиҭыԥш зегьы рыла инубаалоит абри мчыс крыҟазар, абри амчра зегьы иара инапаҟны иааигозшәа абри аминуҭазы.

© Sputnik / Томас ТхайцукГабниаа рныҳәара ашәахьала имҩаԥыргоит. Абар хышықәса раахыс аныҳәаҩс ирымоу Лиосик Григолиа иоуп.
Аҭәаҵла ашьапаҟны – Габниаа аижәлантәқәа рныҳәара - Sputnik Аҧсны
Габниаа рныҳәара ашәахьала имҩаԥыргоит. Абар хышықәса раахыс аныҳәаҩс ирымоу Лиосик Григолиа иоуп.

Ари ашықәс азы аныҳәара аиҿкаара зду Енвер Габниа иҩнаҭаҟны аныҳәаҩ дныҩнагаланы дҭәы-дыԥха, иахәҭоу апату иқәҵаны иԥылоит. Анеҩсан ауп дырҩагь дныҳәа-ныԥхьаны аҩны дындәылҵны аныҳәарҭа ҭыԥ ахь данхало. Аҭыԥ аҟны аҷкәынцәа заа инеины ирыцқьаны иҟарҵоит. Аныҳәаҩ ашьтәа аԥсы шҭоу данахныҳәалак, егьырҭ ажәлантәқәа рныҳәараҟын еиԥш, ашьтәа аԥсы шҭоу аӡарҵәи ҟаҵаны арӷьа ашьапала икнарҳауеит. Аҷкәынцәа уи аҭыԥ иқәырҵоит. Ахацәа аныҳәара ианалаго аҳәса рахьгьы адырра ҟарҵоит ача акәаҳара иалагарц.

"Ахацәа аҭыԥ аҟны аныҳәара ианалаго арахьгьы (аҳәса рахь. – Е. Ҭ.) адырра ҳарҭоит. Ара иҳамоу аԥҳәыс еиҳабы, аиашазы аиҳабацәа иҳамаз зегьы рыдунеи рыԥсаххьеит, иҟоу ҳҟынтәи еиҳабу аӡәы ача лкәаҳауеит. Уи ачашылеи, аџьыкхыши, аӡи мацаралоуп ишыҟарҵо. Ача аакәаҳаны, аӡыгмацәаз (аӡахыга мацәаз) хыхь инақәҵаны чанахк аҟны иҟалҵоит. Нас аҷкәынцәа уи аныҳәаҩ иахь ихаргалоит, уаҟа иара амни аӡахыга мацәаз ала ача ашьҭрақәа нанҵаны акәац ахьыжәуа иналаиҵоит. Ача ҳӡӡом, абри акәац ахьыжәуа убра ижәуеит иаргьы".

Ахацәа рус дара рышьтәа акәзар, аҳәса рҟны ақьҭамхә ҳәа еиларҵо аџьыкҵәаҵәеи, акаканчаԥеи, акәытқәеи роуп. Урҭ аԥшәмаԥҳәыс Саида Габниа лҟны инаганы рыфатәқәа дырмазеиуеит.

© Sputnik / Томас ҬҳаиҵыкәАҭәаҵла ашьапаҟны аныҳәара – Габниаа рныҳәара
Аҭәаҵла ашьапаҟны – Габниаа аижәлантәқәа рныҳәара - Sputnik Аҧсны
Аҭәаҵла ашьапаҟны аныҳәара – Габниаа рныҳәара

Аныҳәараҿы ируа абысҭа ахәыӡ алоуп изларуа иахьагьы. Ажәытә ахәаӡ аадрыхуан, уи ала акәын абысҭа шыруаз, ҳаамҭазы ахәаӡ аадрыхӡом, аха аныҳәаразы иаахәаны иааганы абысҭа аларуеит. Аҭыԥ аҟны ахацәа араса быӷьқәа шьҭаҵаны иҟарҵоит, ажәытәан еиԥш иахьагьы абысҭагьы абыӷьқәа ирықәҵаны ауп ишадтәало. Ҳаамҭазы, аныҳәара амҩаԥгара арманшәаларазы аишәақәеи асқамқәеи дыргыло иахьыҟарҵо шыҟоугьы, араҟа Габниаа рныҳәараҿы ари ажәытә қьабз иацәхьамҵкәа иааргоит, армариагьы иашьҭам. Иубоит аҿаргьы ргәацԥыҳәан реиҳабацәа ишрывагыло.

Акәац анжәы, аныҳәаҩ араса-ҵәы агәыи, агәаҵәеи, ажәҩашәаҟьеи, иара убас акәац аҟны иржәыз ачеи нахаҵаны, аныҳәараз иҭаҭәаз аҩ-ҿа аанкыланы дырҩегьых Анцәа иахь ихы нарханы (ихы хтны) дныҳәеит. "Ачбеи Чачбеи" ҳәа ахәҭаақәагьы намхны, аҩы нақәҭәаны аҭәаҵла ашьапахьы инеигеит. Нас аҷқәынцәа аԥырӷы аарган, ацәа рхәашаны инақәиԥсан ахылҩа-ԥсылҩа ишьҭит. Аныҳәаҩ аԥхьа ахәыҷқәа даарыԥхьан, убри ахылҩа-ԥсылҩа ахәыҷқәа аирфҩит, аԥсы лаԥш аҟынтәигьы иахьчоит ҳәа, нас егьырҭ игылазгьы убас инрылигеит.

© Sputnik / Томас ҬҳаиҵыкәАҭәаҵла ашьапаҟны аныҳәара – Габниаа рныҳәара
Аҭәаҵла ашьапаҟны – Габниаа аижәлантәқәа рныҳәара - Sputnik Аҧсны
Аҭәаҵла ашьапаҟны аныҳәара – Габниаа рныҳәара

Уи аамҭазы аҳәсагьы ахацәа аныҳәара ишаҿыз ала адырра анроу, даргьы реишәа чыс аадырхиан, еибартәеит. Аныҳәара иақәшәо асас дарбанызаалакь уи иҽалаирхәыр ауеит, аха Габниаа зыхныҳәаз ашьтәеи ачеи агьама ибар ҟалаӡом.

"Ҳара аҳәса акәац зынӡаск ҳалакьысӡом, иара уаҟа зегьы рзымфакәа аҩныҟа илбааргогьы иԥхьазкуа дара ахацәа роуп, ҳара ҳалакьысыргьы ҟалом. Адырҩаҽныгьы аӡәы дааир, акәац ҭыган иқәзыргыло ахаҵа иоуп, уигьы убас ишыҟоу, имырԥхакәа-аҽакыкәа, ишааргаз еиԥш оуп ишыҟоу. Нас иаанхо абаҩқәа, акәац ашша-егьы абрахь инаскьагашәа инышьҭарҵоит зыԥсы ҭоу акы иафап ҳәа, анышә жны иҟарҵаӡом, ус ишьҭарҵоит", – ҳәа аныҳәара иацу акәамаҵамақәа ҳзеиҭалҳәеит Гәында Еныкь–Габниа.

Аҳәса рҟны аныҳәаҿақәа ԥшьба-хәба анааныркылалак ашьҭахь, сынтәа зыҟны имҩаԥысуа аԥшәмаԥҳәыси ҳаԥхьа издырҵои акәты агәышԥы (сендес-аред) наҟ-ааҟ икны иԥырҵәоит, убас ала аныҳәарагьы еимырдоит. Аҽны зегь ныҳәак аҳасабала ирхыргоит.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0