Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Ҵәыџьԥҳа "Ақьиара аурок" азы: ахәыҷқәа еихӡыӡаалартә еиԥш иҟасҵар сҭахуп

© SputnikФатима Ҵәыџьԥҳа
Фатима Ҵәыџьԥҳа  - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Афонд "Ашана" амедицинатә проектқәа напхгара рызҭо Фатима Ҵәыџьԥҳа арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы еиҭалҳәеит "Ақьиара аурок" аҿы ахәыҷқәа ирызналгарц лгәы иҭоу.

Абҵара 13, Адунеизегьтәи ақьиара амш аҽны Аҟәа ақалақь ашколқәа жәпакы рҿы агәыҳалалратә фонд "Ашана" еиҿнакааит "Ақьиара аурок" захьӡу акциа. 

Ҳазлацәажәаша ҳамоуп: Ҵәыџьԥҳа "Ақьиара аурок" азы

"Иахьатәи аамҭазы ахәыҷқәа ақьиара маҷк ирыгуп. Саҳәшьа афбатәи акласс аҿы аҵара лҵоит, лҩызцәеи лареи реизыҟазаашьала сара исҳәар сылшоит дара алибакаара рыгуп ҳәа. Ахәыҷкәа еибаргәаауеит, аӡәы акы игәы иалсып ҳәа иҟаӡам. Сара исҭахуп рхы-ргәаҿы иназгарц доусы ииҳәо иазхәыцларц. Аԥсабара аганахьалагьы ахәыҷқәа еилыркаауазароуп, иахьа иара қьаадк анкаижь, уи ишьҭанеиуагьы ус шыҟаиҵо. Иара ус еицылоит ақалақь аҿы лассы-лассы иаабо агәамсамгьы. Ахәыҷы изнагатәуп иҟаиҵо зегьы ахҟьаԥҟьа аиур шалшо, сара исуалу иара иҟаиҵаанӡа дазхәыцыртә еиԥш аҟаҵара ауп", - ҳәа азгәалҭеит Ҵәыџьԥҳа. 

Инеиҵыху аиҿцәажәара иара убас шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы.

Ажәабжьқәа зегьы
0