Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Ҷантуриаԥҳа афонд "Азҳара" азы: аус шауц иауеит

© SputnikИрма Ҷантуриаԥҳа
Ирма Ҷантуриаԥҳа - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Афонд "Азҳара" аҳасабеилыргаҩ хада Ирма Ҷантуриаԥҳа арадио Sputnik аефир аҟны еиҭалҳәеит сынтәа афонд ахь шаҟа арзаҳал нарышьҭыз, урҭ рахьынтә шаҟа ҭаацәара аԥара рзыршәахьоу.

Аԥсуа ҭаацәарақәа рҟны ахԥатәи, уи инаҩс ииуа ахәыҷқәа афонд "Азҳара" аҟынтәи 100 нызқь мааҭ ацхыраагӡа рзыршәоит.

Хра злоу ахҭысқәа: Ҷантуриаԥҳа афонд "Азҳара" аусура иазкны

"Афонд "Азҳара" ахь арзаҳалқәа шҳадаҳкылац иҳадаҳкылоит. Ҳара Асоциалтә ԥгаԥса афонд ахыбраҟны ҳаҟоуп, ауаа иаҳа ирзыманшәалоуп ҳәа уахь инаргоит арзаҳалқәа. Ахԥатәи ахәыҷы, уи инаҩс ииуа рзы шәкы-шәк нызқь мааҭ ршәоит, ҩыџьа еицизар, ахԥаҭәи аԥшьбатәи ахәыҷқәа ахьиз аҭаацәа 200 нызқь мааҭ зоухьоу ыҟоуп.

Афонд аус шауц иауеит, иҟоуп цәажәарақәак, аусура аанкылахоит ҳәа, уи иашаӡам. Афонд аус ауеижьҭеи 1200 арзаҳалқәа ҳадаҳкылахьеит, зегьы аԥара рзаҳшәоит ҩба-хԥа мзы аԥшра рықәшәаргьы. Аус адаҳулоит, аха амал змоу ауаа рганахьала агәыҳалаларатә лагалақәа рыҟаҵара азҵаараҟны ахьысҳарақәа ыҟоуп сгәаанагарала.

Сынтәа 326 арзаҳалқәа ҳадаҳкылеит аҭаацәарақәа рҟынтәи, 280 арзаҳал рыла аԥара ҳшәахьеит. Ҵыԥх 412 арзаҳал ҳадаҳкылеит. Сынтәа макьана ауаа арзаҳалқәа шнаргац инаргоит", - лҳәеит Ҷантуриаԥҳа.

Шәазыӡырҩы аудио. Иаҳа инеиҵыху анҵамҭа шәаҳар шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҟны.

Ажәабжьқәа зегьы
0