Аԥснытәи абитуриентцәа Урыстәыла аҵараҵаразы аквотақәа ртәы рзеиҭарҳәоит

© Sputnik / Евгений Одиноков / Амедиаҵәахырҭахь аиасраАԥснытәи абитуриентцәа Урыстәыла аҵараҵаразы аквотақәа ртәы рзеиҭарҳәоит
Аԥснытәи абитуриентцәа Урыстәыла аҵараҵаразы аквотақәа ртәы рзеиҭарҳәоит - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
"Урыстәылатәи аҵараиурҭақәа роушьҭымҭацәа иаку рымш" Аԥсны имҩаԥысуеит абҵарамза аҵыхәтәантәи амчыбжь азы, уи азкуп абитуриентцәа рыпрофессионалтә хырхарҭа рзалхра.

АҞӘА, абҵара 25 – Sputnik, Сариа Кәарцхьиаԥҳа. "Россотрудничествеи" Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университети аԥснытәи абитуриентцәа ирзеиҭарҳәараны иҟоуп урыстәылатәи аҵараиурҭақәеи ААУ-и рҭалараан алхрақәа шымҩаԥысуа атәы. Абри атәы Sputnik иазеиҭеиҳәеит Аԥсны иҟоу "Россотрудничество" аконсультант Дмитри Кононов.

"Ҳара есышықәса имҩаԥаагоит "Урыстәылатәи аҵараиурҭақәа роушьҭымҭацәа иаку рымш". Ари ауснагӡатә абитуриентцәа рхы ахьдырхаша еиҳа имҩақәнаҵоит. Ҳара иааҳаԥхьеит урыстәылатәии аԥснытәии ауниверситетқәа рхаҭарнакцәа. Абитуриентцәа ирзеиҭаҳҳәараны ҳаҟоуп ирымоу алшарақәаеи урҭ рхархәашьақәеи ртәы", - иҳәоит Кононов.

Ԥшьымш рыҩнуҵҟа "Россотрудничествеи" Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университети рхаҭарнакцәа ареспублика араионқәа зегь рҟынтәи абитуриентцәа ирыҿцәажәоит.

Розета Смыр - Sputnik Аҧсны
Арадио
Смырԥҳа: ҳуниверситет аҿы иҟоу азанааҭқәа рзы анҭыҵ аасҭа аҩны аҵараиура еиӷьуп

Абҵара 25 асааҭ 16:00 рзы аиԥылара мҩаԥысуеит Москва Аҩны аҿы.

Абҵара 26 асааҭ 11:00 рзы – Гагра араион ахадара азал ду аҿы, асааҭ 16:00 рзы – Гәдоуҭа араион ахадара азал ду аҿы.

Абҵара 27 асааҭ 10:00 рзы – Гәылрыԥшь араион ахадара азал ду аҿы. Асааҭ 14.00 рзы – Гал араион ахадара азал ду аҿы.

Абҵара 28 асааҭ 10:00 рзы – Тҟәарчал араион ахадара азал ду аҿы. Асааҭ 14:00 рзы – Очамчыра араион ахадара азал ду аҿы.

Абҵара 29 асааҭ 16:00 рзы Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет аҿы "Россотрудничество" ахаҭарнакцәа еиҭарҳәараны иҟоуп Урыстәыла аҵараиурҭақәа рҟны амагистратуреи аспирантуреи рҭалара шалыршахо атәы.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0