Хәышықәса рыла 500-нтә ааи, 1000-нтә мап: Sputnik Аԥсны аҟны аусура иазкны

© Sputnik / Константин ГрецовСаида Жиба
Саида Жиба - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
2014 шықәсазы Аинформациатә маҵзура Sputnik Аԥсны ахь аусура ааԥхьара ансоу, сыгәгьы иҭамызт сматериалқәа алыхәҭа икылхны ирышьҭлоит ҳәа. Усҟантәи аамҭазы аԥсуа журналистцәа рзы иҿыцыз акьыԥхьтә хырхарҭа аҽақәыршәара мариамхеит, иара иахьагьы исҵаша рацәоуп.

Саида Жьиԥҳа, Sputnik

Ҳтәылауаа оперативла ажәабжьқәа рызнагараҿы аԥхьагылара змоу Жәларбжьаратәи аинформациатә агентреи арадиои Sputnik Аԥсны ҳаԥсадгьыл адунеи аҟны аӡыргараҿы, ҳхатәы бызшәа аҿиараҿы алагала ду ҟанаҵоит. Аха уи азы ажурналист асаит иазԥхьагәанаҭо астандартқәа дрықәшәаны аус иуроуп. Ажәлар ирыдугало аматериал актуалра аҵазароуп, хыԥхьаӡара рацәала аԥхьаҩцәа аиурц азы, иауҭо ахы ҷыдала уазнеироуп, ҩба-хԥа ажәа рыла аинтерес рызцәыругароуп.

Аԥсуа чара - Sputnik Аҧсны
Скәашом ҳәа ҭоуба шышьҭасҵаз: иахьатәи ҳчарақәа рҟны акәашаратә етикет иазкны

Шықәсык инеиҳаны сара убри аус адызулон. Аха иазгәаҭатәуп, аԥсуа аԥхьаҩцәагьы Sputnik Аԥсны астандарт иаразнак ишамашьцалаз. Атекст иамыԥхьакәа, ахьӡ мацара иахәаԥшны ахҳәаақәа ҟарҵон, уажәгьы џьоукы-џьоукы уи иаҿуп.

Исгәалашәоит, амашьына ныҟәызцо аҳәса амҩаҟны ахацәа раасҭа еиӷьны рхы шымҩаԥырго, еиҳа аԥҟарақәа ишрықәныҟәо, аха уеизгьы ахацәа "амашьына аԥсҟы зку аԥҳәыс аграната змоу амаамын даҩызоуп" ҳәа лафны ишырзырҳәо иазкны астатиа анызыҩ, иара убри ажәаҳәа атекст хьӡыс ианасҭа, ианыз иамыԥхьакәа ахы иахәаԥшны, аҳәса аԥхьаҩцәа ражәа хьанҭақәа аинтернет аҟны исгәыдырҵо ишалагаз, сара сырхыччазшәа иԥхьаӡаны. Егьырҭ авторцәагьы амц сдырҳәарым, ас еиԥш иҟоу ахҭысқәа рацәаӡоуп.

Амашьына аԥсҟы зку аԥҳәыс - Sputnik Аҧсны
Амашьына аԥсҟы зку аԥҳәыс "аграната зку амаамын даҩызоуп"

Хәышықәса рыла Sputnik Аԥсны ирццакны ҩ-бызшәак рыла ажәабжьқәа рыҩра снарҵеит. Хра злоу ахҭыс "иахьынӡашу" ажәлар ирыдумгалар, иара астандартқәа рыла актуалра ацәыӡуеит ҳәа иԥхьаӡоуп.

Аԥсшьарамшқәа раан, Sputnik Аԥсны асаит аҟны иуникалтәу аматериалқәа убоит. Урҭ аредакторцәа ианрыдаагало ишәа-иза, еиҳа аинтерес зҵоу алҳаԥшаауеит. Адаҟьа харҭәаатәуп ҳәа баша текстк ииасраны иҟам. Ианысԥхьаӡа, хәышықәса рыҩнуҵҟа 500 инареиҳаны сматериалқәа асаит ианылахьеит, ҩынтә еиҳаны актуалра аҵам ҳәа мап сцәыркхьеит. Иара убри акәзаргьы ҟалап изыбзоуроу уажәааигәа зыҩра салгаз, амҳаџьыраа рхылҵшьҭрақәа аӡәырҩы рнысымҩа иазку ашәҟәы-альбом "Амра ашәахәақәа".  Sputnik Аԥсны адҵала иуникалтәу атемақәа рызхәыцра саналага, абри аидеиагьы сыхшыҩ аҟны иааит.

Sputnik Аԥсны асаит азы, иара авторцәа ҳзгьы даара ихадароуп аԥхьаҩцәа рхыԥхьаӡара. Урҭ шаҟа ирацәаҩу аҟара, ҳреитинггьы шьҭыҵуеит.

Анаукатә-практикатә конференциаҟны аԥсуа школхәыҷқәа аԥхьахәқәа ргеит

Хәышықәса рыла, ауаажәлар ирыдазгалахьоу анҵамҭақәа рҟнытә, еиҳа изыԥхьаз, насгьы ахҳәаа зырҭаз ҳәа иалскаар сҭахуп 2016 шықәсазы Москва имҩаԥысуаз жәларбжьаратәи аҭҵаарадырра-практикатә конференциаҟны Гагратәи алицеи-интернати Аҟәатәи ашколхәыҷқәеи аԥхьахәқәа шыргаз иазкыз сыстатиа, уи 23 нызқьҩык аԥхьеит. Аиашазы,  Sputnik Аԥсны аԥсуа ҟәшаҿы хәышықәса рыла абас еиԥш аԥхьаҩцәа рхыԥхьаӡара уаҳа материалк иамаиуӡеит. Уи, хымԥада, сара сзы игәахәара дууп.

Иазгәасҭарц сҭахуп, ҳаилазаараҟны аинтерес аҭаны ишрыԥхьо Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра иазку аҩымҭақәа, аҳәаанырцә инхо ҳџьынџьуаа рыԥсҭазаара иадҳәалоу анҵамҭақәа, ҳҵасқәеи ҳқьабзқәеи зныԥшуа аусумҭақәа. Абарҭ атемақәа ахьаарԥшу сматериалқәагьы шәҩыла, зны-зынла зықьҩыла аԥхьаҩцәа рылаԥш ахыргоит.

Аџьынџьтәылатә еибашьра Дуӡӡа - Sputnik Аҧсны
Аџьынџьтәылатә еибашьра Дуӡӡа ибжьанарӡыз абиԥара: аишьцәа Жьиаа рлахьынҵа

Sputnik Аԥсны сара сзы иԥышәа дууп. Узхьымӡо атехнологиа ҿыцқәа рыла иҭәу хырхарҭоуп. Изызӡари, раԥхьанатә аусура саналага, хәышықәсанӡа сааныркылоит ҳәа сыҟамызт, исықәымҿиоз рацәан.

Sputnik Аԥсны абзоурала уажәшьҭа схатәы аԥхьаҩцәагьы сымоуп. Уи дарбанызаалак автор изы даара акраҵанакуеит. Ԥхьаҟагьы арҿиара иацысҵанда ҳәа уархәыцуеит.

Сынтәа хәышықәса зхыҵуа Аԥсны аус зуа Жәларбжьаратәи аинформациатә агентреи арадиои Sputnik Аԥсны иазааԥсо зегьы ирыдысныҳәалоит иазгәарҭо аиубилеи хәыҷы. Доусы инапы злаку аҟны ақәҿиарақәеи аманшәалареи ицзааит. Зымаҵ руа ажәлар ргәы шьҭызхуа, рдунеихәаԥшышьа зырҭбаауа, ркультура ҳаразкуа ажәабжьқәа рызнаргартә еиԥш алшара ҟалааит.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0