Аԥсны иҟоу урыстәылатәи аруаа аҽазыҟаҵарақәа ирыцырҵоит

© Foto / пресс-служба ЮВОАԥсны иҟоу аурыс аруаа
Аԥсны иҟоу аурыс аруаа - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
3000-ҩык рҟынӡа артиллеристцәеи амотохысцәеи аполигонқәа Ҵабали Нагвалоуи рҟны аҽазыҟаҵарақәа мҩаԥыргон. Аҽазыҟаҵарақәа рыбжакы уахынла имҩаԥган.

АҞӘА, ԥхынҷкәын 19 - Sputnik. Аԥсны иҟоу Урыстәылатәи арратә база артиллеристцәеи амотохысцәеи Аԥсны ашьхара иахьаҵанакуа аҭыԥқәа рҟны аштаттә хысрақәа мҩаԥыргон ҳәа аанацҳауеит Урыстәыла Аладатәи арратә округ апресс-маҵзура.

Аԥсны иҟоу урыстәылатәи аруаа 40 еиндаҭлара рҟны аиааира ргахьеит - Sputnik Аҧсны
Аԥсны иҟоу урыстәылатәи аруаа 40 еиндаҭлара рҟны аиааира ргахьеит

Аррамаҵзурауаа рҽазыҟаҵашьа аадырԥшит еиуеиԥшым ахырхарҭақәа рыла.

Абри аан ахархәара рыман  САУ "Акация", аминаршәгақәа "Сани", агаубицақәа Д-30, агранатаршәгақәа РПГ-7, апулемиотқәа "Печенег", ареактивтә системақәа "Град", атанкқәа Т-72Б3,  БТР-82АМ.

Аруаа разыҟаҵаразы ахархәара рыҭан арԥжәагақәеи еиуеиԥшым абџьари. "Атеррористцәа" рроль нарыгӡон абаза аррамаҵзурауаа рыҟәшақәа руак.

Аҽазыҟаҵарақәа раан ахархәара аҭан Шьамтәылатәи Арабтә республика аԥышәа. Аҽазыҟаҵарақәа иааидкыланы 3000-ҩык рҟынӡа аруаа рылахәын. Ахархәара рыҭан 200 цырак арратә техника.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0