Сыԥхыӡ иало ахәмарга, ма аӡәы итәы агара шыҟамло

© Sputnik / Irina DmitrievaЕлочные украшения - из СССР
Елочные украшения - из СССР - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аныҳәа ааигәахацыԥхьаӡа, анкьатәи аамҭақәа рахь хьаԥшырҭас ишьҭылхуеит Sputnik аколумнист Елеонора Коӷониаԥҳа. Лгәалашәараҿы иаанхаз атәы анҵамҭаҿы.

Аныҳәа ааигәахацыԥхьаӡа, анкьатәи аамҭақәа рахь хьаԥшырҭас ишьҭысхуеит. Ашықәс ҿыц ааира иссиру гәалаҟазараак ацуп еснагь, аха уанхәыҷу еиҳа акалашәа уазыԥшуп.

Рассвет  - Sputnik Аҧсны
Ашықәс ҿыц жәытәла: Лымдныҳәа, Каланда шазгәарҭоз

Аҳәара сцәыуадаҩуп иахьатәи ахәыҷқәа рыла иабо аблахкгықәа схәыҷра аамҭа иашьашәалоуп ҳәа. Иахьа иубоит аҭаацәа ишрымо алшара, хкы рацәала еилаԥсо аԥса иалакнарҳауа ахәмаргақәа раахәара, иара убас арлахҿыхратә усмҩаԥгатәқәа уҳәа, рыхшара ргәы шьҭызхша аныҳәа ԥшӡа рзеиҿыркаартә алшара бзиақәа шыҟоу.

Сара аԥсуа қыҭаҿы СССР ахаан аҭаацәара ду аҿы изызҳаз соуп, усҟан ас еиԥш аблахкыгатә ныҳәақәа ыҟамызт, ус акәзаргьы, иахьатәи ақалақь хәыҷқәа злыхәдаау изҩыдоу аҳауеи, сыла ихыбыз аԥсабареи ҳара ҳхәыҷра иацын.

Исҳәарц сылшоит, аматериалтә ганахьала алшарақәа усҟак ишыҭбаамызгьы, сара сабиԥара рхәыҷра ашықәсқәа ихырку ацәаҩа рыман ҳәа. Ашкол сҭалаанӡатәи сгәалашәраҿы аҩны аԥса дырхио исгәалашәом, аха ашықәс ҿыц иаԥылон зегьы, еиҳаракгьы афатә, ажәтә архиара, еиҭанеиааирала имҩаԥысуан. Аԥса аҩны аргылара салагеит схаҭа маҷк саныҩеидас. Иҟалап аԥсуа культура итрадицианы иамамыз Аҵаа Бабадуи Асҭыԥҳаи раара, еилаарцыруа хәмаргала ирхианы аҩны идыргылоз аԥса санду дызлажәытәуаҩыз ала, еиҳа ихьшәаны ҳаҩны иҳаланагалазар, убри акәхап сани сандуи аԥса архиара хырҩа зазыруаз, усҟан аҩны аԥса зыргыло иалагахьаз шмаҷҩымызгьы.

Элеонора Когония - Sputnik Аҧсны
Ашықәс аимхәыцқәа

Сара ишысгәалашәо ала, ҳара ҳаҩны лымкаала иалкааны иазгәарҭон Қьырса ныҳәа. Убасҟан акәын, шаанӡа саб дцаны ашәшьқәа ааганы, дныҳәаны аҩны ашә аҿы ианыкнеиҳауаз. Убри адагьы, ашәшь ардәына алартәаны, исыҭаны ахәыҷқәа ахьыҟаз агәылара санырышьҭуаз сгәалашәоит. Сахьнеиуаз аҳамҭақәа сырҭон, еиҳарак ахаа-мыхаақәа. Ардәына златәаз (зыԥсы ҭамыз) ашәшь ҳара ҳахьгьы иааргон.

Ажәакала, ҿыцла ашықәс ҿыц аԥылара аасҭа, Қьырса ныҳәан аҩны иалкааны иазгәарҭоз. Ус шакәызгьы, ҿатәла ашықәс ҿыц аԥылара мҩаԥысуан иаҳхысыз ашәышықәса 60-тәи ашықәсқәа рзгьы. Иҟалалон асы бзиа ауны, аԥсабара ҟәашшӡа ашықәс ҿыц акыр изырлашоз аԥсабаратә ныҳәақәа аныҟаз. Избан сыздыруам, аха уажәтәи аамҭазы асы уарла-шәарлазар, усҟан аӡын асы бзиа леиуан, шьамхахьы ианышьҭалоз ыҟан. Иҵаауан аӷьеҩҳәа. О, ианҵаауаз акәын, ахәыҷқәа ҳзы зеиӷьыҟам ашықәс ҿыц ныҳәа аныҟаз.

Шықәсык зны, аныҳәа аламҭалазы сан арезина магә ҟаԥшь сзаалхәеит. Ҿыцк анысзаархәалак аныҟәгара сшеилаҳауаз еиԥш, саргәаҟуан зхәы ҳаракыз амагә ҟаԥшь ашьаҵара. Избан сыздыруам, аха сан амаҭәа ҟаԥшьқәа ракәын исзаалхәоз. Ирлас-ырлас ус аҳамҭақәа зласмоуаз ала, ибзианы сгәалашәраҿы инхеит урҭ амагә ҟаԥшьқәа. Сыхбыџӡа сыҟан, агәылахәыҷқәа срыцҵаны ашҭа санҭрыжьуаз аамҭоуп.

амхы - Sputnik Аҧсны
Аӷьычреи ақәычреи, мамзаргьы чеиџьыкала ахьырхәра

Аҩны ашықәс ҿыц рҽазыҟарҵоз, сара ҳгәылацәа хәыҷқәа срыцны, аҵаа ахьхылоз Ҷаҷалҟа чараазра сцеит. Ҳрацәаҩын. Ҳчараазуа еицыз зегь аҵаа ҳаннықәла, аԥсуа ҵаа ҳазымычҳазт ԥыҭҩык ҳалҭабгеит. Уи акәхеит, смагә ҟаԥшьқәа аӡы нарҭалеит. Ихьаазгеит. Сан дсацәҳарҳәа сшәон, аха иҟасҵагәышьоз, аҩныҟа сгьежьит сшьапқәа бааӡаӡа. Схәыҷымзи, са стәала, сан илмырбаӡакәа сшьапы еиҭакны, смагәгьы сырбарц сҭаххеит. Уаҳа умԥсит, сан ахьышәҭҳәа игәалҭеит: "Бмагә ҿыцқәа иаразнак ибырбааӡеит", - лҳәан, ауаџьаҟ ахы инықәыргыланы арбара далагеит. Адырҩаҽнынӡа саргьы аҩны сааҩнахеит.

Ашықәс ҿыц иадҳәало схәыҷтәы хҭысқәа рахьтә иҟоуп иахьада еиҭасымҳәац даҽа хҭыскгьы. Усҟан ауаа еиҭанеиааиуан, еибабон, убри аҟынтә, ашықәс ҿыц ашьҭахь, Дӷамшь аӡиас аганахь инхоз Папсқьыраа рҳабла ҳәа иахьашьҭаз сан лҩызак лахь сасра сылгеит. Ҳахьнеиз аԥшәма ԥҳәыс дгәырӷьаҵәа дахԥылеит.

Дара рхәыҷқәа духахьан, сызцыхәмаруаз дыҟамызт аҟынтә, ԥыҭк срыдтәалеит, аха нас ихҩаны иҟаз асоф ахь снеит уа игылаз хәмаргала иҩычаз аԥса сахәаԥшырц. Сыбла иҵашәеит, ахаан исымбацыз ахәмаргақәа. Иҟалап ақалақь ахь иҟаз уи аԥҳәыс лыԥҳацәа џьара ианианы иаархәазар, мамзар ас иԥшӡаз ҳгәылацәа рҿгьы исымбацызт. Сгәы иааҭаххеит хәмаргак аамхны сџьыба инҭаҵаны изгарц. Ус саҳәар иԥхасшьеит, идмырбаӡакәа цырак згар иамоузеи сгәахәит. Дара аҩны азал аҿы итәаны ицәажәон, сара сыҩналон сдәылҵуан ишамысхуа аԥшәма ԥҳәыс сылбар ҳәа сшәаны, ахәмарга амхра амриа анбасоури ҳәа суалыуашо. Даҽа ганкахьала исгәалашәон "аӡәы иитәу шәымган" ҳәа аҩны исаҳауаз, аха ахәмарга аԥшӡара ҭыԥ снаҭомызт. Схәыцуан, изгап аха, аҩны исыдырбалоит, иабазго, иабасҵәахуеи ари асаркьалых хәмарга ҳәа. Исыдырбалар лахь соуан, сырԥхашьаны, "изтәу ирызга" ҳәа иахьынтәызгаз саарышьҭуан. Уигьы аԥхашьара. Абас, асофи, азали рыбжьара сышыбжьаз, "шьҭа ҳцалароуп" ҳәа сан лыбжьы аасаҳаит. Исзымгәаӷьит ахәмарга аӷьычра, сгәы иҭахәхәа ишҭаз аҩныҟа ҳгьежьит.

Ашьҭахь сара ашкол санҭала ауп, схала аԥса аҩны исырхио саналага. Сани сандуи рытрадициақәа иреиԥшымыз- ҿатәла аԥса рхианы саԥыло салагеит аныҳәа. Иҵӡозеи, аха иахьагьы иԥхасшьоит, истәымыз ахәмарга ӡаны изгарц ахьысҭаххаз. Исымгаӡеит, аха усгьы аӷьычра сазымхәыци?!

Аибашьра ашьҭахь ауадаҩрақәа злаҟаз ала, аҩны акыраамҭа аԥса амахә аҭӡамц аҿы икнаҳаны хәмаргала исырхион. Бзиа избаӡом зыԥсы ҭоу аԥса аԥсҭазаара иалхны аҩны иандыргыло. Ҳашнеишнеиуаз, аџьармыкьаҿ ирҭиуа иалагеит зыԥсы ҭам аԥсақәа, нас сиасит уи ашҟа.

Схәыҷқәа духахьеит аҟынтә, уажәшьҭа шықәсык зхыҵуа смаҭа Иасон данаауа ҳәа исырхиоит аԥса. Иахьатәи ахәмаргақәа акыр хаҭабзиарала еиӷьуп сызҳамҭазы иҟаз раасҭа, ус акәзаргьы, санхәыҷыз сызлеиҳаз ахәмарга иадхәало ахҭыс сышмаҷымгьы сыԥхыӡ иалоуп.

Автори аредакциеи ргәаанагарақәа еиқәымшәозар ҟалоит.

Ажәабжьқәа зегьы
0