"Ашықәс ҿыц, ашықәс ҿыц, уааила лассы" – иахьынтәаанаго умбаӡо улымҳа лассы-лассы иҭаҩуа иалагеит арҭ ажәақәа.
Ашықәс ҿыц азыԥшра дарбанызаалак игәы иԥсы иазнархынҳәуеит ахәыҷра… Уаныхәыҷызеиԥш ашьыжь уанааԥшуа аԥсаӡ аҵа зегьы ҳамҭала иҭәны акәакьаҿ игылазарц уҭаххоит… Иуҭаххоит асеигәыдҵара уааԥсаны ункаҳаанӡа… Иҟалалоит шьыжьхьак еиԥш ас-пашә ҿаҵак амыԥҽра ануҭаххогьы…
Асы ықәын амҩа,
Амҩа хараӡа. Иааԥсан уажәы ахала
Инатәеит абра.
Ашәҭқәа уи нарықәтәеит,
Адәҳәыԥш аҿгьы итәеит.
Ашҭа иқәыз хаҵакгьы
Ижәҩаҿы инатәеит.
Асы рықәиоуп адгьыл,
Ашьхақәа, ахәқәа.
Аԥсы ашьоит аамҭала
Ишәмыршәан, абаа…
Месопатамиеи Нил аӡиас аладатәи аԥшаҳәаҿи ауп ҳера ҟалаанӡа аԥшьбатәи азқьышықәсазы ацивилизациа ахы акит ҳәа ахьазырыԥхьаӡо. Аҵарауаа ргәаанаграла Месопатамиоуп 25 шәышықәса раԥхьа ашықәс ҿыц аԥылара ахьаԥшьыргазгьы. Баша ирҳәома нас, "ацивилизациа агара" ҳәа арҭ аҭыԥқәа рзы.
25 шәышықәса… Заҟаҩ аргәырӷьахьозеи ари аныҳәа азгәаҭара. Заҟаҩ мыцәаӡакәа аҿыц ааира иазыԥшхьозеи. Заҟаҩ аԥхыӡ ссирқәа рбахьозеи.
Избан бзиа изаабо Ашықәс ҿыц? Раԥхьа иргыланы иарбанызаалак аҿыц, ари ссируп, гәахәароуп, гәырӷьароуп, зыԥшроуп. Шамахамзар ахәыҷқәа реиԥшҵәҟьа акәымзаргьы аԥсҭазаара икыднаҟьо адуқәаҵәҟьагьы Ашықәс ҿыц ауха еиҭакрак, еиӷьхарак иазыԥшуп. "Иҟалааит ҳазҭало ашықәс ииасыз аасҭа еиӷьны" рҳәоит аныҳәаҿақәа шьҭызхуа.
Ҽааныбзиала, Ашықәс ҿыц!
Мышьҭабзиала, Ашықәс ҿыц!
Еиԥш шықәс мгылац рҳәо,
Еиԥш мышьҭабзиа мииц рҳәо,
Убарақьаҭны, уразҟны,
Унасыԥны, уеиҵаҭәны,
Зеиԥш ҟамлац шықәсны уҟалааит,
Зеиԥш рымбац шықәсны иузҳааит.
Ҽааныбзиала, Ашықәс ҿыц!
Мышьҭабзиала, Ашықәс ҿыц! – сҳәоит саргьы гәаныла. Сыгәгьы хыҭхыҭуеит: "Инаӡарымашь сажәақәа Иаҳхылаԥшхәу иҟынӡа" ҳәа.
Еиуеиԥшым асахьақәа рҟны иубарҭоуп адунеи зегь аҿы аныҳәа рыҽшазыҟарҵо. Ақалақь дуқәа цәымзалашарала еилыџьџьаауеит. Изакәытә гәышьҭыхрозеи уа иҟоу, анаџьалбеит. Шьыри, сықалақь гәакьагь мышкызны, иаха сылаԥш сзаҟәымго сызхәаԥшуаз қалақьк аҟны еиԥш илаша-лашо ианыҟало збартә сахьӡандаз. 2500 шықәса ирҭысхьоу ҳ-Аҟәа аԥсаӡами аԥшӡара, алашара, ахымкыхра? Акызаҵәык, аҵыхәтәантәи аамҭазы ацәа иалҵызшәа избоит. Ана-ара аиҭакрақәа ҳдыргәырӷьоит. Заҟа имариазаари ҳаргәырӷьара.
Знапы иану аус ҟазҵо ауаҩы иҟаиҵо џьаҳшьо ҳалагеит. (Еиҭа сыбжьы ныҵакны сиҳәапишь Анцәа ду "ҳакәша-мыкәша ачынуаа зегьы рнапы иану аус ишахәҭо иҟарҵаларц"). Издыруада, издыруада ҳшыҟоу ҳаиӷьхар…
Абарҭ аныҳәамшқәа рыламҭалаз исҭаххалоит адунеи ду аҿы ауаатәыҩса адгьыл заҵәык аҿы акәымкәа аҽаџьарагьы иҟазаарц. Уаантәи иҳахәаԥшларц. Амала даара ибзиан ҳацәгьара акәымкәа ирбо зегьы ҳабзиара акәзар.
Шықәс ҿыцуп уаха,
Ҳанҭалоит еиҭа
Ҽа шықәсык.
Аминуҭқәа ахыц
Иахышәшәоит,
Ахыц амала
Ирласны инхоит.
Еиԥылоушәа араҟа
Ҩ-дунеик
Аԥенџьыр сахьадгыло избоит.
Ҵа змам ажәҩан
Еҵәала иқәҵоуп.
Уа уаҩытәыҩса уҟазар,
Уааи, ҳаԥшәмацәоуп.
Адгьыл заҵәыкаҿу
Аччабжь ахьго?
Адгьыл заҵәыкаҿу
Ажәыәт шықәс ахьцо?
Асааҭ аст асаркьал,
Абар жәаҩа ҟалеит,
Ашықәса ашықәси
Рыбжьара сеимдоит,
Ашықәси ашықәсиаԥсаӡа
Сгәы абжаҵәҟьа ршоит.
Ҽааныбзиала,
Адунеи!
Ҽаан уажәаанынӡа
Мҩабзиа,
Мшьҭабзиа,
Ҳаргәырӷьа…
Ҳаргәырӷьа ашықәс ҿыц. Иеизҳазыӷьааит Аԥсынра. Иеиҵагылааит зани-заби реиԥш зегь еицыртәны изықәгәырӷьо аҵеира. Иҟалааит ҳамҩадуқәа рҿы аҭынчреи аманшәалареи. Амашәырқәа маҷхааит. Ирацәахааит ачарақәа. Ҳаиҳабыра ахшараиурҭа ҩн-ҿыцқәа рыргылара азҵаара аӡбра рықәшәааит рацәак имгакәа. Шьыжь инҭыҵыз аԥа ахәылԥаз деибга-деизҩыда иан дылзыхынҳәааит.
Шьарда, шьарда, шьардаамҭа Аԥсынра!…