Путин Урыстәыла Апрокурор хадас Игор Краснов икандидатура аӡбахә иҳәеит

© Sputnik / Алексей Куденко / Амедиаҵәахырҭахь аиасраЗдание генеральной прокуратуры РФ в Москве
Здание генеральной прокуратуры РФ в Москве - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Игор Краснов имаҷымкәа ауаажәларра рҿы ацәажәара зхылҿиааз ацәгьоурақәа: Анатоли Чубаис ишьразы аҽазышәареи Борис Немцов ишьреи реиԥш иҟоу инапы иҵигеит.

АҞӘА, ажьырныҳәа 20 – Sputnik. Владимир Путин Афедерациатә хеилак ахь ахәаԥшразы инеишьҭит Ашьаусҭҵааратә еилакы ахантәаҩы ихаҭыԥуаҩ Игор Краснов прокурор хадас иҟаларазы икандидатура. Абри атәы аанацҳауеит Кремль апресс-маҵзура.

Апрокурор хада Иури Чаика аҽа усурак ахь диасуеит ҳәа аҳәоит апресс-маҵзура аацҳамҭаҿы.

РИА Новости ишазаарыцҳаз ала Афедерациатә хеилак аҿы Чаика иҭыԥан Краснов иҟаҵара азҵаара иахәаԥшраны иҟоуп ажьырныҳәа 22 рзы.

Аиустициа аинрал-леитенант Игор Краснов имаҷымкәа ауаажәларра рҿы ацәажәара зхылҿиааз ацәгьоурақәа: Анатоли Чубаис ишьразы аҽазышәареи Борис Немцови, Станислав Маркелови, Анастасиа Бабуровеи иара убасгьы Москватәи ақалақьтә ӡбарҭа аӡбаҩ Едуард Чувашови рышьреи реиԥш иҟоу инапы иҵигеит.

Жәабран 28 2015 шықәса рзы Краснов Борис Немцов ишьразы аусҭҵааҩцәа напхгара риҭон.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

 

Ажәабжьқәа зегьы
0