АҞӘА, ажьырныҳәа 20– Sputnik. Ажьырныҳәа 18 рзы Аԥсны ахада инапынҵақәа назыгӡо Валери Бганба Апарламент адепутатцәа дырԥылеит атәылаҿы иҟоу аҭагылазаашьа алацәажәаразы ҳәа Sputnik Аԥсны иазеиҭеиҳәеит адепутат Гиви Кәарҷиа.
"Атәылаҿ иҟоу аҭагылазаашьа ҳалацәажәон. Ҷыдала азааҭгылара аман ацәажәара рацәа зырҵысыз Тҟәарчал араион ахада лмаҵура аанлыжьырц иҟаҵаз ақәыӷәӷәара", - иҳәеит иара.
Ажьырныҳәа 17 рзы Аполитикатә партиа "Амцахара" ҳахаҭарнакцәоуп ҳәа зҳәаз, хҩык аҷкәынцәа, Аида Чачахлиаԥҳа Тҟәарчал ақалақь ахада инапынҵақәа аанбыжьроуп ҳәа илызнеиит.
Дара ирҳәеит Тҟәарчал араион аҿы "Амцахара" ҳахаҭарнакцәоуп ҳәа. Убри аан лнапынҵақәа шьҭалымҵар ишеицәахо азы илықәмақарит. Аида Чачхалиаԥҳа Алхас Кәыҵниа аҭел дизасит. Иара иҳәеит аӡәгьы акгьы инапы ишанимҵаз.
Sputnik акорреспондент дзыҿцәажәаз Алхас Кәыҵниа иажәақәа шьақәирӷәӷәеит, аӡәгьы усеиԥш дҵа иаҳамҭеит иҳәеит.
Аида Чачахлиаԥҳа ақалақь ахада инапынҵақәа рааныжьра лгәы иҭаӡам. Лара уи дақәшаҳаҭуп абри азы атәыла ахада инапынҵақәа назыгӡо аусԥҟа инапы аҵеиҩыр.
Адепутат иажәақәа рыла ахада инапынҵақәа назыгӡо Апарламент ахь аҳәара ҟаиҵеит ареспубликаҿы аҭынчраз аидгылара мҩаԥыргарц, алхрақәа ишахәҭоу адемократиатә ҟазшьа рыманы ицарц.
"Апарламент иалшоит аполитикатә партиақәеи аиҿкаарақәеи ирнырырц. Уажәтәи аҭагылазаашьаан ауаа акыр ргәы еибакуп. Еилацәажәалатәуп. Еилабжьалалатәуп ", - иҳәеит адепутат.
Аиԥылараҿы иалацәажәан Аԥсуа телехәаԥшра азҵаара. Кәарҷиа ишиҳәаз ала ателехәаԥшра аиҳабы арзаҳал иҩит иусура шышьҭеиҵо азы. Уажәы адиректор инапынҵақәа налыгӡоит Рада Аргәынԥҳа.
"2014 шықәсазтәи аҭагылазаашьаан иаԥҵан ауаажәларратә хеилак. Ахеилак иҳәаақәнаҵомызт аха хылаԥшра анаҭон ателехәаԥшрахьы амчрақәарнеира. Уажәазгьы уи аформат иазыхынҳәызар бзианы ишьоуп", - иҳәеит адепутат Гиви Кәарҷиа.
Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:
- Атәыла ахада инапынҵақәа наигӡалоит аԥыза-министр Валери Бганба