АҞӘА, ажьырныҳәа 23 - Sputnik. Аилахәыра Apple iPhone абиуџьеттә модель аидкылара жәабранмзазы иалагоит ҳәа аанацҳауеит Bloomberg.
iPhone SE ашьҭахь уажә ахархәаҩцәа ирыдгалахо амодель раԥхьатәи биуџьеттә модельуп.
Дәахьыла иара iPhone 8 еиԥшуп, 4,7 диуим иҟоуп. Афункциа Touch ID акнопка "Домой" иҭартәахоит, аха убри аан абиометриатә аутентификациа Face ID ҟалаӡом.
Bloomberg ишаҳәо ала iPhone Apple аҽарҭбаара иаҿуп. Аилахәыра иагәиҭоуп сынтәа 200 миллион рҟынӡа ҭелтә шьақәгыла аҭыжьра.