Китаи ачымазара ҿкы ҿыц зыхьыз рхыԥхьаӡара 570-ҩык ыҟоуп

© AFP 2023 / STRЗаражение в Китае
Заражение в Китае  - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Китаитәи амчрақәа ԥхынҷкәын 31 2019 шықәса рзы алаҳәара ҟарҵеит идырым ачымазарахк ахы цәырнагеит ақалақь Ухань аҿы ҳәа. Аҟазауаа ишьақәдыргылеит ачымазара цәырызгаз коронавирус ахк ҿыц - 2019-nCoV шакәу.

АҞӘА, ажьырныҳәа 23 - Sputnik. Коронавирус иахҟьаны иахьазы Китаи 570-ҩык ачымазара рылаҽуп, урҭ рҟынтәи 95-ҩык рҭагылазаашьа уадаҩуп ҳәа аанацҳауеит РИА Новости агигиенеи агәабзиареи рызҵаарақәа рзы КЖәР аҳәынҭеилакы аиҳабы ихаҭыԥуаҩ Ли Бинь иажәақәа ҵаҵӷәыс иганы.

Иаҳхысыз уахи-ҽни рыла иазгәаҭан 131 хҭыс. Зыԥсҭазаара иалҵыз реиҳараҩык рықәра 65-шықәса еиҳауп.

Новый коронавирус в Китае  - Sputnik Аҧсны
Коронавирус иахҟьаны Китаи жәҩык ауаа рыԥсҭазаара иалҵхьеит

"Ишьақәырӷәӷәоуп иахьатәи аамҭазы акоронавирус ахк ҿыц Китаи 570-ҩык ирылаҽны иҟоуп, жәҩык ԥсхьеит ҳәа", - иҳәеит Ли Бинь.

Уаанӡатәи адыррақәа рыла 440-ҩык ачымазара рыман, фҩык ԥсхьан.

Китаи анапхгара официалла ирҳәеит авирус ауаҩы иҟынтәи ауаҩ иахь еиҭасуеит ҳәа. Убри аан иара еиҳарак ииасуеит ҳауала. Амедикцәа авирус еиҭа аҽаԥсахыр ҟалоит ҳәагьы рҳәоит.

Китаи иаԥну Амуртәи аобласт аҿы аҭагылазаашьа ҷыда алагалоуп ахәышәтәырҭақәа рҿы.

Астратегиатә планмҩаԥгара Ацентр аиҳабы ихаҭыԥуаҩ Герман Шипулин аҳәамҭа ҟаиҵеит Урыстәыла авакцина шаԥырҵо, аха иара аԥҵара шықәсыбжак аҟынӡа иадхалоит. Жәабранмзазы акоронавирус аарԥшразы аекспресс-тест аԥҵахоит иҳәеит агәабзиарахьчара аминистр ихаҭыԥуаҩ Олег Салагаи.

Коронавирус ахк ҿыц - 2019-nCoV Китаи аҳәаақәа ирҭыҵны Алада Кореиа, Иапониа, ЕАА, Таиланд инеихьеит. Ахабар рбахьеит Сингапур, Гонконг, Австралиа.

Ажәабжьқәа зегьы
0