АҞӘА, ажьырныҳәа 24 – Sputnik, Бадри Есиава. Ауаажәларратә палата абҵара 23 рзы алаҳәара ҟанаҵеит иара аилазаарахь ауаа шнанаԥхьо. Абри атәы Sputnik иазеиҭеиҳәеит апалата алахәыла Даниил Убириа.
"Аԥсны Ауаажәларратә палата 35-ҩык атәыла ауааԥсыра рыла ишьақәгылоуп. Иахьазы 11 ҭыԥ ҭацәны иҟоуп. Урҭ ауаажәларратә еиҿкаарақәеи, аполитикатә партиақәеи, еиуеиԥшым аиҿкаарақәа рҟынтәи иалкаахоит. Арзаҳалқәа ҳадаҳкылалоит ажьырныҳәа 31 рҟынӡа", - иҳәеит Убириа.
Иаанхаз 11-ҩык ркандидатурақәа еиндаҭларала иалкаахоит. Асиақәа Ауаажәларратә палатахь инарышьҭуеит, уа маӡалатәи абжьыҭарала акандидат далыркаауеит. Убри аан азхьаԥшра арҭоит акандидат изанааҭ, иԥышәа, иусуратә стаж.
"Ҳаилазаараҿы азиндырыҩ дыҟамзар, уи иҭыԥ аҿы даҽа занааҭк змоу даҳзалхӡом. Ауаажәларратә палатаҿы аусхкқәа зегьы рхаҭарнакцәа алахәзароуп", - иҳәеит иара.
Аполитикатә партиаҟынтәи акандидат иуалԥшьоуп апартиаҿ илахәылара ааникыларц.
Ауаажәларратә палата алахәылацәа алырхуеит иагьышьақәдырӷәӷәоит хышықәса ҳәа ҿҳәарас ирыҭаны.
Аԥсны ауаажәларратә палата 35-ҩык атәыла ауааԥсыра рыла ишьақәгылоуп. Иахьазы 11 ҭыԥ ҭацәны иҟоуп.
Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:
-
Шамԥҳа Ауаажәларратә палатазы: ауаа рхьаа аиҳабыра рҟынӡа ирызнамгозар, изаҳҭахи