Аҳәынҭқарра иахәоит: аҳәаанырцәтәи аҟазауаа Аԥсныҟа иаарыԥхьалоит

© Sputnik / Виталий Аньков / Амедиаҵәахырҭахь аиасраАҳәынҭқарра иахәоит: аҳәаанырцәтәи аҟазауаа Аԥсныҟа иаарыԥхьалоит
Аҳәынҭқарра иахәоит: аҳәаанырцәтәи аҟазауаа Аԥсныҟа иаарыԥхьалоит - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны аиҳабыра ишьақәдырӷәӷәеит ареспубликазы иҷыдоу аҳәынҭқарратә интерес рымоуп ҳәа иԥхьаӡоу азанааҭқәа реиқәыԥхьаӡа.

АҞӘА, ажьырныҳәа 31 – Sputnik, Бадри Есиава. Аԥсныҟа иаарыԥхьало иалагоит здырреи зԥышәеи ҳараку, атәылазы ихымԥадатәиу азанааҭқәа змоу аҟазауаа. Аԥсны аиҳабыра аилатәараҟны ишьақәдырӷәӷәеит ареспубликазы ихәарҭаны иҟоу абарҭ азанааҭқәа реиқәыԥхьаӡа.

Асиахь иаҵанакит: аҳақьымцәа, арҵаҩцәа, аҭҵаарадырратә усзуҩцәа, анџьнырцәа уҳәа егьырҭгьы.

"Азакәан анорма иазыԥхьагәанаҭоит аҳәаанырцә тәылауаа ԥшьышықәса рҟынӡа ҿҳәарас иаҭаны анхара азин рыҭара. Ари азин роур алшоит аҳәынҭқарратә интерес иаҵанакуа азанааҭуаа", - иҳәеит аиҳабыра аппарат анапхгаҩы Давид Сангәлиа.

Сангәлиа иажәақәа рыла, ари аиқәыԥхьаӡахь иалаҳҵарц иаарышьҭит азанааҭқәа 100 инареиҳаны излаз ажәалагалақәа, аха асиахь иаҵанакит 22 занааҭ.

Азанааҭқәа рсиа иану зегьы шәаԥхьар ҟалоит абар>>

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0