Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Ҵәыџьԥҳа "Аԥсныпресс" аҿы аусуразы: сара истәу аҩроуп

© Sputnik / Томас ТхайцукМикрофон
Микрофон - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аҳәынҭқарратә информациатә маҵзура иамоу ахақәиҭра атәы, насгьы ирлас аинформациа аԥхьаҩ иҟынӡа анагаразы ицәырҵуа ауадаҩрақәа ртәы арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы еиҭалҳәеит Аҳәынҭқарратә маҵзура "Аԥсныпресс" аҿы хәышықәса аус зуа акорреспондент Лана Ҵәыџьԥҳа.

Ажьырныҳәа 31 рзы Аԥсны Аҳәынҭқарратә аинформациатә маҵзура "Аԥсныпресс" иахыҵит 25 шықәса.

Ҳазлацәажәаша ҳамоуп: Ҵәыџьԥҳа "Аԥсныпресс" аусуразы

"Ачынуаҩ ирџьара азин сымоуп ҳәа сгәы иаанагоит, аха хымԥада раԥхьа иргыланы зегьы иамазароуп аҵаҵӷәы. Ус иара угәы дақәымшәеит ҳәа уи аҟаҵара иашам. Ачынуаҩ иусураҿы акгьы изыҟамҵазар, илымшазар, уи ҳәатәуп, аха уи зыхҟьаз уҳәароуп. Ҳусураҿы иҟоуп ахақәиҭра, аматериал аҩраан абри абас иҟабҵароуп ҳәа адҵа аӡәгьы исыимҭацт", - ҳәа азгәалҭеит Ҵәыџьԥҳа.

Избан зны-зынла аинформациа аԥхьаҩ иҟынӡа иагхан изнеиуа, иарбан мзызқәоу уи зыхҟьо атәы аиҿцәажәараҿы еиҭалҳәеит Ҵәыџьԥҳа.

"Ҳара ҳҳәынҭқарратә маҵзуроуп, ҳара иҳамам ус еиԥш алшара аинформациа гәамҭаӡакәа џьара иҳаҳаит ҳәа акьыԥхь арбара. Аинформациа ахьынӡаиашоу еилкаатәуп, ауаҩы иажәақәа ааҳгартә еиԥш ҳиҿцәажәароуп, анаҩс адырра анышьақәҳарӷәӷәалак ашьҭахь ажәабжь ҭҳажьуеит, уи зегьы, ҳәарада, аамҭа агоит", - ҳәа еиҭалҳәеит Ҵәыџьԥҳа.  

Инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩы арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы. 

Ажәабжьқәа зегьы
0