Инна Ҳаџьымԥҳа: зегь раасҭа бзиа избоит ауаҩы данхәыцуа

© Foto / Инна ХаджимбаИнна Ҳаџьымԥҳа
Инна Ҳаџьымԥҳа - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Мышқәак раԥхьа лымшира азгәалҭон аԥсуа журналист, ҳашьхақәа рдоуҳа, ҳахшыҩҭрақәа иара убас ахәыҷқәа ирзырхоу адырраҭарақәа акымкәа-ҩбамкәа иаԥызҵахьоу Инна Ҳаџьымԥҳа. Ишәыдаагалоит Sputnik акорреспондент Аинар Ҷыҭанаа ианиҵаз аинтерес зҵоу аиҿцәажәара.

Аинар Ҷыҭанаа, Sputnik

- Шәирамш аԥылара бзиа ишԥажәбо?

- Сирамш аҽны еиҳарак аҭынчра ауп исҭаху. Саныхәыҷыз сирамш ҟалаанӡа аԥсаӡ ықәыргаӡомызт, саб иашьцәа рыхшареи дареи еизаны аныҳәа ду сзыҟарҵон. Уажәтәи аамҭа атәы ҳҳәозар, ари аҽны схала схәыцрақәа сырзынхалар сҭахуп, аха еснагь иҟаӡам уи аҩыза аҭагылазаашьа.

- Шәхәыҷрашықәсқәа шԥашәгәалашәо?

- Сгәанала, иахьанӡа сызҿу зегьы ахәыҷра аҟынтәи ауп ишаауа. Аҭаацәараҿы сара сакәын хәыҷыс иҟаз аҟнытә еиҳагьы аҭакԥхықәреи аџьабааи сыман. Сан лҭаацәа, ҵаҟа, аӡиас Мықә ахықәан иахьынхоз аҭыԥ уамакала иԥшӡан. Сабду иахьатә кәасқьа, аҩцарақәа, абаҳча ссир, ашьхымзаҭрақәа, аҳаԥшьақәа ахьыҵаз аҭыԥ… Уаҟа избоз, исаҳауаз, инеиуаз ауаа, урҭ реицәажәара – абарҭқәа зегь рыла акәын хәыҷ-хәыҷы аԥсҭазаарагьы шысҵоз.

Руслан Мкан-иԥа Ҳашыг - Sputnik Аҧсны
Руслан Ҳашыг: аӡәгьы акгьы ҳамҭас иуанеишьаӡом, ухаҭа аиҿкаашьа уақәымшәар

Аԥсуаа рынхашьа, рдоуҳа уаналацәажәо, зегьакоуп, иркыз-ирышьҭуаз амаҭәарқәа рыла ауп ушалаго.  Уи аганахьала, сан лҭаацәа, аԥсҭазаараҿы кырӡа саазгашаз, агәырӷьара злоу, абзиабара злоу ахҭысқәа рацәаны исырҭеит.

- Арҿиаратә гәалаҟарагьы уаҟа акәхап иахьиз?

- Хымԥада, арҿиаразы агәалаҟарагьы уахьынтәи иаауеит. Санду, саб иан, есышықәса ашьха сылгон. Аха сабду, сан лаб, дшәарыцаҩ ӷәӷәан, ашьхатәыла бзиаӡаны идыруан. Ашьха ҳанцалоз 25 мшы ҳаангылон, аха сабду кырӡа хара днаскьон, аҭыԥ ԥшӡақәа иман. Ҳныҟәарақәа руак ҷыдала сгәалашәараҿы инхеит. Фбаҟа-быжьбаҟа шықәса ракәын исхыҵуаз. Ацәылашамҭазы сҭаацәа сдыргылан, сеилаҳәаны сабду ишьамхы снықәдыртәан, амаҭәа, амҩаныфа уҳәа, амҩахь рҽеизгара иалагеит.

Слава Саканиа - Sputnik Аҧсны
"Шәазыхиоума аибашьра?": арратә журналист Слава Сақаниа 60 шықәса ихыҵит

Сабду ишьамхы сахьықәтәаз ак сеиҳәарц иҭахызшәап сгәы иабон, аха сыԥхашьаны сиазҵааӡомызт. Усҟан сабду ашьхатәыла амчи адоуҳаи сыҭара дшаҿыз еилыскаарц азы шәышықәса рыбжа аҭаххеит. Лассы-лассы сабду ԥхыӡ дызбалон, сандуи сареи ҳахьыцәоз аӷәраҿы амца еиқәҵаны дадтәаланы дысзыԥшызшәа. Инышәынҭрахь лассы-лассы сахьзымцо аума измаано ҳәа схәыцуан, аха ҽнак аҭак ахала схаҿы иааит. Иара исиҭаз агәыбылра анысзеилкаауа ҳәа дыԥшын. Уи нахыс уаҳа ԥхыӡ дсымбаӡеит.

- Шәызлиаауаз, ижәбоз-ишәаҳауаз аума апоезиагьы шәзаазыртыз?

- Хымԥада. Раԥхьатәи ажәеинраалагьы ашьхараҿ ауп иахьызҩыз, аха схаҭа исгәамԥхаӡеит, избанзар ирхәмаршәа иҩын. Арҿиараҿы бзиа избаӡом алафқәа, аҵәалаҵарақәа…

- Аха убри аангьы, раԥхьатәи шәажәеинраала алаф ҟазшьа аман?

- Исыздырӡом усҟан уи ажәеинраала зызҩыз, изхылҿиааз. Аԥхьашьеи аҩышьеи сҵахьан, лассы-лассы сҭаацәа ажәеинраалақәагьы исызрыԥхьон. Сахьныҟәоз, ацәаҳәақәа рхала схахьы иааит, ихәыцны исмыҩӡеит ҳәа сгәы иаанагоит.

Шәышықәса рыбжа ала еилыскааит зегьы поетцәазар шакәым. Насгьы ажәеи абызшәеи доуҳада иҟаӡам, абызшәа ҟамлар, адоуҳагьы ыӡуеит. Имхәыцкәа исҳәаз ажәа ауаҩы игәаԥхазар – убри ауп апоезиа хаҭа. Аха сара филологк лаҳасабала пату сзақәуп ажәа ухаҿы иааганы, иҭҵааны, хәыц-хәыц иузеиҿыршәшәар. Аҵыс ашьапы ахьыԥҵәо здыруа ҳәа шырҳәо еиԥш, ажәа аиҿартәышьа аилкаарагьы зегьы ирыцгылаӡом. Уи аиҿыршәшәара ахшыҩҵаки аԥышәеи ацзар – усҟан апоезиа аҩаӡара аҟынӡа ихагаланы сахәаԥшуеит, аха уи, ҳәарада, ипоезиаӡам.

Апоезиа маҷны ибыҩуеит ҳәа ансарҳәало ыҟоуп, аха сара мчыла аҩра сҭахӡам, ахала ианааиуа сазыԥшуп. Цәала ауп ауаҩы зегьы шидикыло, аха зны-зынла ҳакәша-мыкәша имҩаԥысуа ахҭысқәа уи ржәагәоит. Убри аҟнытә, иҟалалоит исҭаху анысзымыҩуагьы. Анцәа узызхәыцша, узышьҭалаша, ужьы узырцаша акы уирбоит. Убасҟан апоезиагьы, аӡыхь аныҵыҵуа еиԥш, аира еиҳа иазымариоуп. Аха Анцәа иуиҭо адагьы, ажәа уазҟазазар ауп.

Эмма Адлейба - Sputnik Аҧсны
Анцәа иҟынтә аҟазара заҭәашьоу адиктор

- Ауаҩытәыҩса иҟазшьақәа рҟынтәи еиҳа ишәцәымӷу арбану, насгьы иарбану еиҳа бзиа ижәбо?

- Аҩсҭаара сцәымӷуп.  Зегь раасҭа бзиа избоит ауаҩы данхәыцуа. Уа зегьы еицылоит: ауаҩы ивагыло дизхәыцуеит, амҩаҿы инеиуа дизхәыцуеит, аԥеиԥш дазхәыцуеит, ахәыҷқәа дрызхәыцуеит. Амхәыцра иахҟьаны иҟалалоит жәларык аҵәы анырхьаҳшьуа, ҳанырхыччо. Ауаҩы дымхәыцыр, ихаҭагьы изгәамҭаӡакәа иҩнуҵҟа иҵәаху аҟазшьа бааԥсқәа адәахьы ицәыригоит.

- Ауаҩы еснагь иҿаҟны иаҳәара еиҳа ииашоуп ҳәа ишәыԥхьаӡома?

- Ииашоу ииашаму сыздырам, аха сара еснагь иасҳәоит.

- 1994 шықәса инаркны Аԥсуа телехәаԥшраҿы ауас жәуеит. Изеиԥшроузеи ари амҩа иахьа уажәраанӡа?

- Даара илакьҭоуп. Сгәы иаанагоит ателехәаԥшраҿы пату сықәызҵо рацәаҩуп ҳәа, избанзар саргьы пату сызрықәуп.

Аԥсуаа ҳаԥсҭазаараҿы есжәашықәса ақәыларақәеи аибашьрақәеи ҟалон. Ҳара зегьы ҳачҳауа ҳалагар – ҳҟазшьа ҳаԥсахуеит, иаҳмычҳар – ҳақәнахуеит. Аҵара анысҵозгьы, аԥсҭазаараҿы аочерк ззыскша фырхаҵак дысзыԥшаандаз ҳәа сгәаҟуан, иҭысҵаауазгьы аочерк акәын. Аха аԥсҭазаараҿы афырхацәа убасҟак ирацәаҩхеит, зегьы ҳархьымӡаӡеит. Даараӡа лаԥш ҵарыла зегьы урыхәаԥшны, шәкы баны нас ауп акы аныуҩуа.

Аусураҿгьы еснагь акы еимаҳкуеит-еиҿаҳкуеит, ҳагәқәа аннибархогьы ҟалалоит. Аха уи сара ихәарҭоу акы акәны сахәаԥшуеит. Избанзар уаха адырраҭара аефираҿ ианцәырҵуа, ауаҩы ибарҭахоит аусура алҵшәа. Заҟа еимаукуа еиҳагьы аиашахь уцәырнагоит. Ииашоу удыруазаргьы –  ауаа ирҭаху ҳәагьы иҟоуп.

Аибашьра ашьҭахь ауаа агәышьҭыхра рҭахын аҟнытә, иахьынӡауаз ала адырраҭара ԥшӡақәа ҭаҳхуан. Иара убас ахәыҷқәа ргәы шьҭнахырц азоуп адырраҭара "Еҵәаџьаагьы" заԥаҳҵаз. Аха иахьа ауаа ирҭаху аилкаара еиҳа исцәыуадаҩуп.

- Зхы иақәиҭу аамҭа шәхы ишԥашәырхәо?

-  Сҩызцәа срацәажәоит, амшын аԥшаҳәаҿы снеиааиуиеит, аҳауа цқьаҿы аҟазаара бзиа избоит. Зны-зынла хараӡа џьара ацара сгәы анаҳәогьы ҟалалоит. Иара убас, хәылбыҽхала аԥхарраҿы шәҟәы бзиак аԥхьарагьы уаҳа назҭахым ԥсшьароуп.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0