Руслан Ҳашыг: аӡәгьы акгьы ҳамҭас иуанеишьаӡом, ухаҭа аиҿкаашьа уақәымшәар

Анапаҵаҩра
Рашәара 14, 1959 шықәсазы диит аԥсуа журналистика аҿиарамҩаҟны злагала дуу Аԥсны Ажурналистцәа реидгыла ахантәаҩы, ателееилахәыра "Абаза-ТВ" адиректор хада, Аԥсны Зҽаԥсазтәыз ажурналист Руслан Ҳашыг. Ииубилеи аҽны уи диҿцәажәеит Sputnik Аԥсны акорреспондент Аинар Ҷыҭанаа.

Аинар Ҷыҭанаа, Sputnik

- Руслан Мкан-иԥа, изеиԥшрааз шәара шәхәыҷраамҭа?

- 60 шықәса раԥхьа Аԥсны аизҳара, аҿиара амҩа иананыз аамҭан. Избан акәзар имҩасит ишьаарҵәыраз 30-50-тәи ашықәсқәа, Сталин иқәыӡбеит, анапхгарахь дааит Хрушьчов. Аԥсуа бызшәа аԥсуа школқәа рахь ианыхынҳә, Аԥсны аҩнуҵҟа азеиԥш ҭагылазаашьа аныманшәалаха, аԥсуа жәларгьы аҿиара мҩа ианылеит. 50-тәи ашықәсқәа рынҵәамҭа - 60-тәи ашықәсқәа ралагамҭазы еиҳаракгьы аԥсуа қыҭақәа рҿы уааԥсырала аизҳара бзиа ҟало иалагеит. Ҳара ҳҭаацәараҿгьы фҩык ахшара ҳаҟан. Аха уи хыԥхьаӡаралатәи аизҳарагьы иацын кыр ахаԥсыра, аицхыраара, ахныҟәгара. Усураз, ҵараз – аӡәгьы амалаҳәа акгьы ҳаимҭаӡеит, зегьы ҳхы-ҳаԥсы иалҳаршаз аџьабаа иалҵшәан. Ииашоуп, ҳара ҳҳәыҷра еиуеиԥшым анҭыҵтәи аныҟәарақәа рыла игәылҭәаамызт, аха зегь раҵкыс ихаданы ҳара иҳаларааӡон аусура ацәымаашьара, аицхыраара.

Руслан Хашиг - Sputnik Аҧсны
Арадио
Ҳашыг: ауаҩы агәырӷьареи аамҭа хьанҭеи дырзыҟаҵазароуп

Зегьы иреиҳаз ҳамҭан ҳарҭ ахәыҷқәа ҳзы хәаԥаа рышьха ҳәа иахьашьҭоу аҭыԥ ахь ҳаби ҳаб иашьеи ҳаныргоз. Иахьа ҳаамҭазтәи ахархәагақәа рыла иҭырхуа аҭыԥ ԥшӡарақәа блала иаҳбартә, иаҳнырыртә аҭагылазаашьа ҳаман. Ахәыҷы изы ашьхараҿы аҵхқәа, уахынла аеҵәақәа рыԥшӡара уҳәа, ахаан игәы иҭнымҵәо цәаныррақәоуп. Ҳәарада, аԥсшьарагьы лассы инҵәон, дырҩегь ҳазыхынҳәуан аџьаус. Абри зегьы баша ишабалак иҟамызт, зегьы еиҿыбааны еиҿкаан: ианаамҭаз – аусура, ианаамҭаз – аԥсшьара. Ганкахьала аруаа ҳреиԥшын уҳәар ҟалоит, избан акәзар ҳаԥсҭазаара зегьы иаман изшьашәаланы имҩаԥысуаз ахатәы "ԥҟаԥҵа".

Ҳашыг: Кәыдры аҭарцәраан ажурналистцәа рус ааԥсареи агәацԥыҳәареи ацын>>

- Шәыстуденттә ԥсҭазаара иазкны ишәҳәарц ишәылшои?

- Астуденттә ԥсҭазаарагьы еиҿкаатәуп, аӡәгьы акгьы ҳамҭас иуанеишьаӡом. Саныстудентыз саб иашьа иҟны сыҟан, аха исыман убри аҩыза агәаанагара, астудент ихала ихы дақәиҭны, ихала ихы ибо дыҟазар еиҳа изеиӷьуп ҳәа. Насгьы астудент аҵарагьы, аусурагьы, аԥсшьарагьы реиҿырцаашьа идыруазароуп. Акы амацара иҽазикыр – уи абзиахь дкылнагоит ҳәа сгәы иаанагом. Аки-аки еиԥырхагамхо, аԥсшьарагьы ахы аус адуларагьы улшар, нас егьырҭ уусқәагьы хеибарҭәаауеит, убасҟан иулшоит шьаҿа-шьаҿа ԥхьацара. Студентк иаҳасабала ибзианы аҵара сҵон, аха исҭахын аҿар ҳабжьара иҵегьы аицлабра ӷәӷәазарц, еиҳазарц аҵаразы агәацԥыҳәара. Иҟалалон убасгьы, аҵара зымҵоз еиҳагьы қәҿиарала аҵара дзалгомашь ҳәа сгәы ианаанагалозгьы. Аха сара урҭ рҩызцәа астудентцәа сырҿыԥшӡомызт, ҳанмаҷқәаз, ҳҭаацәа ишаҳдырҵаз еиԥш, ламысцқьала сус насыгӡалар сҭахын. Уи иалҵшәаны 1980 шықәсазы Москва имҩаԥысуаз Аолимпиатә хәмаррақәа блала избартә аҭагылазаашьа соуит. Иара уи ашықәс лымкаала сара сзы иманшәалахаз, ирацәаӡаны аҳамҭақәа сзаазгаз шықәсхеит.

Интервью - Sputnik Аҧсны
Руслан Ҳашыг: аԥсуа журналистцәа аӡәы иҵамхо иҟаҵатәуп

Асовет Еидгыла аҳҭнықалақь санаҭаа, Аолимпиатә хәмаррақәа санрыхәаԥш ашьҭахь исоуит алшара Москва аҵара сҭалартә еиԥш. Москватәи аҳәынҭқарратә университет, ажурналистика афакультет санҭала, уаанӡа сзызхәыцуаз астудент ихала иԥсҭазаара схаҭа ианԥысшәашаз аамҭа сааҭагылеит. Абраҟагьы иаҭахын ашәара-азара-акапанра. Избан акәзар иҟаломызт мыцхәы аԥсшьара, мамзаргьы сҵара иаԥырхагахашаз изакәызаалак сахнаԥаацәар. Саргьы иахьынӡасылшоз ала уи сацклаԥшуан. Иааизакны иуҳәозар, москватәи сыстуденттә ԥсҭазаара исзыннажьыз агәалашәарақәа, аԥышәа, анаҩстәи сыԥсҭазаара сзықәнаршәоз ауадаҩрақәа рҿы кырӡа исыцхраауан, гәахәара дула исгәаласыршәоит иахьагьы.

Ҳашыг Sputnik Аԥсны азы: еихьӡароуп аԥсуа журналистика аҿиаразы>>

- Шәара кыр шықәса аҳәаанырцәтәи ателеканалқәа ркорреспондентс аус зухьо шәреиуоуп. Иарбан уадаҩрақәоу уи аусура шәҿаԥхьа ицәырнагоз, насгьы ишәнаҭаз аԥышәа иахьатәи аамҭазы ахә шԥашәшьо?

- Уи еиҳау ҵара ыҟаӡам. Избан акәзар Аԥсны иаауаз ажурналистцәа шамахамзар зегьы аус рыцызуан, урҭ русушьа аҭҵааразы, акы рыҿҵааразы алшара сыман. Аҵара еснагь иаҭахуп, зегьы здыруа ауаҩы дыҟаӡам аҟнытә, занааҭлатәи аимадара еснагь ихәарҭа дууп аҩганкгьы рзыҳәа. Аҳәаанырцәтәи аканалқәа аус рыцура акәзар, ҳәарада, аҭакԥхықәра ду сыднаҵон, избан акәзар зынӡаск даҽа ҩаӡарак ала еиҿкаан урҭ русушьа. Даҽакалагьы ҟалашьас иамои, аусура уҭахызар – уацәымаашьароуп аџьабаагьы, урызхиазароуп ауадаҩрақәагьы. Саргьы журналистк иаҳасабала сзанааҭ иҵегьы азааигәахаразы, еиҳагьы уи акәамаҵамақәа реилкааразы алшара бзиа снаҭон уи аусура. Усҟан исоуз аимадарақәа, азанааҭ инаваргылангьы аиҩызаратә еизыҟазаашьақәа иахьа уажәраанӡагьы исырӡӡом. Сара сзы уи хәы змаӡам акоуп.

- Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьраан аинформациатә хархәагақәа русура мҩақәызҵоз шәреиуан. Аамҭа хьанҭазы аԥсуа журналистика ахы шԥаанарԥши, насгьы ишԥалшеи уи аҽанраалара?

Руслан Хашиг - Sputnik Аҧсны
Арадио
Ҳашыг сентиабр 3 рзтәи Москватәи аиқәшаҳаҭразы: Владислав ихаҭарацәҟьа ааԥшит

- Ҳаԥсадгьыл зыхьчоз рфырхаҵара иақәнагахашаз аҩаӡара ҳаракы аарԥшра алшеит аԥсуа журналистика. Уи шьақәнарӷәӷәоит иҳабашьуаз раԥхьагыла изныкымкәа иқәгыларақәа рҿы ииҳәоз ажәақәа: " Ҳара аибашьра ҳзаҵахаз, аинформациатә еибашьра ҳахьаҵахаз азоуп" ҳәа. Аиашазы, аибашьра актәи амш инаркны аинформациатә хархәагақәа ирыдҳәалаз ауаа ҳнапы еиқәыԥсаны ҳамтәакәа, ҳтехникатә еилазаара иаҳнаҭоз алшарақәа ҳхы иархәаны ҳадҵа наҳагӡон. Даҽакалагьы ҟалашьа ыҟамызт.

- Дзеиԥшроузеи аԥсуа журналист? Егьырҭ дызлареиԥшым акыр ыҟоума?

- Иҟоуп адунеи зегьы аҟны иазхаҵоу ажурналистика азеиԥш принципқәа. Уи мыцхәы амилаҭтә ҟазшьа аҭара ҟәышрак иатәны исыԥхьаӡом. Ҳәарада, иарбан усзаалак иамоуп ахатәы ҷыдарақәа, акәамаҵама. Аха урҭ рылахәаахәҭра иашаӡам, ихадароу – аус ауп, уи ауп ҳазлацәажәашагьы. Ҳара ҳзанааҭ аҟны – уи аиаша ауп.

Руслан Ҳашыг: ажәа ахақәиҭра амамзар - изыҟалаӡом ажурналистика>>

Саргьы хаҭала исымоуп схатәы усуратә принцип: иҟауҵо еснагь азхәыцра, абри аҭагылазаашьа еицәанатәыр алшомашь ҳәа еснагь ахы азҵаара аҭара. Аха аиаша ахаҭа ауаа ирдыруазароуп. Уи аҵәахра, мамзаргьы аамҭак азы аанкылара кырӡа ишәарҭоуп. Ажурналист зегь раасҭа дҟәышны дыҟаӡам, зегьы ихы рыликаауа далагаргьы – уи ииашоу журналиступ ҳәа сзызизҳәом. Аҳәатәи аҳәашьеи хаз-хазуп ҳәа рымҳәои аԥсуаа… Иҟалап иара убри акзаҵәык ала акәзаргьы аԥсуа журналист егьырҭ дызлареиԥшым.

Ҳашыг: "Абаза-ТB" ҳажәлар ззыԥшу акакәны аҟаҵара ахьҳалшаз сара сзы инасыԥуп>>

- Дзусҭазаалакгьы илшома ажурналистхара?

- Ауаҩы джурналистхарц азы, сгәанала, Анцәагьы акы илаиҵароуп, аҵарадыррагьы имазароуп, уи шџьабааугьы еиликаауазароуп. Унықәгыла-аақәгыло аҽырԥшӡара, ахӡыргара – ари ажурналистика иацәыхараӡоуп, еибатәӡам. Ажурналистика – ари еиԥҟьара змам џьабаауп, иԥсҭазаашьоуп.

Ажәабжьқәа зегьы
0