МОСКВА, жәабран 6 — РИА Новости, Светлана Баева. Англыз бызшәала ацәажәара —проблемада, ихааны акрыфарачара — имарианы, аметро аҿы — иџьашьатәу рацәоуп. Москва, аԥхьахә World Travel Awards алауреат, аҳәаанырцәтәи атуристцәа ишыргәаԥхогьы иҟоуп ҷыдарақәак. Арҭ аҷыдарақәа РИА Новости аматериал аҟны.
Англыз бызшәа зҭаху, абырзен бызшәала аҩырақәа
"Изныкымкәа сақәшәахьеит Москва инхо ауаҩы англыз бызшәа удыруама ҳәа иазҵааны мап ҳәа аҭк ҟаиҵо, аха нас ицәгьамкәа уи ала дцәажәо", - лҳәоит Таниа Симпсон, Австралиатәи атурист.
Германиатәи Поль иазгәеиҭоит амҩа аԥшааразы ишымариоу англыз бызшәала аҩырақәа рыҟазаара.
"Урыстәылатәи аныҟәаҩцәа Лондон, Париж ма Германиа акириллица џьаргьы ирымбар ҟалап?", - иҳәоит иара.
Иҟоуп Москва англыз бызшәадагьы зхы ҟәнызымшьо. Аекскурсиамҩаԥгаҩ Елена Савина илҳәеит абырзен бызшәа ашкол аҿы изҵоз италиаа ирласны абызшәа рҽандыршәоит ҳәа.
Адгьыл аҵаҟа
Асасцәа рыпрограммаҿы ихымԥадатәиу пунктуп аметро: аҭоурыхтә станциақәа, амозаикатә панно, асаркьалыхԥсара лашарбагақәа.
Аха адыррақәа реимдараз атуристтә маҵзура Quora аҿы ЕАА аҟынтәи атурист Питер МакДональд иҩит: "ашыкьымҭаз аметро џьаҳанымуп" ҳәа.
"Зны аметро аҿы 20 минуҭ сызшьапык сшықәгылаз исхызгеит", - иҩуеит иара.
Рим инхо Антонио Томасини игәаԥхоит амҩа ҭбааҭыцәқәа, аиҿкаара бзиа.
"Москвеи Чикагои еиҿсырԥшыр сылшоит, аха ауаажәларратә транспорт еиҳа хра амани аныҟәцаҩцәа еиҳа ибааԥсни",- иҳәоит атурист Грег Стивенс.
Таивантәи атурист атаксии дақәыӡбоит: ақалақь агәы аҟынтәи Вернадски имҩаҿ иҟоу ацирк аҟынӡа ф-нызқьмааҭ ицәыргеит. Уаанӡа москватәи идырцәа Таганкантәи Атеатртә мҩаҟынӡа 500 мааҭ ҳәа атаксии изаԥхьахьан.
Атуристтә гәыԥқәа рзы ипроблема хаданы иҟоуп автобус иахьақәҵша аҭыԥқәа.
"Зны –зынла шьапыла верск ицалатәуп. Иаҳҳәап, Васильевсктәи албаарҭаҟынтәи Кремльнӡа. Уи ашьҭахьгьы шьапыла акыр иныҟәалатәуп. Атуристцәа рыбжьара имаҷҩым зықәра неихьоу", - лҳәоит Елена Бреус.
Ашәарҭара ыҟам
Аекскурсиамҩаԥгаҩцәагьы атуристцәагьы лассы-лассы амҩақәа раркра уи иахҟьаны апрограммақәа реиҭакра иақәыӡбоит. Австралиа атәылауаҩ Тана Симпсон иазгәалҭеит амҩадуқәеи ауаажәларратә ҭыԥқәеи рҟны шәарҭак шыҟам.
"Зехьынџьара аполициа ыҟоуп. Акы уацәшәартә иҟам", - лҳәоит лара.
Ус шакәугьы Гонконгтәи атуристка ақалақь агәҭа лҭел рӡеит.
Москва акрыфарачаратә лшарақәа шамахамзар атуристцәа иргәаԥхоит.
"Афатә аиҳарак аҩнытә еиԥшуп. ЕАА иудыргало фастфудқәа роуп. Аурыс чыс акыр ибарақьаҭуп, афҩы лаҳалаҳауеит" - лҳәоит Рене.
Атәымтәылауаа акыр иргәаԥхоит аџьармыкьқәагьы.
"Зеԥш уҭаху акәацлых, ауҭраҭых, аԥсыӡ ааухәар улшоит. Хәыԥсалагьы иулшо алухуеит. Сгәы иаанагон аурыс чыс ласуп ҳәа аха еилаԥсоу рацәоуп" - лҳәоит Тана Симпсон.
Лара иазгәалҭеит Москва уадаҩрак шаҵам италиатәи, иапониатәи ачыс аԥшаара.
Аекскурсиамҩаԥгаҩ-аиҭагаҩ Виачеслав Тельминов игәалаиршәоит атуристцәа рхатә чыс гәхьааганы ианиҳәо шыҟоу.
Узхәыԥшыша еиҿурԥшыша рацәоуп
"Москвеи Италиеи шеидҳәалаз аабеит. Кремль, Атеатр ду уҳәа ирацәоуп ҳџьынџьуаа ирырҿиамҭоу аҭыԥқәа. Ажәлақәа: Фьораванти, Солари, Џьиларди анҳаҳауаз агәахәара ҳауан", - иҳәоит Антонио Томасини.
Иара иԥшәмаԥҳәыс Иллариа Каппони Москватәи ауахәамақәа византиатәи рархитектура дыхнахит.
Атуристцәа ргәы назмыгӡо ракәны иҟоуп нҵәара змам агәаранқәа.
Иџьоушьаргьы, ирацәаҩуп Арбат згәамԥхаз. Никольскаиа амҩаду еиҳа ргәы иахәеит. ЕАА аҟынтәи атурист Москватәи азоопарк "адунеитә класс иаҵанакуеит" ҳәа ахиҳәааит. Иаргьы иҩызцәа ирабжьигеит Аиааира амузеи иаҭаар шеиӷьу Арбат абара раамҭа ақәдырӡыр аасҭа.
Аекскурсиамҩаԥгаҩ-аиҭагаҩ Оксана Муштанова еиҭалҳәоит атуристцәа реиҳараҩык Москва еиқәылашьца иҟоу қалақьк аабоит ҳәа ишазыԥшу, арахь зегь еилаџьџьоит, зегь еилаарцыруеит.