АҞӘА, жәабран 7 - Sputnik. Урыстәылатәи амчрақәа ргәы иҭоуп иахьынӡалшо аҳәаанырцә тәылауаа рзы Урыстәыла атәылауаҩра аиура армариара. Азакәан апроект нашьҭуп Аҳәынҭқарратә Думахь ҳәа аҩуеит "Коммерсантъ".
Урыстәыла атәылауаҩра аиуразы аҳәаанырцәаа уажәшьҭарнахыс даҽа тәылауаҩрак мап ацәыркыр акәхом. ИАР атәылақәеи аџьынџьуаа реинырреи рзы Адума аилак ахада Леонид Калашников иажәақәа рыла, азакәан аҿы иԥсаххар ҟалоит Урыстәыла атәылауаҩра аиуразы аҳәаанырцә тәылауаҩ иааиԥмырҟьаӡакәа хәышықәса Урыстәыла дынхозар ауп ҳәа иҟоу апунктгьы.
Адокумент аус адулара лассы ихыркәшахоит ҳәа "Коммерсантъ" адырра арҭеит.
"Ааԥынтәи асессиа иалагӡаны ари азҵаара ҳаӡбар ҳҭахуп, Урыстәыла атәылауаҩра зҭаху зегьы ироуртә еиԥш", - иҳәеит ҵаҟатәи апалата аиҳабы ихаҭыԥуаҩ Пиотр Толстои.
Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:
-
Аҳәаанырцәтәи атәылауаҩра змам ртәанчахәы ашәагаа шьақәдыргылеит
-
Аԥсны ААР аҟны еиҭарҳәеит атәылауаҩшәҟә ҿыц амамзаара иацу апроблемақәа