Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Смыр атәыла ахада иалхразы азакәан ариашарақәа алагаларазы: иахьоуп ианаҭаху

© SputnikСергей Смыр
Сергей Смыр - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Атәыла ахада иалхрақәа рзы азакәан ианаамҭоу ирыдыркылар ахәҭоуп, ҳәа игәаанагара арадио Sputnik аҟны иҳәеит ААУ азиндырратә факультет адекан, азинтә ҭҵаарадыррақәа ркандидат, адоцент Сергеи Смыр.
Смыр атәыла ахада иалхразы азакәан ариашарақәа алагаларазы: иахьоуп ианаҭаху

Жәабран 6 рзы Жәлар реизара аилатәараан, актәи аԥхьараан адепутатцәа мап ацәыркит ареспублика ахада иалхразы Аконституциатә закәан ариашарақәа ҩ-вариантк.

"Азинҭҵааҩцәа зегьы иаҳҭахуп убас, азакәанқәа анрыдыркыло ашьҭахь хәыҷык аамҭа ҳамазарц уи аԥхьара, аилкаара, ауаа рҿынӡа анагара, аҽазыҟаҵара. Ацентртә алхратә комиссиа аҿаԥхьа иахьа иқәгыло азҵаарақәа рҭак ирмоуа рацәоуп. Ицәгьамызт убарҭ алхрақәа ҟалаанӡа иахәаԥшны, ма ҳақәшаҳаҭуп ҳәа ҳәаны азакәан аҿы инаргаратәы, ма мап ацәыркыр. Алхрақәа ҩымш-хымш шыбжьоу азакәан аҿы арҽеирақәа рыҟаҵара шҽеим зегьы еилаҳкаауеит. Убри азы, абри аамҭа иҟоу, ашәҟәы аҭагалара аҟынӡа, излауала урҭ азҵаарақәа инахәаԥшны џьара ԥсыхәак азыруроуп, ма ирҳәароуп ҳакьысӡом азакәан. Азакәан уԥсахуеит, аха нас анагӡара цәгьахоит. Ариашарақәа иахьазоуп ианаҭаху. Алхрақәа рышьҭахь урҭ, баша ишьҭазаауаама? Иҟоуп азҵаарақәа рацәаны, аха 18, 19, 20 ахәҭаҷқәа аус рыдулатәуп избанзар, ҩыџьа ианаԥхьо агәаанагарақәа хԥа ҟамларцаз", - ҳәа иҳәеит Смыр.

Инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩы арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

  • Апарламент аҿы ирыдрымкылеит атәыла ахада иалхразы азакәан ахь ариашарақәа
  • Кәарҷиа еиҭеиҳәеит "Аԥсны ахада иалхразы" азакәан адепутатцәа иахьазы ишазыҟоу

Ажәабжьқәа зегьы
0