Амааҭгьы анефҭ ахә еиԥш икаҳаит ахәаахәҭратә биржақәа рҟны

© Sputnik / Роман Галкин / Амедиаҵәахырҭахь аиасраИнвестиционная компания "Антанта-Капитал"
Инвестиционная компания Антанта-Капитал - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аныҳәамшқәа раԥхьа анефҭ ахә 30% рыла икаҳаит. Амааҭ адоллар иаҿырԥшны иахьатәи ахәаахәҭрақәа рҿы 3,6 мааҭ еиҵахеит.

АҞӘА, хәажәкыра 10 – Sputnik. ЕАА адоллари еврои Москватәи абиржаҿ аныҳәамшқәа рышьҭахь рыхә халеит.

"Уаҵәы" азыԥхьагәаҭаны адоллар акурс 3,6 мааҭ иазҳаит, ишьақәнартәоит 72,2 мааҭ; евро акурс - на 4,4 мааҭ иазҳаит, ишьақәнартәоит 81,9 мааҭ ҳәа аанацҳауеит РИА Новости. шьыжьнаҵы даоллар 72,99 мааҭ иаԥсан, евро - 85 мааҭ.

Аҵыхәтәан адоллар 72 иаԥсахахьан 2016 шықәса хәажәкырамзазы, евро 85 мааҭ, иара убри ашықәс жәабранмзазы.

Урыстәылатәи абиржақәа рҿы рыхәԥса каҳаит анефҭи агази реилахәырақәа. Москватәи абиржаҿ асааҭ 10:27 рзы амааҭтә индекс 7,5% икаҳаит 2514 пункт рҟынӡа, адоллартә индекс РТС — 12,6%, 1100 пункт рҟынӡа.

"Роснефть" акциақәа 14% рцәыӡит, "Газпром" — 9,9%, "Лукойл" — 13,4%. Аҵәахырҭатә банк ақьаадқәа 9,3% рыхәԥса леит, ВТБ –7,3%.

Аныҳәамшқәа раԥхьа анефҭ 30% рыла икаҳаит ОПЕК+ атәылақәа реилаӡара ахышәа-ҵышәа анырзышьақәмыргыла ашьҭахь. Убри аан адоллари еврои ркурс 75 мааҭи 86 мааҭи ихалеит амааҭ аганахьала.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0