Ашьапылампыл азы Испаниа ачемпионат аанкылоуп коронавирус ацәшәаразы

© Sputnik / Рамиль Ситдиков / Амедиаҵәахырҭахь аиасраМяч чемпионата мира по футболу 2018
Мяч чемпионата мира по футболу 2018 - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Уаанӡа, коронавирус ацәшәараҟынтә NBA, амҵәышәмпыл азы Евролигеи Еврокубоки рчемпионат аԥыхын.

АҞӘА, хәажәкыра 13- Sputnik. Ашьапылампыл азы Испаниа ачемпионат аанкылоуп макьаназ ҩ-турк рыла ҳәа аанацҳауеит атурнир асаит.

Мадридтәи аклуб "Реал" ахәмарыҩцәа руаӡәк хәажәкыра 12 рзы коронавирус идырбалеит. Ашьапылампылтәи амҵәышәмпылтәи клубқәа "Реал" рыхәмарыҩцәа ҩымчыбжьа акарантин рымоуп.

"Иҟоу аҭагылазаашьа инамаданы акарантин алагалатәуп. Ахыркәшаратә ӡбра ахәмаррақәа рзы имҩаԥгахоит уи аамҭа анцалак ашьҭахь", - аҳәоит адырраҭараҿы.

Хәажәкыра 11 рзы Агәабзиарахьчараз адунеизегьтәи аиҿкаара (ВОЗ) иазханаҵеит коронавирус адунеиаҿ алаҵәара пандемиа аҟазшьа шьҭнахит ҳәа.

Пандемиа ҳәа иашьҭоуп тәылак ма атәылақәа жәпакы зымҽхазкыз аепидемиа.

Рабочие, носящие дезинфицирующее средство с защитным покрытием, помогают предотвратить распространение коронавируса COVID-19 в международном аэропорту Кимпхо в Сеуле 10 марта 2020 года. - Южная Корея, одна из наиболее пострадавших стран от эпидемии коронавируса за пределами Китая, в марте 10 сообщили о менее чем 150 новых случаях впервые за две недели. Рост числа инфекций составил 7513 человек - Sputnik Аҧсны
ВОЗ коронавирус иадҳәало аҭагылазаашьа пандемиоуп ҳәа ахырҳәааит

Аԥсны уахи-ҽни аусура мҩаԥнагоит иҷыдоу аҭелтә еимадара, акоронавирустә инфекциа азҵаарақәа ирызкны.

Дарбанзаалак изҭаху ианиҭаху аҭел дасыр ҟалоит абарҭ аномерқәа рыла: 7 840 226 44 52; +7 840 226 49 55 - акоронавирус иазку азҵаарақәа рҭак иоурц.

Аԥсны Агәабзиарахьчара аминистрра акоронавирус иаҿагыланы ақәԥаразы жәларбжьаратәи аиҿкаарақәа Адунеизегьтәи агәабзиарахьчаратә еиҿкаара (ВОЗ), Еиду амилаҭқәа реиҿкаара, Евроеидгыла рахь ацхыраара иаҳәахьеит.

Урыстәыла Агәабзиарахьчара аминистрреи Роспотребнадзори Аԥсны аҳәаа иахьаԥну асанитар-карантинтә ҭыԥқәа рырӷәӷәара иацхраауеит.

Урыстәылеи Аԥсни рҳәааҿы иара убасгьы иаԥҵахоит асанитар-карантинтә ҭыԥ. Егры аҳәаала аус зуа аҳақьымцәа рыбригада аусурагьы рыӷәӷәахоит.

Ареспубликаҿы иаԥҵахоит авирус здырбалаз рзы акарантин ахьеиҿкаахо амедицинатә усҳәарҭақәа. Уи адагьы аамҭалатәи авирустә инфекциа зыхьуа рзгьы иаԥҵахоит акарантин, урҭ рҭаара ԥкхоит.

Хәажәкыра 11 рзы Аԥсны ахада инапынҵақәа назыгӡо Валери Бганба адҵа ҟаиҵеит Аԥсни Қырҭтәылеи рҳәаа 2020 шықәс ахәажәкыра 14 инаркны иаркызарц.

ВОЗ адыррақәа рыла коронавирус иахҟьаны иԥсхьеит 4291-ҩык. Зынӡа иара рыхьхьеит 118-ҩык. Авирус ашьҭа рбеит 114 тәыла рҿы.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0