Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Маланиаԥҳа: адоллар ахә ашьҭыҵреи Аԥсны акоронавирус аҟамзаареи заанаҵтәы аҿаҵа ианыԥшит

© Sputnik / Томас ТхайцукЕлизавета Малания
Елизавета Малания - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Атурфирма "Аԥсуа-тур" аиҳабы Елизавета Маланиаԥҳа арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы еиҭалҳәеит адоллар ахә ашьҭыҵра Аԥсны аԥсшьараамҭа ишаныԥшуа атәы.
Маланиаԥҳа еиҭалҳәеит адоллар ахә ашьҭыҵра атурбизнес ишаныԥшуа атәы

"Адоллар ахә ашьҭыҵра макьана алацәажәара заацәоуп ҳәа сгәы иаанагоит, уи ахы шымҩаԥнаго ҳаздырым, иахьа ахә дууп, уаҵәы иагхар алшоит, аха уажәы ишыҟоу еиԥш инхар, сгәы ианаагоит егьырҭ атәылақәа рахь ицар зҭаху ԥыҭҩык аԥсшьаҩцәа ҳара ҳахь рҿынархап ҳәа, избанзар уахь иаҳа аԥсшьара ахә шьҭыҵуеит амааҭ ахә алеира иахҟьаны", - азгәалҭеит Маланиаԥҳа.  

Рафаэль Бебия - Sputnik Аҧсны
Арадио
Бениа иааиуа аԥсшьаратә аамҭазы: акоронавирус ԥхасҭак ҳнамҭар, ҳабзиахон

Атурфирма аиҳабы илҳәеит акоронавирус Аԥсны аҟамзаареи адоллар ахә ашьҭыҵреи иалҵшәаны ҳтәылаҿы зыԥшьараамҭа зхызгар зҭаху рҟнытә азыҳәарақәа шырацәахаз. 

"Заа аҿаҵатәы рыхәқәа ртәы уҳәозар, иҟалоит зыхә шьҭызхуагьы, зыхә нзыжьуагьы, уи атурфирмақәеи аԥсшьаҩцәа ирыбжьарҵо аиқәшаҳаҭра иаҿырԥшны еиԥш. Анхарҭа ҭыԥ ахә адагьы аныҟәарақәа, атрансфер, афатә уҳәа, егьырҭ атәылақәа рҿы еиԥш адоллар ахә ашьҭыҵра ҳара ҳҿгьы анырра анаҭоит. Хәажәкыра мза заанаҵтәы аҿаҵара иаамҭоуп аҟнытә уажәы ари аҭагылазаашьагьы ҳара иаҳзыманшәалоуп. Хымш ҵуеит ҳара ҳахь хыԥхьаӡара рацәала аԥсшьаҩцәа асуеижьҭеи, иазҵаауеит рыԥсшьараамҭа Аԥсны ирхыргартә еиԥш аҭагылазаашьа зеиԥшроу атәы, уи зыхҟьаз ҳәа сгәы иаанаго адоллар ахә ашьҭыҵреи акоронавирус Аԥсны иахьыҟами ауп", - ҳәа азгәалҭеит Маланиаԥҳа.   

Инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩы арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы.      

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0