36-ҩык Гагра араион аҵеицәа Марттәи ажәылараан иҭахеит

© Foto / Саида ЖибаАрымарахьтә арыӷьарахь Рафик Бениа, ивагылоуп Витали Канџьариа, Зурик Ӡаӡба
Арымарахьтә арыӷьарахь Рафик Бениа, ивагылоуп Витали Канџьариа, Зурик Ӡаӡба - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра аҭоурых уаналацәажәо, угәы ҭызшьаауа хҭысны угәалашәараҿы иааиуеит Марттәи ажәылара. Знык аҳҭнықалақь аҟынӡа ҳнаӡандаз ҳәа ихәыцуаз, згәы меиҭасуаз арԥарацәа рхаҿгьы ирзаагомызт уахыки-ҽнаки рыла ахлымӡаах иалаԥшуеит ҳәа.

Sputnik, Саида Жьиԥҳа

1993 шықәса, март 15 ауха иҟаҵаз адҵа инақәыршәаны, аԥсуа еибашьцәа Гәымсҭа аӡиас ирны аӷа хәымга ихырӷәӷәарҭақәа ԥыхханы, аҳҭнықалақь иалаларц рҽазыршәеит. Аха алшарақәа еиҟарамхеит. Ақырҭуа мпыҵахалаҩцәа бџьарлеи, џьаԥҳанылеи, ари рыла акырӡа ҳаибашьцәа ираԥыргон. Аҵыхәтәантәи рымчқәа еизыҳәҳәаны ҳаҷкәынцәа иҭадырхаз ҟалеит, аха рганахь ацхыраара ианаамҭаз ианзыҟамла акырцх еиԥш иааиуаз ақырҭуа ихымца аҽацәыхьчара уадаҩхеит. Шьҭахьҟа изырыз ырит, егьырҭ рыԥсы шҭаз, аԥсцәа ирылакны рнапқәеи ршьапқәеи аҭиграф ала иҿаҳәаны Аҟәа ареспубликатә хәшәтәырҭа авара уаҩ ила ишамбацыз еиԥш гыгшәыграла иржит.

Гәымсҭа аӡиас ҳаибашьцәа аныруаз - Sputnik Аҧсны
Ахлымӡаах иалаԥшыз: Марттәи ажәылараан иҭахаз рыԥсыбаҩ ыҵызхуаз ргәалашәарақәа

Марттәи ажәылара акомандаҟаҵаҩцәеи аибашьцәеи ианакәызаалак алацәажәара рҭахӡам. Иахьа уажәраанӡагьы аилибамкаара зцу аԥсуа ар ирықәымҿиаз ажәылара игха дуны, ихьаа бааԥсны аҭоурых иазынхоит.

Ари ахҭыс ҭаацәацыԥхьаӡа ргәы кылнажәеит. Иара убасгьы аӷа иахь еиҳагьы ацәымӷшьареи, ашьоуреи арҿиеит.

Есышықәса март 15-16 рзы иҭахази хабарда ибжьаӡызи ргәалашәаразы Аԥсны раионцԥхьаӡа Ахьӡ-аԥша абаҟақәа рҿаԥхьа ашәҭ шьҭаҵара мҩаԥысуеит. Иахьа гаграагьы алахьеиқәратә мшы рхы аладырхәит. Аибашьра аветеранцәеи, иҭахаз рҭаацәеи, араион ахадареи, анаплакқәеи аусбарҭақәеи рхаҭарнакцәеи, ашколхәыҷқәеи, ауаажәларреи ашәҭшьыҵәрақәа шьҭарҵеит абаҟа иамҵахырхәеит.

Гагратәи арратә комиссариат асиақәа рыла, Марттәи ажәылараан иҭахеит 36-ҩык араион иалҵыз аибашьцәа. Урҭ рахьтә, ианҭаха ашьҭахь Аԥсны Афырхаҵа ҳәа ахьӡ ҳаракқәа зыхҵоу ыҟоуп, убас Леон иорден акавалерцәа, "Агәымшәаразы" амедалқәа занашьоу Бзыԥҭа аҳаблантәи 27-ҩык аибашьцәа арҭ амш еиқәаҵәа раан аӷа ихымца рыԥсҭазаара ҿахнаҵәеит.

Сурманиӡе Марттәи ажәыларазы: алҵшәа ахьыҟамлаз агәкажьра ҳнамҭаӡеит>>

43 шықәса зхыҵуаз, ԥшьык ахшара раб Рафик Шамил-иԥа Бениа игәабзиара шыуашәшәыразгьы ажәылара далахәын. Рафик аҵыхәтәаны аҩны иҟазаареи Марттәи ажәылареи мышқәак роуп ирыбжьахаз. Уи иахьагьы ибзианы игәалашәоит усҟан жәышықәса зхыҵуаз иԥа Беслан.

Мемориальные доски погибшим в Мартовском наступлении Руслану Шинкуба, Джамбулу Зарандия, добровольцу из Сирии Джаркасу Гасану и добровольцам из Кабардино-Балкарии Аслану Ажгериеву и Валерию Берхамову. - Sputnik Аҧсны
Марттәи ажәылараан иҭахаз Валери Берҳам хатәгәаԥхарала еибашьуаз зегьы дреиҵбын

"Саб иӡбахә анысҳәо, раԥхьаӡа схаҿы иааиуа иареи сареи ҳирамш ауп. Сара март ааба рзы сиит, иара - жәаба рзы. Убри аҟнытә еснагь еицазгәаҳҭон арыцхә жәаба рзы. 1993 шықәса, март 11 рзы саби иҩызцәа гәыԥҩыки Бзыԥҭаҟа рҭаацәа рахь иааит рҽеиҭаркырц, маҷк рыԥсы ршьарц. Дара ирдыруан иаарласны Аҟәа агаразы ажәылара шымҩаԥгахоз, аха амш алкааны иарбаӡамызт аҟнытә шьҭахьҟа ацара иахыццакуан. Есышықәса гәырӷьарала иазгәаҳҭоз ҳирамшгьы аԥшшәы ахымкәа, гьамада имҩасит. Саб ашҭа данҭыҵуаз сани, сандуи "угәабзиара уашәшәыроуп, аӡәгьы гәыбӷан уиҭом, умцан" ҳәа иҿын. Аха иара ибжьы рықәымчны, "аҳәса ишәусым" ҳәа раҭеикит. Сара сахь дааԥшын: "Усҭ, ари ашәарыцаратә ҳәызбоуп, саанӡа аӡәгьы иумҭан", - иҳәан, аҵыхәтәантәи аҳамҭа насиркит", - игәалашәоит аԥа.

Рафик Бениа иан Зинаҭ Жьиԥҳа лыҷкәын ашҭа данҭыҵ, цәалашәарак лымазшәа лгәы дыҵхон. Даҽа ҽнак еиԥшымкәа дуазыруа аҩны дыҩнан.

Аԥсуа ар ирықәымҿиаз ажәылара ашьҭахь еилкаахеит хыԥхьаӡара рацәала аԥсҭбара шыҟалаз. Усҟан Рафик иԥсыбаҩ иҭаацәа ирмоуӡеит. Хабарда дыбжьаӡит ҳәа дшыԥхьаӡазгьы, аҵыхәтәанынӡа агәыӷра рыман иԥсы ҭоуп ҳәа.

"Саби иҩыза Заур Ӡаӡбеи акраамҭа ирышьҭан саб иашьа гәакьа Лиутики, Заур иашьа Динарики. Зурик иԥсыбаҩ былны ирбеит ҩнык аҟны, саб иӡбахә еилкаамхеит", - иажәабжь иациҵоит Беслан.

Ветеран ОВНА Анзор Ажиба - Sputnik Аҧсны
Анзор Ажьиба: Марттәи ажәылараан Аҟәа ҳаиқәшәоит ҳәа еиқәҿаҳҭуан

Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра анеилга аамз рышьҭахь, Аҟәа ареспбуликатә хәшәтәырҭа авара ижыз ақырҭцәа итҟәаны иргаз ҳаибашьцәа анышә реиҭамадаразы азин аныҟала ауп ианышьақәыргылаха Рафик дара дышрылаз. Аԥсыҵхра иалахәыз иаҳәшьа гәакьа Аза лоуп имаҭәеи, ихцәы рҳәи рыла дыздырыз.

"Шықәсқәак раԥхьа саб иҩызцәа сиабадырдырит Вова Кәакәасқьыр захьӡыз аибашьра аветеран. Марттәи ажәылараан саби иареи еицызаарын. Агәыԥ иалаз быжьҩык рахьтә иара заҵәык иакәзаап зыԥсы ҭаны иҟоу. "Гәыбӷан сыумҭан уаб илымкаа адунеи сахьықәу" аниҳәа даара сгәы ирԥшааит", - еиҭеиҳәоит Беслан Бениа.

Данҭаха ашьҭахь "Агәымшәаразы" амедал занашьаз Рафик Шамил-иԥа Бениа ахшара рацәа шимазгьы ихы ԥхьаимкит. Иԥсадгьыл аҿаԥхьа ԥсыцқьарыла иуалԥшьа наигӡеит. Заб иҟнытә ажәа хәахәак ззымдыруа ахәыҷқәа иӡбахә лаӷырӡыда изалацәажәом. Ран Еҭери Ҳалуашьԥҳа лакәзар ҩынтәны рҿаԥҳьа аҭакԥхықәра лыдлеит, лхы-лыԥсы рзылкит. Раб ишьа зхьыршу аԥсадгьыл змырԥхашьо, ԥхьаҟа еихазҳауа ҵеицәаны илааӡеит.

Марттәи ажәылара иаӡрыжәыз ҳаибашьцәа шықәсыбжак ала рԥышәа еизырҳаны наӡаӡа Аԥсны аӷа иалцара рылшеит.

Ажәабжьқәа зегьы
0