Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Ԥачлиа еиҭеиҳәеит атәылаҿы аҭагылазаашьа ҷыда аналагалоу аиқәырхаҩцәа русура шыҟоу

© Foto / предоставлено Мурманом ПачулияМурман Пачулия
Мурман Пачулия - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Ачымазара ҿкы иаҿагыланы ақәԥаразы ауснагӡатәқәа рхы шрыладырхәуа атәы арадио Sputnik аефир аҟны еиҭеиҳәеит Аҭагылазаашьа ҷыдақәа рминистрра Очамчыра араион абылраҽацәыхьчара-аиқәырхаратә хәҭа аиҳабы Мурман Ԥачлиа.

Аҳәынҭқарра ахада инапынҵақәа назыгӡо Валери Бганба иусԥҟала адунеи аҟны зымхҽак зырҭбаауа ачымазара ҿкы аҿагыларазы Аԥсны аҭагылазаашьа ҷыда алагалоуп хәажәкыра 28 инаркны мшаԥы 20-нӡа.

Раионк аԥстазаараҟынтә: Ԥачлиа Очамчыратәи аиқәырхаҩцәа русура атәы

"Иахьаҭаху адезинфекциа аҟаҵараҟны ҳацхыраауеит, ус еиԥш ахәышәтәырҭаҟны имҩаԥаагеит. Аҟәантәи ҳаиқәдыршәеит иаҭаху ала, Асанитартә–епидемиологиатә станциа аусзуҩцәеи ҳареи ҳаицхырааны имҩаԥаагоит уи. Ацхырааҩцәа рыла х-сменак еиқәшәоуп, аҷаԥшьарақәа мҩаԥызго, егьырҭ аусзуҩцәа иахьатәи аамҭазы иоужьуп, ус аказы иаҭахны иааҳмыԥхьозар, аҩны иҟоуп.

Абылрақәа ракәзар, рхыԥхьаӡара акыр имаҷуп, ааԥын аԥхьа ишыҟаз еиԥш иҟам. Мчыбжьык аҟара ҵуеит ауалафахәы ҳауижьҭеи, аҷкәынцәа ааицәажәан, иахьатәи аҭагылазаашьа гәаҭаны, ацхыраара зҭаху рзы ҳәа еилаԥсаны афатәқәа аахәаны ирзаҳшеит 30 ҭаацәара", - иҳәеит Ԥачлиа.

Шәазыӡырҩы аудио. Иаҳа инеиҵыху анҵамҭа шәаҳар шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҟны.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0