АҞӘА, лаҵара 18 - Sputnik. Уаҩ дзыҩнамыз аҩнеихагыла амца акит Станционнаиа амҩаҿы ҳәа аанацҳауеит Аԥсны АҶА апресс-маҵзура.
Амца ирласны аҽеимҽханакит аҩны аҭыӡқәеи ахыби ҟауарла иахьеибыҭаз иахҟьаны.
Амцарцәарахь инашьҭын амцарцәаратә гәыԥқәа хԥеи аиқәырхаратә гәыԥки, урҭ рыбзоурала амца иаарласны ирцәан.
Апресс-маҵзура адыррала аҩбатәи аихагылеи ахыби блит, аӡәгьы ԥырхага имоуит.
Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:
- Хра злоу ахҭысқәа: Саҭбеи Гындиа Аԥсны амцакра иазкны