Аԥсуаа рҿахәҳәаҩы, ахақәиҭра азықәԥаҩ: Мирод Гәажәба игәалашәаразы

© Foto / Screenshot: архиф АГТРКМирод Гожба
Мирод Гожба - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсуа жәлар рхақәиҭра азықәԥаҩ, Аԥсадгьыл ахьчаҩ, ҳмилаҭ рҿахәҳәаҩы, ҳҭоурых аӡыргаҩ Мирод Самԥал-иԥа Гәажәба диижьҭеи 85 шықәса ҵит. Игәалашәара лаша аҳаҭыр азы ҳрыҿцәажәеит Мирод Гәажәба ҷыдала дыздыруаз, изааигәаз Фениа Аҩӡԥҳаи Гәыгәыца Џьыкырԥҳаи.

Сырма Ашәԥҳа, Sputnik

Аԥсуа қыҭа иааӡаз, аԥсуа ҭаацәа ирылҵыз, аԥсуа жәлар ирҿахәҳәаҩыз, зыуаажәлари зыԥсадгьыли рыхьчаразы зхы иамеигӡаз, Леон иорден занашьоу Мирод Самԥал-иԥа Гәажәба зыхшыҩ ҟәыӷаз, зажәеи зуси еимадаз уаҩы аамысҭашәан. Диит Гәдоуҭа араион Хәаԥ ақыҭан, лаҵарамза 18, 1935 шықәса рзы. Иуаҩыбжара дшырҭысхьазгьы, иабџьар икын, иҳақәлаз ҳаӷацәа дырҿагылан. Идыруан Аԥсны аԥсуаа рыда аӡәгьы даԥшәыманы дҟалар шыҟамлоз. Гәыҵхас иман жәытәаахыс ҳажәлар ирхыргаз агәаҟрақәа, аҭоурых ирыхҭнагахьаз аџьамыӷәа цәгьа. Иара дшыҳәыҷыз иаб ддырӡхьан, уи амш Мирод Самԥал-иԥа игәалашәараҿы ишынхаз атәы дазааҭгылоит Гәыгәыца Џьыкырԥҳа.

Арымарахь итәоу - Ӡаӡу Ҳаҳәыбиа - Sputnik Аҧсны
Ҭамара Жәанԥҳа: ҳхәыҷра лахьеиқәҵарала имҩасит

"Иаб ишьҭаланы ианаа, дхәыҷын, ԥшьбаҟа шықәса ракәын ихыҵуаз. Акәтаӷь жәны иаарган, ацәа аахыхны ифоит ҳәа дшаҿыз афаха имҭакәа дыргеит. Мирод иаб Самԥал иакәзар, еицырдыруаз уаҩын, Кьаразаа дрылан. Убри нахыс Мирод акәтаӷь агьама ибаӡомызт, ифаӡомызт. 37-тәи ашықәс данахцәажәоз убасҟак игәаҵанӡа инаганы еиҭеиҳәон убарҭ ахҭысқәа, аԥсадгьыл ахь имаз абзиабарагьы иаб иҟынтә, иабду иҟынтә ишааубаратәы", - ҳәа азгәалҭоит Гәыгәыца Џьыкырԥҳа.

Мирод Гәажәба иара ихатә ҟазшьа аҷыдарақәа иман, иаартны ацәажәара бзиа ибон, иҩызцәа пату рықәиҵон, дламысын, дҵаулан. Рқәыԥшра ашықәсқәа инадыркны ҷыдала еизааигәаз, аԥсуа жәлар рмилаҭ ахақәиҭразы еснагь иқәԥоз, ианаҭахха аамҭазгьы бџьаршьҭыхла зыԥсадгьыл ахьчара иазгылаз Леон иорден занашьоу Фениа Аҩӡԥҳаи Мирод Гәажәбеи рылша акыр ирацәоуп ҳҭоурых аҿы. Реиҩызара инаҷыдангьы, еиуацәан, иара ианду д-Аҩӡԥҳан. Мирод Гәажәба ихаҭара дазааҭгылауа, Фениа Аҩӡԥҳа иазгәалҭоит:

Борис Пачулия - Sputnik Аҧсны
Аӡы уӡааигаларгьы, умбааӡаӡакәа уалигон: Гәарамиа Борис (Дед) Ԥачлиа изы

"Ақыҭараҟынтә данауааз пырпылрыԥхрак, ма џьыкаҵәаҵәак, мамзаргьы ҟәыдк уҳәа ҳхәы иманы даауан Валиа Лакобагьы саргьы. Еснагь арҭмаҟ хәыҷык иҟәаҟәа икыдын, уатка хәыҷыкгьы ацын. Иара иеиҳагьы иԥшәмаԥҳәыс лакәын зегь ҟазҵоз. Иара хаҵаҵас дындәылҵны дцон, ажәлар дрылан, ацәажәарақәа бзиа ибон, ауаа ҟәышқәа рзыӡырҩрра бзиа ибон, уамашәа дуаҩы разын, дуаҩ дуун, дуаҩ бзиан. Аҟәаҟа данаауаз ана аӡәы диацәажәон, ара аӡәы диацәажәон, ианиқәыхәлалак, акырынтә аҩныҟагьы даазгахьан, ҳара ҳҿы дыԥхьон", - ҳәа лгәалашәарақәа нхацлыркит Фениа Аҩӡԥҳа.

Мирод Гәажәба ҵара дук шимамызгьы, ашәҟәқәа рыԥхьара, ажәлар рҿаԥыцтә рҿиамҭақәа реизгара бзиа ибон, абиблиотека ду иман аҩны. Усҟантәи аамҭазы иҭаауаз астудентцәагьы рацәаҩын. Мирод Гәажәба ишәҟәқәа акымкәа, ҩбамкәа иҭыҵхьеит 37-тәи ашықәсқәа ирыхҳәааны ииҩхьаз, ихаҭагьы ажәабжьқәа иҩуан. Гәыгәыца Џьыкырԥҳа излазгәалҭо ала, еизарак аҟны дықәгылозаргьы, иаб ихигаз атәы аҵыхәтәан акәын ианиҳәоз, зегь раԥхьа дыззааҭгылоз иаб икәша-мыкәша иҟаз ауаа рҭоурыхқәа ракәын, урҭ рыԥсҭазаарақәа аԥсадгьыл аиқәырхара, аиҵыҵра ишазкыз акәын.

"Ҳара ҳхаан Владимир Платон-иԥа Анқәаб икружок аҟны днеиган, ҳаиирдырит. Ауниверситет саналгагьы лассы-лассы ҳаиҭаауан, Алина Ачба, Екатерина Бебиа, сара иара иҿы аанкылара ҳцалон. Аиааира ду 40 шықәса анахыҵуаз, Очамчыра араион ақыҭақәа зегьы еизганы Ԥақәашь ақыҭа аиԥылара ҟаҳҵон. Мирод Самԥал-иԥа убра далахәын, аизараҿы дықәгылеит. Ажәлар ирымаз аиҿцаара, аибабара дахцәажәо ус азгәеиҭеит: "Ҳаԥсуа жәлар ҭаацәакны иҟанаҵы аӡәгьы даҳкьысӡом. 37-тәи ашықәсқәа раан иҳахьыз анаҩс, ҳаилымкаарақәа ирыхҟьаны даара иаҳныԥшқәаз ыҟоуп", - ҳәа иажәахә аахиркәшеит. Екатеринеи иареи еицәажәаны ҳара ҳраион аҿгьы иазгәарҭон Аиааира ду 40 шықәса ахыҵра", - лҳәеит Џьыкырԥҳа.

Аԥсуа хаҵа, еснагь зхатә гәаанагара змаз, аҳәатәи аҳәашьеи иақәшәоз, ҳажәлар реидкылара, реизааигәатәра дашьҭан. Дызлагоз аус аҵыхәтәанӡа инаигӡон, ихы-иԥсы ахҭниҵон.

© Foto / предоставлено Гугуцей ДжикирбаМирод Гәажәба
Аԥсуаа рҿахәҳәаҩы, ахақәиҭра азықәԥаҩ: Мирод Гәажәба игәалашәаразы - Sputnik Аҧсны
Мирод Гәажәба

"Гәыблыла даҳзыҟан, ҩнуҵҟала дбылуан ақырҭқәа ҳхаԥаны ианыҟаз. Усҟан сҭыԥ ахьыҟаз ақалақь агәаҟны акәын, хеидкыларҭас иҳаман, ашәҟәыҩҩцәа, асахьаҭыхыҩцәа, астудентцәа уҳәа зегьы убраҟа еизон. Ҳаштәоу акәымкәа, Мирод иахь ақыҭарахь ацара анааҳҭаххоз, ԥарак ааилаԥсаны, амашьына абылтәы нҭаҭәаны иҩныҟа ҳамҩахыҵуан, уа ҳаԥхьон. Ауаҩы игәы анмаҷу, уназацәажәаша дануҭаххо аамҭазы иара даҳгәалашәон, дуаҩы ҵабыргын", - ҳәа азгәалҭоит Фениа Аҩӡԥҳа.

© Foto / предоставлено Гугуцей ДжикирбаМирод Гәажәбеи, иԥшәма Нелли Кәакәасқьериаԥҳаи, рԥа Хәажәарԥыси
Аԥсуаа рҿахәҳәаҩы, ахақәиҭра азықәԥаҩ: Мирод Гәажәба игәалашәаразы - Sputnik Аҧсны
Мирод Гәажәбеи, иԥшәма Нелли Кәакәасқьериаԥҳаи, рԥа Хәажәарԥыси

Мирод Гәажәба аԥсуара лымкаала дазнеиуан, ихшарагьы ирылаиааӡон. Иԥшәмаԥҳәыс Нелли Кәакәасқьериа лакәзар, ԥсаҭа шкәакәа, аиҵбыратәи аклассқәа рҿы рҵаҩыс аус луан. Ҟазшьала акыр дҟәымшәышәын, агәамҵра захьӡыз лыламызт, рыҩнаҭа иаҭаауаз асасцәа еснагь гәыблыла иныҟәылгон. Мирод Гәажәба аибашьра иалахәхарагьы игәаҵаҟынтә иаауаз ԥсҭазааран. Ижәлар рзы аибашьра, ижәлар рҿахәы аҳәара иарбан аамҭазалакгьы илиршон иара.

© Foto / предоставлено Гугуцей ДжикирбаМирод Гәажәба Ҭырқәтәыла ҳдиаспора рԥылараан
Аԥсуаа рҿахәҳәаҩы, ахақәиҭра азықәԥаҩ: Мирод Гәажәба игәалашәаразы - Sputnik Аҧсны
Мирод Гәажәба Ҭырқәтәыла ҳдиаспора рԥылараан

"Ус ҳшааиуаз, Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра ҳаиднакылт. Иареи сареи аибашьра ҳцеит ҳаицны, Гиви Смыр ибатолион ҳалахәын. Ус ҳшыҟаз, ҽнак "Владислав Арӡынба иҟны шәмааир ҟалаӡом шәҩыџьагьы" ҳәа ҳзаарыцҳаит, Гагра ахы ианақәиҭыртәыз ашьҭахь акәын. Ҳаззиҭахыз ҳзымдыруа ҳцеит, ианаҳҭахыз ҳнеиртә еиԥш ҳамҩа ааиртхьан Владислав рыцҳа, иԥсы сакәыхшоуп. Ҳахьнеиз, ус ҳаиҳәеит: "Рушьбеи Смыр, Мирод Гәажәба, бара Ҭырқәтәылаҟа шәсышьҭуеит, шәцароуп", - ҳәа. Арахь аибашьра агәҭа ҳалагылоуп, Аҟәа гам, Шрома гам, Каман гам. "Гагра ҭадырцәит, иахьынхаша-иахьынҵыша ыҟоуп, шәца, апропаганда ҟаҵаны Аԥсныҟа рхы дырхарц рашәҳәа, аԥсуаа рымацара ракәымкәа, Кавказаагьы", - ҳәа ҳаиҳәеит", - лхәыцрақәа ҳацеиҩылшон Фениа Аҩӡԥҳа.

© Foto / предоставлено Феней АвидзбаВладислав Арӡынба аибашьраан Мирод Гәажәбеи, Фениа Аҩӡԥҳаи, Рушьбеи Смыри Ҭырқәтәылаҟа ҳдиаспораа рԥыларазы ианишьҭыз
Аԥсуаа рҿахәҳәаҩы, ахақәиҭра азықәԥаҩ: Мирод Гәажәба игәалашәаразы - Sputnik Аҧсны
Владислав Арӡынба аибашьраан Мирод Гәажәбеи, Фениа Аҩӡԥҳаи, Рушьбеи Смыри Ҭырқәтәылаҟа ҳдиаспораа рԥыларазы ианишьҭыз

Абасала, Владислав Арӡынба идҵала, абарҭ ахҩык, иара убас Ҭырқәтәылантәи иааны еибашьуаз Музафер Ҷокәуеи Тәанба ҷкәынаки рыцны, Ҭырқәтәылаҟа ицеит. Ирфан Аргәын напхгара зиҭоз ахеилак аҟны ирыдыркылеит, рныҟәарақәа шахәҭаз еиԥш ирзеиҿыркааит. Мызкы Ҭырқәтәыла рыҟазаара атәы гәыблыла илгәалалыршәоит Фениа Аҩӡԥҳа.

Амшыннырцә иҟоу ҳашьцәа ахҵәара иазку рхәыцрақәа ҳацеиҩыршеит>>

© Foto / предоставлено Феней АвидзбаҬырқәтәылаҟа иахьцаз урҭ ирыцын ҳџьынџьуаҩ Музафер Ҷокәуеи даҽа Тәанба ҷкәынаки
Аԥсуаа рҿахәҳәаҩы, ахақәиҭра азықәԥаҩ: Мирод Гәажәба игәалашәаразы - Sputnik Аҧсны
Ҭырқәтәылаҟа иахьцаз урҭ ирыцын ҳџьынџьуаҩ Музафер Ҷокәуеи даҽа Тәанба ҷкәынаки

"Урҭ амшқәа ирылагӡаны шаҟа ҳныҟәаз Ҭырқәтәыла инхо убарҭ адгьылқәа рҟны имнеицзар ҟалап, даара ибзианы ҳрыдыркылеит. Мирод аԥсылманра дазааигәан, аџьаамахьы ианцоз дрыцны дцон, аԥсыуа маҭәала деилаҳәан, ихылԥарчы, изиацкьқәа уҳәа. Ҳаԥсы ҳдыршьарц автобус ҳанааҭыҵлак, иџьашьаны ихәаԥшуан Мирод. "Бара, банаџьалбеит, сахьнеилак, ахәыҷқәа сыкәшаны сыркуеит", - ҳәа дыччо иааҳаиҳәон. Алафҳәара илан, убас ауаҩы дизааигәан. Ҳус нагӡаны ҳанаа, Владислав изеиҭаҳҳәеит иаҳбаз-иҳаҳаз, аҭагылазаашьа шыуадаҩызгьы, аӷбақәа бжьеиҵеит хәыда-ԥсада иаазгоз. Аӷьеҩҳәа иаауеит ҳәа Арӡынба дшырзыԥшыз акәымзаргьы, иаақәаз аӡәык-ҩыџьак ҟалеит, ҳныҟәарақәа алҵшәа рымамызт узҳәом", - ҳәа азгәалҭоит Фениа Аҩӡԥҳа.

© Foto / предоставлено Гугуцей ДжикирбаМирод Гәажәба аԥсыуа маҭәала деилаҳәан Ҭырқәтәыла иҟанаҵ, уамашәа дбаны зпатреҭқәа ицҭызхуазгьы рацәаҩын
Аԥсуаа рҿахәҳәаҩы, ахақәиҭра азықәԥаҩ: Мирод Гәажәба игәалашәаразы - Sputnik Аҧсны
Мирод Гәажәба аԥсыуа маҭәала деилаҳәан Ҭырқәтәыла иҟанаҵ, уамашәа дбаны зпатреҭқәа ицҭызхуазгьы рацәаҩын

"Дуаҩ хатәран, дуаҩы аамысҭашәан, ицәажәара, ихәыцра, идунеихәаԥшра уҳәа зегь рыла. Иара иаамҭазтәи абыргцәа рацәаҩны ианысҵахьан, санрызхәыцуа, зегь раԥхьа иара ихаҿсахьа сыбла ихгылоит. Еснагь аиашазы иқәԥоз, аиаша зҳәоз иакәын. Иара араион аҟны еиҿкааны иман "Ажәлар рҿаԥыцтә ҳәамҭақәа иҭамбаӡо ӡыхьуп" ҳәа аиԥыларақәа. Убраҟа еизигон аҭаҳмадацәа, ажәлар рҿаԥыцтә ҳәамҭақәа зҳәоз. Убарҭ рызнеишьа, ихымҩаԥгара, иуаҩра, иаамсҭашәара, идунеихәаԥшышьа акыр иџьашьатәын. 80 инарзынаԥшуа ифотосахьақәа рцәыргақәҵа ҟаҳҵон амузеи аҟны, иҩымҭақәагьы ацҵаны, аха иҟоу аҭагылазаашьа иахҟьаны иаанкылоуп, аԥхьаҟа гәҭакыс иҳамоуп аиҿкаара", - лҳәеит Гәыгәыца Џьыкырԥҳа.

"Ԥшьҩык ахшара драбын Мирод, хҩык аҭыԥҳацәеи арԥыси имоуп. Рыхьӡқәа ракәзар, уамашәа иҟаз иԥшаауан, аӡәы Гәашьа лыхьӡитәит, егьи - Мралаша, аиҵбы - Аԥшьа, иҷкәын иакәзар - Хәажәарԥыс, убас ажәытәтәи ахьӡқәа риҭон. Ашәҟәқәа дырмыԥхьоз, убрантә иааигон. Ажәытәи аҿатәи еиԥгаланы инхоз уаҩын, дхатәран, дыгәхьааҳгоит, аха иҳамчузеи, досу иара ихатә аџьал имоуп", - лҳәеит Аҩӡԥҳа.

Аибашьратә мҩа еицанысыз Мирод Гәажәбеи Фениа Аҩӡԥҳаи ҩнуҵҟала ирымаз адоуҳамч рымчқәа ҩбанатәуан, агәаӷьра рыланаҵон. Аибашьра ашәара шацызгьы, Мирод Гәажәба алаф шиҳәац иҳәон, иҩызцәа ргәы шьҭихуан.

"Иныҵакны ашәак анаацәыраҳгозгьы ыҟан иареи сареи, нас иҳацдырӷызуан. Жәохә мшы ҳәа аԥсшьара анҳарҭалоз ыҟан. Иара дааныжьны сара аҩныҟа сылбааит. Ҽнак Гәдоуҭа сахьлеиз, сыԥшын аҷкәынцәа нцәыҵагыло-аацәыҵагыло избеит. Санразҵаа, исарҳәеит уаха Аҟәа ажәылара ишцоз, Миродгьы уа дыҟан. Хәаԥтәык иҩыза дҭахеит, данҭаха дыҩны иара ишҟа иҿанынеиха, уи дызшьызгьы аснаипер иоуп, акаскагьы ихан аха иамыхәеит, ихыҵәҟьа иарбаны диеихсит, иҭахарагьы уи акәхеит. Иара даныршь адырҩаҽны сара сырхәит. Мзиа Беиаԥҳаи сареи ҳаицын, ацҳа ҳанықәс, Витиа Тәанба игәыԥ ҳалашәан, ус ҳашиашаз арахь ҳаихеит, Мирод ҩахьхьи абаталион аҿы дынхеит, иара уа дагьыршьит", - лҳәеит лгәи лылаӷырӡи еилаҵәо Фениа Аҩӡԥҳа.

© Foto / Предоставлено Октаем ЧкотуаЛеон иорден занашьоу Мирод Гәажәбеи Аԥсны ахьчаразы Ҭырқәтәылантәи иааз ҳџьынџьуаҩ Леон иорден занашьоу Биргиуль Чуазԥҳаи
Аԥсуаа рҿахәҳәаҩы, ахақәиҭра азықәԥаҩ: Мирод Гәажәба игәалашәаразы - Sputnik Аҧсны
Леон иорден занашьоу Мирод Гәажәбеи Аԥсны ахьчаразы Ҭырқәтәылантәи иааз ҳџьынџьуаҩ Леон иорден занашьоу Биргиуль Чуазԥҳаи

Ауаҩы гәыҭбаа, ауаҩ гәыраз, аԥсуа чеиџьыка змаз, зхәы еиҩшаны зҩызцәа ирҿазҵоз, зыԥсадгьыл аԥеиԥш лаша зхьааз, уи зхы ахҭнызҵаз Мирод Самԥал-иԥа Гәажәба игәалашәара лаша наунагӡа ҳажәлар ргәаҿы иаанхоит.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0