Акарантин иахҟьеит: аҟәатәи аҿкчымазаратә хәышәтәырҭа амедусзуҩцәа агхеит

© Sputnik / Томас ТхайцукМедицина
Медицина - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Лаҵара 15 рзы Аҟәатәи аҿкчымазаратә хәышәтәырҭахь инеиит акоронавирус здырбалаз хҩык апациентцәа. Урҭ ирныруаз амедусзуҩцәа акарантин ахь инашьҭуп.

COVID-19 змаз арахь ирааишьахаз, урҭ уа изныруаз, аҟәатәи аҿкчымазаратә хәышәтәырҭа амедусзуҩцәа рыбжаҩык загхаз уҳәа арадио Sputnik аҿы далацәажәеит ахәышәтәырҭа аҳақьым хада Мадина Быҭәԥҳа.

Sputnik

Аҟәатәи аҿкчымазаратә хәышәтәырҭа персоналда инхеит ҳәа уҳәар ауеит. Лаҵара 15 рзы арахь дааит ашоура ҳарак змаз, уаанӡа ақалақьтә хәышәтәырҭаҿ иҟаз апациент.

"Иара уаанӡа ақалақьтә хәышәтәырҭахь днеиит ашоура иманы. Уаҟа аҿкчымазаартә ҳақьым иабжьгара аҭахуп ҳәа иарҳәеит, COVID-19 азы атест ҟаҵатәуп ҳәагьы нацҵаны. Ашоура змоу зегьы COVID-19 азгьы анализқәа ҟарҵароуп. Ачымазаҩ алабораториахь днеины анализқәа риҭеит. Абри ашьҭахь ауп ҳара ҳахь данааи", - ҳәа еиҭалҳәоит аҳақьым.

Гәдоуҭа асанҳақьым: амедицина акгьы алшом, ауаа аҽыԥхьакра арежим иқәымныҟәалар - Sputnik Аҧсны
Гәдоуҭа асанҳақьым: амедицина акгьы алшом, ауаа аҽыԥхьакра арежим иқәымныҟәалар

Хара имгакәа еилкаахеит ахаҵа иԥҳәыси иԥҳаи ааигәа Шәачантәи ишыхынҳәыз.

Ани аԥҳаи акгьы ианхьаауамызт, ахаҵа иоуп мышқәак зшоура халаз. Аҳақьым хада ишылҳәо ала, иара акомпиутертә томографиа ҟаиҵар иҭаххеит.

"Уи иашоуп. Ауаҩы ишоура анымтәо КТ ҟаҵатәуп. Аха ахаҵа икапан 100 кьылак иеиҳан. Ус анакәха КТ узыҟаҵом. КТ ацынхәрас арентген ҟаҳҵеит. Иԥҳәыси иԥҳаи КТ ҟарҵеит", – лҳәоит Быҭәԥҳа.

Адырҩаҽны аҭаацәа ҳазнеиит. Арентгени КТи рҭыхымҭақәа ирыхәаԥшыз аҳақьым агәызҩара иоуит ани аԥҳаи COVID-19 рымоуп ҳәа.

"COVID-19 чымазцәа гәазҭо абригада ҷыда аҳақьым иԥхьан. Аҭаацәара апалата ҷыдаҿ ишьҭаҵан анализқәа рҭак ҟалаанӡа", - лҳәоит аҳақьым.

Акоронавирус рыхҩык ишрымаз шьақәырӷәӷәахеит. Аҳақьымцәа COVID чымазцәа гәазҭо абригада ҷыда иаԥхьеит, апациентцәа Гәдоуҭатәи ахәышәәтырҭахь иргеит. Абри ашьҭахь дара ирнырыз амедицинатә усзуҩцәа зегьы "Аиҭар" ахь инашьҭуп.

Мадина Быҭәԥҳа лажәақәа рыла, ахәышәтәырҭаҿ уаанӡагьы аҳақьымцәа разымхара ыҟан, уажәы хәҩык аҳақьымцәа акарантин ахь ианынашьҭу - уи акыр иуныруеит.

"Ахәышәтәырҭа аус ауеит. Аха ауадаҩрақәа ыҟоуп. Иахьазы ахәышәтәырҭаҿы аӡәгьы дышьҭам. Ҳара зегь ҳадаҳкылоит. Игәаҳҭоит. Ачымазцәа ахьырацәам азы ҳаиааип ҳәа сыҟоуп аҭагылазаашьа. Ауаа рацәахаргьы аҳақьымцәа адгылара ҳарҭашт", - лҳәоит лара.

"Аиҭар" иҟоу аҳақьымцәа ргәабзиаратә ҭагылазаашьа маншәалоуп, аӡәгьы ашоура имам.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0