АҞӘА, рашәара 4 - Sputnik. Краснодартәи атәылаҿацә аҿы 72% акоронавирус змоу ргәы бзиаханы ахәышәтәырҭаҟынтәи илырҩааит ҳәа аанацҳауеит атәылаҿацә ахадара апресс-маҵзура.
"Иахьатәи аамҭазы зынӡа ичмазаҩхахьеит 4148 –ҩык. 3006 пациент ргәы бзиахеит, урҭ рҟынтәи 89-ҩык аҵыхәтәантәи уахи-ҽни рзы. Апандемиа ааҟалазар 40-ҩык ԥсхьеит", - ҳәа аҳәоит адырраҿы.
Рашәара 4 аҟынӡа ахәышәтәырҭақәа рахь COVID-19 амазаара агәаҭаразы 10405-ҩык неиит, 946-ҩык хәыҷқәоуп. Аҭыԥ аҿы амедицинатә хылаԥшра роуеит 12463-ҩык.
Аобсерваторқәа ирҭоуп 3458-ҩык. Зынӡа аобсервациа иахысхьеит 9128-ҩык, урҭ рҟынтәи 60-ҩык акоронавирус рыман.
Адунеи зегь аҿы авирус рыдбалоуп 6 миллионҩык, Урыстәыла – 400 000-ҩык иреиҳаны.
Аԥсны COVID-19 ахҭысқәа 35 азгәаҭоуп, 27-ҩык ргәы бзиахеит, аӡәы дыԥсит.
Акоронавирус иадҳәалоу ажәабжьқәа зегьы шәрыԥхьар ҟалоит абра>>